«Жәларбжьаратәи Афонд Аҧсныи» «Жәларбжьаратәи Ачерқьес Культура Академиеи» аиқәышаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа даҭааит Инал Ҳаҭхәа, Иорданиа иҟоу «Жәларбжьаратәи  Ачерқьес Культура» ахантәаҩы. Аиҧылара иалахәын иара убас, Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа Ибрагим Мырза, Линда  Џьанкаҭ.  Афонд ахада Сенер Гогәуа, асасцәа афонд аусура атәы нарҭбааны ирзеиҭеиҳәеит.

Инал Ҳаҭхәеи, Сенер Гогәуеи рылацәажәеит аҭыҧантәи, аҳәаанырцәтәи ауаажәларратә еиҿкаарақәа русеицзура амҩақәа,  ҳдиаспора ирыдҳәалоу азҵаарақәа.

Аиҧылара ахыркәшамҭазы, « Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахадеи» , «Жәларбжьаратәи  Ачерқьес Культура Академиа» ахантәаҩи, аусеицуразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

«Иарданиа иҟоуп еиуеиҧшым азанааҭқәа змоу, зус иазҟазоу ауаа. Урҭ ирылшоит Аҧсныҟа аара, ирылшо ала ацхыраара аҟаҵара, рыхәҭаа алагалара. Ихымҧадатәны исыҧхьаӡоит аҿар аус рыдулара, урҭ ахааназы ирхамшҭроуп ишрымоу аҭоурыхтә псадгьыл, хьӡыс ишамоу Аҧсны, мышкымзар мышкы рыҧсадгьыл иаҧшәымацәаны иҟалар шакәу»-ҳәа азгәеиҭеит Инал Ҳаҭхәа. 

Subscribe to Syndicate