Error message

Notice: Undefined index: #attached in metatag_hreflang_metatag_metatags_view_alter() (line 79 of /var/www/fondapsny.org/data/www/fondapsny.org/sites/all/modules/metatag/metatag_hreflang/metatag_hreflang.module).

Ахҭысқәа

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҩышықәса ахыҵит.  Ари арыцхә инамаданы, афонд 2016 шықәсазтәи аусура аихшьаала ҟанаҵеит. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны еснагьтәи апроектқәа рхыҧхьаӡара иацлеит ааба рҟынӡа. Ҳарҭ, афонд аусзуцәа зегьы, иара убас уи ацхыраара азҭо ари амш ныҳәа рыдаҳныҳәалоит!

Агәыҳалалратә ҟазшьа  змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳтәылаҿы инхо  зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы апроектқәа аус руеит.  Уи рхы аладырхәит Германиа инхо ҳџьынџьуаагьы. Арҭ амшқәа рзы Аҧсныҟа дара иаарҭиит амаҭәақәа. Урҭ рзеихшахоит аҭаацәарақәа. 

Embedded thumbnail for  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апресс-конференциа мҩаҧнагеит

Иахьа,  Иван Папасқьыр ихьӡ зху Аҟәатәи амилаҭтә библиотекаҿы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала имҩаҧысит ажурналистцәа злахәыз апаресс-конференциа.   Уи азкын афонд шықәсыктәи аусура аихшьаала ажурналистцәа реилыркаара. Апресс конференциа ааиртит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» амассатә информациатә хархәагақәеи ауаажәларреи реимадара ахеилак анапхгаҩы Гәрам Амқәаб. Уи ажәа ииҭеит афонд ахада Сенер Гогәуа.

Ажьарныҳәа 12 инаркны 16-нӡа  «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ахада Сенер Гогәу напхгара ззиуаз Аҧснытәи аделегациа Иорданиа иҟан. Аделегациа иалахәын: Аҧсны аекономика аминистрра  иатәу  аҳәынҭқарратә инвестициатә  маҵзура адиректор Алмас Ҭаниа,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала Ҭырқәтәылатәи   ахаҭарнак  Џьенгиз Ашәба, афонд аусзуҩ Жанна Леиҧҳа, аусдкылаҩцәа  Витали Смыр,  Дмитри Аргәын, Беслан  Џьапуа, ауаажәларратә палата  алахәыла Низам Ҳаҧаҭ. 

Арҭ амшқәа рзы Иорданиа иҟаз Аҧснытәи аделегациа аҭааит Кавказтәи адиаспора аҵаҩцәа аҵара ахьырҵо  апринц Хамза ихьӡ зху  ачерқьес школ. Акыр шықәса ари ашкол ахәыҷкәа ахьырааӡоз, аҵара ддырҵарц рҽахьазыршәоз ҭыҧын. Ас еиҧш  Иорданиатәи апринц Хамза иан ианылба, илыӡбеит аҭагылазаашьа бзи рзаҧылҵарц аҵаҩцәеи, ааӡаҩцәеи, арҵаҩцәеи. Убри аҟынтә аҳкәажә иаҧшьылгеит ахыбра ҿыц лыргыларц, анаҩс  уи официалла бжьаратә ҵараиурҭаны иҟалеит. Ахыбра  анаадыртуаз амш аҽны, аҳкәажә ҿыц ииз лысаби Хамза длыманы дааит, аҳәарагьы ҟалҵеит апринц хәыҷы ихьӡ ахырҵарц.

Имеем честь представить Вам краткую информацию об Абхазии — Государстве с 1200-летней историей.

Ажьарныҳәа 14  рзы имҩаҧысит Аҧснытәи аделегациеи апринц Али  бин аль-Хәссеини реиҧылара. Апринц Али,  ибжа черқьес хылҵшьҭроуп.  Иара,  Кавказ аҭоурых  акультура акыр дазҿлымҳауп.

«Сара даара сгәы иахәеит  Аҧснынтә асасцәа дуқәа ҳтәыла иахьаҭааз. Ҳара шьак  ҳаиднакылоит.  Аҭоурых ду змоу жәларуп. Ҳазнысхьоу амҩа ҳхамыршҭкәа, уаҵәтәи амш ҳазхәыцуазароуп. Акультура амч ӷәӷәа амоуп. Амилаҭқәа уи ахырхарҭала реигәныҩра алҵшәа аанагоит»-ҳәа азгәеиҭеит апринц  Али  бин аль-Хәссеин Аҧснытәи аделегациа данырҧылоз.

​Иорданиа имҩаҧысуаз алхрақәа инарықәыршәаны, ачерқьесқәа рцентр еиҳабыс далхуп Зухди Џьамбачыҟәа.  Иорданиа,  Хашимиттәи акралра иаҭааз Сенер Гогәуа Хадара ззиуаз Аҧснытәи аделегациа русура аҳәаақәа ирҭагӡаны  рхы аладырхәит ачерқьесцәа рцентр аиҳабы иалхра иазкыз аусмҩаҧгатәқәа.

Ажьарныҳәамзазы имҩаҧысыз алхрақәа рышҟа иааит Амман ақалақь аҟынтә еиҧш, Иорданиа егьырҭ араионқәа рҟынтә ачерқьес диаспора.  Маӡалатәи абжьыҭира инақәыршәаны, ачерқьесцәа рцентр аиҳабыс далхын Зухди Џьамбачыҟәа.

​Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиеи, «Аҧсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи акультура-усуратә центр» ахада Олег Барцыци аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан Аҧсны акультуреи аекономикеи рхырхарҭала аҧхьаҟатәи аусеицура азҵаарақәа, иара убас аҳәаанырцә инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа реигәныҩра, реимадара ишьҭнахуа ауснагӡатәқәа.

Иорданиантә аинвестициатә рхеилак

Арҭ амшқәа рзы, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа напхгара зиҭоз Аҧснытәи аделегациа Иорданиа, Хашимиттәи акралра иаҭааит.  Уи  аилазаараҟны иҟан: Аҧсны аекономика аминистрра аҟны иҟоу аҳәынҭқарратә инвестициатә  маҵзура адиректор Алмас Ҭаниа,  афонд аусзуҩ Жанна Леиҧҳа, афонд ахьӡала Ҭырқәтәыла иҟоу ахаҭарнак  Џьенгиз Ашәба, аусдкылаҩцәа  Витали Смыр,  Дмитри Аргәын, Беслан  Џьапуа, ауаажәларратә палата  алахәыла Низам Ҳаҧаҭ. Аҧхьатәи амш азы имҩаҧысит аекономикатә хырхарҭа змаз аиҧыларақәа, иара убас аҧсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәа злахәыз аизара.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахықәкы хадақәа ируакуп аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара, ҳусеицура аҳәаақәа рымҽхак арҭбаара. Убри азгәаҭаны, Ҭырқәтәыла, афонд ахьӡала хаҭарнакс дҟаҵоуп   ҳџьынџьуаҩ Џьенгиз Ашәба.

Џьенгиз Ашәба,  аамҭаказы напхгара аиҭон  Ҭырқәтәыла еиҿкаау Аҧсуа хеидкылақәа рфедерациа. Илша рацәоуп, зыҧсадгьыл иаҟәыгоу ҳауаажәлар рџьынџь дгьыл радыҧхьалара аус ауҿы, Аҧсни аҧсуа жәлари еснагь рыгәҭа дгылоуп, илаҧш ҳәаа акыр ахара инаӡоит.

Ҳарҭ, адунеи иқәынхо ауаатәыҩса реиҧш, ҳаршанхеит Сҭампыл иҟалаз атеракт. Рыҧсҭазаара агеит 39-ҩык ауааҧсыра. Ҳара агәра ҳгоит ацәгьоура еиҿызкааз шыҧшаахо, рықәнагагьы ишақәыршәахо.Ҭырқәтәыла ауаажәларреи иҭахаз рҭаацәеи гәалсра дула ҳрыдышшылоит, ҳрыцгәырҩоит.
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны"

Иахьа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" иҭнажьуа ажурнал "Аҧсынтәыла сара стәыла аӡыргара". Уи аҧшьнагеит Аҧсуа литература акафедреи, ажурналистика аҟәшеи. Аиҧылара рхы аладырхәит астудентцәа, арҵаҩцәа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа. Аиҧылара аартуа, Аҧсуа литература акафедра аиҳабы Диана Аџьынџьалҧҳа дырзааҭгылеит ажурнал адаҟьақәа ирнылаз анҵамҭақәа, урҭ акыр рыхә ҳаракны илшьеит, илҳәеит ҳҭоурых иаҿахәҳәаганы ишыҟоу. Иара убас , иазгәалҭеит афонд имҩаҧнаго хырхарҭа рацәала аус зыднауло апректқәа ртәы. 

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» , Ашықәс Ҿыц аламҭалазы, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа аҳамҭақәа рызнархиеит. Ашәырақәа ҩычоуп ахаамыхаақәа рыла. Урҭ зынӡа 400 цыра ыҟоуп. Аҧсны араионқәа зегьи рҟны аус зуа ареабилитациатә центрқәа урҭ еихшаны ирыҭоуп. Афонд ҷыдала иазнеиуеит ахәыҷқәа ргәабзиарахьчара иазку азҵаара, имаҷым уи ахырхарҭала инанагӡо аусмҩаҧгатәқәа, аҧхьаҟагьы гәҭакқәас иамоу.

Иахьа, Аҟәатәи асахьаҭыхратә школ «Аинар» имҩаҧысит ахәыҷқәа ирызку ашәҟәы «Иразу аҭоурыхқәа» аӡыргара. Ашәҟәы иаанарҧшуеит ацқьацәа рыҧсҭазаара, уи хаҭәаауп асахьаҭыхратә школ аҵаҩцәа рҭыхымҭақәа рыла.

Ашәҟәы аҩаӡара даара иҳаракуп, ахәыҷқәа рзеиҧш, аҭаацәа рзгьы даара иҳамҭа бзиоуп. «Ацқьацәа рҭоурых, рыҧсҭазааратә хҭысқәа дара рыбзазара хаҭәааны иаанарҧшуеит. Рыҧсҭазаара ҧшьахь агәашәқәа аадыртуеит, агәыӷра рымоуп аҧхьаҩцәа қәыҧшцәа рзы аинтерес ду аҵалап…» - ҳәа азгәаҭоуп ашәҟәы аҧхьажәаҿы.

“Ҳара даара ҳаршанхеит гәымбылџьбарыла Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟаз Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ  Андреи Геннади-иҧа Карлов иҭархара. Ари аҩыза агыгшәыгтә хымҩаҧгара ақәнага иақәыршәатәуп,  ас еиҧш ацәгьоура мҩақәызҵаз ахара идҵатәуп.

Ибзианы иубарҭоуп, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟаз Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ ипрофессионализми, ихымҩаҧгареи ирыбзоураны, аурыс-аҭырқәатә еизыҟазаашьа аиҭашьақәгылара ишаҿыз, аха аҩҳәынҭқаррак рыбжьара аидыслара интересс измаз  уи ҧынгыла рнаҭон.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго, ахшара рацәа змоу, змазара хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа ирызку апроект «Аҧеиҧш» аус ауан иахьа, Аҟәа ақалақь. Алашарбага аҳаблаҿы инхо Гәыралиа Малхази, Қаџьаиаҧҳа Анжелеи фҩык ахшара рааӡоит. Урҭ рахьтә иҟоуп ашкол ахь иныҟәо, дыҟоуп зынӡа ааигәа ииз асабигьы. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Гәыралиаа рҭаацәа аҳамҭақәа рыманы ирҭааит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Адырра ҿыц» аҳәаақәа ирҭагӡаны, афинанстә цхыраара азыҟаҵан Аҟәа ақалақь абжьаратә школ №8. Апроектор аахәаразы иазоужьын 50 нызқь мааҭ аҧара. 

Ишәыдаагалоит ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» аҩбатәи аҭыжьымҭа аелектронтә версиа. Иаарласны ҳара ҳсаит аҿы икьыҧхьхоит ажурнал еиднакыло анҵамҭақәа урысшәала, ҭырқәшәала, англыз, араб бызшәақәа рыла.

Иахьа, Аҟәа араион иаҵанакуа абжьартә  школ аҵаҩцәа, есымза знык, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго  апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, 10-ҩык ашкол аҵаҩцәа шәҵатәылеи, ашкол маҭәахәқәеи рыла  еиқәнаршәеит. Хәыҷыцыҧхьаӡа ихҭынҵоуп 8000 мааҭ аҧара. Мызкы ари апроект иартәоит 80нызқь мааҭ.

Аҭаацәеи, ахәыҷқәеи рзы хымҧада ари аус агәахәа рызҭо цхыраагӡоуп.  Дара ҭабуп ҳәа рарҳәоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусузцәа иаадырҧшуа ахаҵагылареи, азҿлымҳареи рзы.

Апроект «Агәыразра» аус ауеит есымза.

​Адаҧазар иҟоу  аҧсуаа рхеидкыла  аҭаххара инақәыршәаны, Аҧсны аҵараеи аҭҵаарадырреи рминистрра ақәшаҳаҭхарала, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахарџьала,  Ҭырқәтәыла,  аҧсуа бызшәа дырҵаразы  ддәықәҵоуп Аза Шамҧҳа. Аҵаратә процесс мҩаҧысуеит ҧхынҷкәынмза акы инаркны, мшаҧымза акынӡа.

Аза Шамҧҳа, шықәсқәак раҧхьа, Ҭырқәтәыла, Ҵабалаа ирхылҵшьҭроу аҧсуаа ахьынхо Енегиоль ақалақь аҿы,  аҧсуа бызшәа дырҵаразы дышьҭын. Усҟан лара даара қәҿиарала лхы аалырҧшит. Агәра ҳгоит, Аза Лиосик-иҧҳа, илыду аҭакҧхықәра шыналыгӡо,  лырҵаҩратә ҧышәа алҵшәа шаиуа.  Мҩамш!

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аматериалтә цхыраара анаҭеит Галтәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр. Уи ақәхарџьхоит аремонттә усурақәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҿы  афинанстә цхыраара лнапы иаркын Галтәи ареабилитациатә центр ахаҭарнак .

Апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ацхыраара анаҭеит Очамчыратәи аҧшьбатәи абжьаратә школ.

 Апроект «Агәамч» аспорттә маҭәахәқәа рыла ашколқәа еиқәнаршәоит. Уи хықәкыс иамоуп аҵаҩцәа абаҩарҵәыра абзиабара рылааӡара, радыҧхьалара. Очамчыратәи аҧшьбатәи абжьаратә школ азы  афонд ахаҭарнакцәа ҳамҭас инаргеит ампылқәа, амҵәышәымпыл ахьҭадыршәуа амацәаз, ашьапылампылтә амбақәа, аҧкьаҭымпыл азы асеҭкақәа уҳәа хкы рацәала аспорттә маҭәахәқәа.

Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа, Сақариеи  Измиҭи ақалақьқәа рҿы иҟоу аҧсуаа рхеидкылақәа рҟынтә, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго агәыҳалалратә усуразы ацхыраара  ҟарҵеит. Ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы  урҭ иаарышьҭыз ашәҵатәы  афонд аусбарҭаҟны еихыршоит. Иаци иахьеи ирылагӡаны имаҷҩым урҭ знапаҿы изоухьоу аҭаацәарақәа. Ҳџьынџьуаа  иҟарҵаз ацхыраара гәахәала ирыдыркылеит афонд ахаҭарнакцәа реиҧш, уи ззыҟаҵаз ауааҧсыра. Ишырҳәо еиҧш: «Анапеилаҧса уаҩ дааӡоит, алабеилаҧса уаҩ дашьуеит».

Арҭ амшқәа рзы Ермантәылантәи Аҧсны иаан иҟаз аҳақьымцәа русура иацырҵеит Очамчыра ақалақь аҿы. Урҭ Очамчыреи, Гали, Тҟәарчали рраионқәа  рҟынтә згәабзиара ҧкыз ахәыҷқәа амедицинатә гәаҭарақәа ирыхрыжьит.  Аҳақьымцәа  Очамчыра мышкы аус руанаҵы ирылдыршеит 70-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа ргәаҭара. Иара убас, Аҧсны ареабилитациатә центрқәа рҟны аус зуа аҳақьымцәа алшара рыман  Ермантәылатәи аҳақьымцәа рҧышәа адкылара.  Иҟаҵаз алкаа инақәыршәаны,  даҽа 13-ҩык ахәыҷқәа рчымазара адиагноз еилкаан.  Иара убас,  ихымҧадатәиу аоперациа зҭахыз ахәыҷқәа алкаан.

​Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи ахаҭарнакцәа Асида Инаҧшьҧҳа, Роман Қапба, Мџьыҭ Гогәуа, Тҟәарчал ақалақь инхо, ахшара рацәа змоу Лагәлаа Лерики Чаабал Иринеи рҭаацәа ирҭааит. Уаҟа ирызҳауеит быжьҩык ахшар-Леуан, Леон, Гена, Еснаҭ, Лионелла, Иасмин, Аинар. Урҭ рахьтә ҧшьҩык ашкол ахь иныҟәоит, аиҵбацәа ахәыҷбаҳчахь.

Аҩнаҭа аҧшәма Лерик Лагәлаа, еснагь аус ахьиуа имам, иҧшәма ҧҳәыс лакәзар, аҩны дыҟоуп, ахәыҷқәа лааӡоит. Ас еиҧш аҭаацәара ду ахьыҟоу, ҳәарада, абзазаратә маҭәахәқәа рыгымхар алшома?

Адаҧазар, Сақариа еиҿкаау аҧсуаа рхеидкыла аҩныҵҟа иаҧҵоу  аҧсуа ҳәсақәа  реилазаара аҧшьгарала, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ацхыраара аҭоуп. Ааигәа, Ҭырқәтәылантәи афонд аусбарҭа иаҭааз   хџьынџьуаҩ  Зеррин Шамҧҳа, афонд имҩаҧнагоз агәыҳалалратә ҟазшьа змаз апроектқәа рыӡбахә анлаҳа, ажәалагала ҟалҵеит Ҭырқәтәылантәи  изларылшо ала русацхыраара шарҭо.  

Иахьа, аҵарадырратә центр «Академиа»,   Ермантәылантәи аделегациа аднакылеит. Аделегациа  хадара азиуан атуризми, асервеси, афатә ааглыхреи Еревантәи аҳәынҭқарратә коллеџь аиҳабы Артур Варданиан. Аделегациа мҩаҧигон «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа. Ацентр «Академиа» анапхгаҩы Ирина Ҷкадуаҧҳа, Ермантәылатәи асасцәа «Бзиала шәаабеит»-ҳәа раҳәо инарҭбааны ирзеиҭалҳәеит аҵара процесс шымҩаҧысуа атәы. Еревани Аҟәеи рҵаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алацәажәеит аҧхьаҟатәи русеицура иадҳәалаз азҵаатәқәа.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны», ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны, апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩынтәуп Ермантәылантәи аҳақьымцәа Аԥсныҟа ааԥхьара рырҭоиожьҭеи. Раԥхьа аҳақьымцәа Аԥсныҟа раара аналыршаха, хтәыла араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтә дара ирыдыркылеит  згәабзиара уашәшәыроу 300-ҩык ахәыҷқәа. Уи анаҩс, аҳақьымцәа имҩаԥыргаз амедицинатә гәаҭара иабзоураны, ԥшьҩык Аԥснытәи ахәыҷқәа Ермантәылаҟа аоперациа аҟаҵара идәықәҵан. Урҭ  ирыдҳәалаз ахарџьқәазегьы рхахьы иргеит «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни», акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи».

Абҵарамза 19, асабшаҽны , Аҧснытәи  ашкол хәыҷқәа  Шәача имҩаҧысуаз Салават Иулаев  ихьӡ зху ахоккеитә клуби, Шәачатәи ахоккеитә клуби рыбжьара ицоз  аицлабра иахәаҧшуан. Ахәыҷқәа ас еиҧш иҟаз агәырӷьаратә ҟазшьа змаз аныҳәа рзеиҿнакааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», ҳџьынџьуаҩ Енвер Лисини , уи иацыз ахарџьқәа зегьы иара ихахьы игеит. Енвер Лисин, Салават Иулаев ихьӡ зху ахоккеитә клуб ажәылаҩыс дыҟоуп. Аицлабра цонаҵы, аҧсуа хәыҷкәа, ахоккеитә матч аҿы ихәмаруаз Енвер Лисин изы ргәы былуан, иара идгылан. Иара ицәырҵра зегьы иацын абас еиҧш иҟаз аҿыҭбжьы: «Лисин, Лисин, Лисин».

Иахьа,  Аҟәа ақалақь аҿы имҩпаҧысит Сириатәи Ареспубликаҿы  имҩаҧысуа аибашьра аҿагылара иазкыз амитинг.  Уи рхы аладырхәит Аҧсны анапхгара, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуцәа, ашкол аҵаҩцәа, аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа. Амитинг ахь ааҧхьара рыман  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахаҭарнакцәа. Афонд ахьӡала дықәгылеит ауи  ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа:

Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны  аҵарадырреи аҭҵаарадырреи рминистрра ахантәаҩрала, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧысит раҧхьатәи аҧсуа ҵарадырратә цәыргақәҵа.

Иацы, абҵарамза 17рзы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Гиннесаа рыхьӡ зху арекордқәа рышәҟәахьы арзаҳал дәықәнаҵеит,  адунеи аҿы зегь реиҳа зхыҵуа ауаҩы ашәҟәы дҭаргаларц. Уи, жәабран мза 15, 2017 ш. рзы,  а-117-тәи зира мшы азгәазҭо, Аҧсны инхо ҳџьынџьуаҩ, Адлеиба-Думаа Нуца Константин-иҧҳа лоуп.

Иахьа, апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Галтәи ашьапылампылтә команда  « Самырзаҟан»   20 комплект инареиҳаны ашәҵатәы формақәа ҳамҭас иананашьеит. Афонд аофис иаҭааз ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» азыҟаҵаҩ, иара  убас Гал ақалақь аҿари аспорти рхеилак анапхгаҩы, насгьы ашьапылампыл асыҩцәа қәыҧшцәа,  афонд ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы уи аусзуцәа зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы, иазгәарҭеит аспорттә иааирақәа ргаразы аҽазышәарақәа  шыҟарҵо.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Тҟәарчали Гәдоуҭеи рраионқәа рҟынтә, иара убас  Ҭырқәтәылантә, Сириантә, Иорданиантә, Баҭымынтә  зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәыз  абжьаратә школқәа рҟны аҵара зҵо 100-ҩык аҵаҩцәа  ааҧхьара рыҭан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр ахь. Урҭ ирыцын арҵаҩцәеи, афонд ахьӡала араионқәа рҿы аус зуа ахаҭарнакцәеи, «Жәларбжьаратәи афонд» аусзуцәеи. Аҵаҩцәа алшара рыман Самсон Ҷанба ипиеса иалху «Амҳаџьырцәа» ала иқәыргылоу аспектакль ахәаҧшра.

Иахьа, ареспубликатә реабилитациатә центр аҟны имҩаҧысит злымҳа ибзины измаҳауа ахәыҷқәа рзы ауада аартра. Уи еиқәыршәоуп ҳаамҭазтәи атехнологиа иақәшәо амаҭәахәқәа рыла, алымҳа ашьҭыбжь бзианы иазырҳауа ахархәагақәа рыла.

Embedded thumbnail for Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба аизара мҩаҧигеит Очамчыреи, Тҟәарчали, Гали  иҟоу ареабилитациатә центрқәа реиқәырхаразы

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала иаҧҵан аусуратә гәыҧ ДЦП ачымазара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбареи, Очамчыреи, Тҟәарчали, Гали иҟоу ареабилитациатә центрқәа рыхьчареи ирызкны. Уи еҿыркааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», афонд «Ашана», агәабзиарахьчара аминистрра -Аҧсны аҳәынҭқарра ахәыҷтәы ҳақьым хада Абыхәба А.Ф. хаҭарнакра ззылуа, иара убас жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа  World Vision и UNIСEF рхаҭарнакцәа.  Иҳаҩсыз амчыбжь азы аусуратә гәыҧ ахаҭарнакцәа рхатә аҧшьгарақәа рыманы Аҧсны ахада Рауль Ҳаџьымба иҭааит.

03 Абҵ to 03 Ҧхы

«Адырра ҿыц» - «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект ҿыц.  Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, арҵаратә усбарҭақәа акомпиутертә классқәа рыла еиқәнаршәоит. Еиуеиҧшым аусбарҭақәа русура ахаҭабзиара аиӷьтәразы ихымҧадатәны иҧхьаӡоуп ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәара. Иаҳҳәозар: акомпиутерқәа, иҟәышу акласс ӷәқәа уҳәа, адунеи ҿыц адыррахь ахь уцәырызго амаҭәарқәа. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусура аамҭа иалагӡаны, акомпиутертә техникақәа рыла еиқәнаршәахьеит ашколқәа, абиблиотекақәа, араионтә администрациақәа, иара убас егьырҭ аусбарҭақәа.

Иахьа, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы имҩаҧысит, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ, Сельчуқ Сымсым авторс дызмоу, а-19-тәи, а-20-тәи ашәышықәсақәа  ирыҵаркуа  «Аҧсуаа рполитикатә ҭагылазаашьа аҭоурых»  иазку ашәҟәы аӡыргареи, ахцәажәареи. Уи рхы аладырхәит ауаажәларратә, аҳәынҭқарратә усзуцәа, аҵарауаа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа.

​Иахьа имҩаҧысит ауаажәларра-гәыҳалалратә фонд "Кьарази", "Жәларбжьаратәи афонд "Аҧсныи" рхаҭарнакцәа злахәыз аиҧылара. Арҭ аиҿкаарақәа аусеицуразы аиқәышаҳаҭра рыбжьоуп. Убри инақәыршәаны, аус адулара иаҿуп еицырзеиҧшу апроект асоциологиатә лабороториа аартразы. Анаҩс, уи ахырхарҭала аҵарадырра зауз аспециалистцәа имҩаҧыргалоит асоциалтә ҭҵаарақәа, ҳтәылаҿы иҟоу асоциал-економикатә зҵаарақәа ирызкны.

Аиҧылараҿы аҩганкгьы азааҭгылеит аҧхьаҟа инарыгӡаша аусқәа ртәы. Апроект "Асоцлабороториа" аҳәаақәа ирҭагӡаны, раҧхьатәи аҭҵаарақәа анхацдыркуа арыцхәгьы азгәаҭан.

Embedded thumbnail for Апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Гал араион

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Гал араион иаҭааит, афонд имҩаҧнаго есымзатәи апроект «Агәамч» анагӡаразы. Галтәи актәи абжьаратә школ азы, афонд ахаҭарнакцәа Симон Агрба, Роман Қапба, Есма Ҭарҧҳа, афонд ахьӡала аҵаҩцәа рзы аспорттә маҭәахәқәа рызнаргеит. Уажәшьҭарнахыс урҭ алшара рымоуп бзиа ирбо аспорттә хәмаррақәа рымҩаҧгара. Уи аҵакы азгәаҭаны, ашкол адиреқтор Манана Владимир-иҧҳа Абыхәба, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, ҭабуп ҳәа ралҳәеит афонд имҩаҧнаго, хра злоу ауснагӡатәқәа рзы. 

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭахь ааҧхьара иман, Ҭырқәтәылантәи зыҧсадгьыл аҿы инхо ҳџьынџьуаҩ Неиџьан Ацәышба. Неиџьан Ацәышба, афонд имҩаҧнаго агәыҳалалратә усқәа азгәаҭаны, хатәгәаҧхарала ихәҭаа алеигалоит. Убри азгәаҭаны, афонд ахада Сенер Гогәуа, Неиџьан Ацәышба, аҳаҭыртә шәҟәи, агәаларшәагатә ҳамҭақәеи ианеишьеит. 

Арҭ амшқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Москва ақалақь  иаҭааит Тырқәтәыла инхо аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа: Ҭырқәтәылатәи Ареспублика апарламент  адепутат Енгин Ҭаскәач-иҧа Папба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа Федерациа ахантәаҩы Аҳмеҭ  Ҳаҧаҭ.  Урҭ ааҧхьаара рыман Урыстәылатәи ателеканал «Царь-Град» аканал ахь.  Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьа иазкны аурыс журналист Андреи  Афанасиев данрыҿцәажәоз иазгәарҭеит:
 
Енгин Папба, Ҭырқәтәыла Ареспублика апарламент адепутат :

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ацхыраара рыҭоуп Қьеҭован Тарба лҭаацәа. Лара дынхоит Гал. Қьеҭован лыҧшәма,  Ҭамаз Ԥиҧиа, шықәсқәак раҧхьа длыҧхеит, лхала рааӡара даҿуп хҩык лхәыҷқәа. Лчымазара иахҟьаны, еснагьтәи аусура лымам, аамҭа-аамҭаала илырҳауа ала, лхыҷқәеи лараеи рхы ныҟәыргоит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа иаҭааит арҭ амшқәа рзы Иорданиантәи Аҧсны иаан иҟоу ҳџьынџьуаа Шамиль Архаӷа, уи иҧа  Ҳашьым Архаӷа.

Афонд ахада Сенер Гогәуа, асасцәа «Бзиала шәаабеит»-ҳәа раҳәо дазааҭгылеит афонд хырҳарҭа рацәала  имҩаҧнаго аусурақәа рхықәкы.

Предлагаем вашему вниманию информацию о "Международном Фонде Апсны"

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспублика уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ирҩыз арзаҳал инақәыршәаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ацхыраара инаҭеит хатә гәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз, Леон иорден занашьоу,  Русин Тимофеи Владимир-иҧа. Иара ихала иааӡоит хҩык ахәыҷқәа, урҭ рсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳауп.

 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  аибашьра аветеран ҳамҭас инаҭеит аӡәӡәага машьына. Уи зыршаҳаҭуа ашәҟәы, иахьа  афонд аусбарҭаҟны иара инапы иаркын. 

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа даҭааит Инал Ҳаҭхәа, Иорданиа иҟоу «Жәларбжьаратәи  Ачерқьес Культура» ахантәаҩы. Аиҧылара иалахәын иара убас, Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа Ибрагим Мырза, Линда  Џьанкаҭ.  Афонд ахада Сенер Гогәуа, асасцәа афонд аусура атәы нарҭбааны ирзеиҭеиҳәеит.

Инал Ҳаҭхәеи, Сенер Гогәуеи рылацәажәеит аҭыҧантәи, аҳәаанырцәтәи ауаажәларратә еиҿкаарақәа русеицзура амҩақәа,  ҳдиаспора ирыдҳәалоу азҵаарақәа.

Pages

Subscribe to Syndicate