Аҟәа имҩаҧысит Сириа ицо аибашьра аҿагылара иазкыз амитинг

Иахьа,  Аҟәа ақалақь аҿы имҩпаҧысит Сириатәи Ареспубликаҿы  имҩаҧысуа аибашьра аҿагылара иазкыз амитинг.  Уи рхы аладырхәит Аҧсны анапхгара, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуцәа, ашкол аҵаҩцәа, аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа. Амитинг ахь ааҧхьара рыман  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахаҭарнакцәа. Афонд ахьӡала дықәгылеит ауи  ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа:

«Сириа иҟоу аҭагылазаашьа ҳаӷацәа рзы иҿырҧшыгоуп.  Аӡәгьы изы имаӡам, «Арабтә ааҧын» ҳәа хьӡыс изауз апроцесс анҭыҵынтә ишааз. Уи иахҟьаны атәылақәа  жәпакы  рҿы  аҭынч ҧсҭазаара аҵыхәтәа ҧҵәеит, ахәҭакахьала Ливиа.

Арҭ апроцессқәа зегьы Сириа имҩаҧысуа ахҭысқәа раҧхьа иалагахьан. Ахәҭакахьала, Ирак ажәылареи амацәаз аҭакреи, Ааигәатәи Мрагылара аибашьра ҿыц алагаразы аҭагылазаашьа аҧырҵеит. Ацәҳәыраҿы  ари аус ахы аныҵнах инаркны,  Ирак миллионҩык инареиҳаны ауаа ҭахеит.

Ашиитцәеи асуннитцәеи ирыбжьоу аиӷара, арегион аҟны аҭагылазаашьа зҭышәнартәалом. Убри аҟынтә лассы-лассы иҳаҳауеит, иахьа, Ирак иҟоу ауаажәларратә террористтә еибашьра аӡбахә.

Иџьашьатәӡам, Урыстәылатәи Афедерациа, Жәларбжьаратәи азинқәа ирықәныҟәо, мраҭашәаратәи атәылақәа рҟны имҩаҧысуа ахҭысқәа рзы агәҭынчымра ахьцәырнаго.  Хшыҩҵакла уазнеиуазар, Урыстәыла Сирианӡа инеит, анҭыҵынтәи иаауа ахаос ақәхразы. Ахҵәацәа рызҵаара аганахь ала Европа зықәшәаз  Мраҭашәаратәи аполитика иалҵшәахеит.

Урыстәылатәи  Афедерациа  ахада  Владимир Путин, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ассамблеиа аҟны, мраҭашәаратәи атәылақәа рхаҭарнакцәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит: «Уажәшьҭа шәара еилышәкаауеит иҟашәҵаз, иҟашәҵазеи…?».

Иахьа, Сириа иҟоу ахаос аилыбгара ианалага, ИГИЛ ақәӡаара ианхықәгыла, Урыстәыла аусмҩаҧгатәқәа ирыбзоураны, Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла ахара адырҵо иалагеит, ацәгьоурақәа зегьы рзы гәыбӷан арҭон, дара ракәзар-Мраҭашәаратәи атәылақәа 20 ш. раахыс иаҿын. Ауаатәыҩса зегьы, зхаҿы зыхшыҩ ыҟоу, ИГИЛ иаҿагылароуп, Сириа аҭынч ҧсҭазаара иадгылароуп. Сириа камҳароуп. Амчқәа зегьы еибыҭатәуп Сириа аҭынчра аиҭашьақәыргыларазы. Мраҭашәара иахҟьаны, уаҟа иҭахахьеит 200 нызқьҩык ауаа инарзынаҧшуа, миллионҩыла ахҵәара иақәшәеит.

Ҳара ҩаҧхьа Урыстәыла имҩаҧнаго аусқәа адгылара раҳҭоит. Уи ацәгьоура иаҿагылоуп. Ҳарҭ,  егьырҭ ажәларқәа рахьгьы ааҧхьара ҟаҳцоит иаарны Урыстәыла адгылара арҭарц ИГИЛ иаҿагыланы аибашьра.

Subscribe to Syndicate