«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Гиннесаа рыхьӡ зху арекордқәа рышәҟәахьы ааҧхьар ҟанаҵеит

Иацы, абҵарамза 17рзы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Гиннесаа рыхьӡ зху арекордқәа рышәҟәахьы арзаҳал дәықәнаҵеит,  адунеи аҿы зегь реиҳа зхыҵуа ауаҩы ашәҟәы дҭаргаларц. Уи, жәабран мза 15, 2017 ш. рзы,  а-117-тәи зира мшы азгәазҭо, Аҧсны инхо ҳџьынџьуаҩ, Адлеиба-Думаа Нуца Константин-иҧҳа лоуп.

Нуца Константин-иҧҳа диит 1900 ш. рзы. Иахьа дынхоит Очамчыра араион,  Мықә ақыҭан. 116 ш. зхыҵуа Нуца Константин-иҧҳа, адунеизегьтәи аибашьрақәа ҩба, ареволиуциа, аколлективизациа, СССР ахыбгалара, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992ш.-1993ш.) дырхаануп, иара убас хыҧхьаӡара рацәала аҭоурыхтә хҭысқәа, аҧсҭазаарақәа жәпакы ирызхаша. Ҩыџьа аҭыҧҳацәа дрануп, фҩык амаҭацәеи, урҭ ирхылҵыз быжьҩыки драндууп. Изныкымкәа  Аҧснытәи АССР  Иреиҳаӡоу Асовет депутатс далырххьан, КПСС алахәылас дыҟан.

Нуца Константин-иҧҳа, аиарҭа дамоуп, аха лыхшыҩ цҳафыруеит, лыкәша-мыкәша иҟоу ахҭысқәа зегьы дрызҿлымҳауп.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» 100ш. ирҭысхьоу абыргцәа ирызкны имҩаҧнаго  апроект «Ақәранҵыра» аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Нуца Константин-иҧҳа лыӡбахә еилнакааит, лара лҟынӡагьы инаӡеит. Ари апроект, 100ш. инареиҳаны изхыҵуа абыргцәа ацхыраара рынаҭоит.  Урҭ рхыҧхьаӡара Аҧсны 20-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Subscribe to Syndicate