Error message

Notice: Undefined index: #attached in metatag_hreflang_metatag_metatags_view_alter() (line 79 of /var/www/fondapsny.org/data/www/fondapsny.org/sites/all/modules/metatag/metatag_hreflang/metatag_hreflang.module).

Ахҭысқәа

Иахьа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи",  Ареспубликатә реабилитациатә центри, иара убас  "Дом Москвы" еицеиҿыркааит зымаха-зышьаха змыхәо ахәыҷқәа рзы ашықәсҿыцазтәи аныҳәа.
Асасцәа хәыҷқәа акыр ргәалаҟара шьҭнахит атеатралтә қәыргыламҭа. 200-ҩык инарзынаҧшуа аныҳәа зхы алазырхәыз ахәыҷқәа, Аҵаа Бабаду иҟынтә аҳамҭақәа роуит.

Ашықәс Ҿыц аламҭалазы «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ҳтәылаҿы иҟоу ахәыҷтәы реабилитациатә центрқәа ашықәсҿыцазтәи аҳамҭақәа рананашьеит.

«Ас еиԥш иҟоу акциақәа ҳара есышықәса имҩаԥаҳгоит, ахәыҷқәа ираҳҭо аҳамҭақәа иреигәырӷьоит»-иҳәеит афонд ахада Сонер Гогәуа.

Аҳамҭақәа рызшахоит ареабилитациатә центрқәеи, урҭ ирхылаԥшуеи. Ԥхынҷкәын 27рзы «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи» Ареспубликатә хәыҷтәы реабилитациатә центри еицеиҿыркаауеит аԥсаӡ ныҳәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» Ростовтәи анаплакы «Биофармеи» русеицзура иабзоураны ацхыраара рыҭан Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Галтәи рреабилитациатә центрқәа.

Ас еиҧш иҟаз ацхыраара ҟаҵан, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭахь ареабилитациатә центрқәа рҟынтә иаашьҭыз арзаҳалқәа инарықәыршәаны.

Акондинционерқәа, амассажтә столқәа, амедицинатә маҭәахәқәа, иара убас згәабзиара ҧку ахәыҷқәа рзы  арҵагатә техника, еиуеиҧшым абзазаратә маҭәахәқәа, атренажиорқәа уҳәа, ахарџь иартәоит миллион мааҭ иназынаҧшуа.

Иахьа, имҩаҧысит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуеи Аҧсны иҟоу  Урыстәылатәи ахәаахәҭратә хаҭарнак Владимир Некрасови  реиҧылара. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, иара убас аиҧылара иалахәын Мақсим Ӷәынџьиеи, Асида Инаҧшьҧҳаи.

Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Сонер Гогәуа Владимир Некрасов еилиркааит афонд аусура ахықәкы, иара убас дырзааҭгылеит зеицымҩаҧгара алшахар ҟало аҧсуа-аурыс проектқәа ртәы.

Аиҧылара мҩаҧысит  аҧхарра аҵаны, аҩганкгьы ргәаанагарақәа еимырдеит ахәаахәҭратә уснагӡатәқәа ирыҵаркуа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла.

Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭкарра асоциал-культуратә хаҧшьгаратә фонд ахы аланархәит ҳара ҳапроект «Ани амаалықьи», уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳамҭақәа рзаҳшоит ҿыц ииз ахәыҷқәа.
Пицунда ақалақь, Асоциал-культуратә хаҧшьгаратә фонд аусбарҭаҿы имҩаҧысит фымз иреиҳамкәа ахшара змоу аҭаацәарақәа аҳамҭақәа ранашьара.
Асоциал-культуратә хаҧшьгаратә фонди ҳареи ҳусеицзура иабзоураны еснагьтәи аҟазшьа аҭаны ари апроект аусура иацнаҵоит Гагратәи араион аҿы.

Апроект "Агәабзиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи" акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Ермантәылантәи  Аҧсныҟа даарыҧхьеит ортопед, иара  ДЦП ачымазара змаз хҩык ахәыҷқәа аоперациа рзыҟаиҵеит.
Аоперациа мҩаҧысуан Аҟәатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы.  Аҭыҧантәи аҳақьымцәеи ермантәылатәи аҳақьыми еицыҟарҵаз аоперациа,  хымҧада  ахәыҷқәа рзы акыр ихәарҭоуп , иара убас аусеицзура ахырхарҭала алҵшәақәа аанашьҭуеит.
"Сара иазгәасҭарц сҭахуп аҭыҧантәи аҳақьымцәа рпрофессионалтә ҩаӡара аҳаракыра"-иҳәеит ермантәылатәи аҳақьым.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахаҭарнакцәа, Агәыҳалалратә фонд «Ашана» аусуцәа риубилеи рыдырныҳәалеит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» Ахада Сонер Гогәуа ихы алаирхәит абҵарамза 12 рзы Москва имҩаԥысуаз Урыстәыла- Ҭырқәтәылатәи аусуратә форум.

Апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи» акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» еиҿыркааит Ереван ақалақь аҟынтә ахәыҷтәы ҳақьым-ортопед Аԥсныҟа иааԥхьара.  Раԥхьатәи агәаҭарақәа мҩаԥган Гудоуҭа ақалақь, ареабилитациатә центр «Асаркьал» аҟны. Раԥхьа иргыланы агәаҭарақәа ирхысит ДЦП ачымазара адиагноз змоу ахәыҷқәа.  Иара убас, адкыларахь инеит «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи», «Ашанеи» рыцхыраарала Ермантәыла аоперациа ззыҟарҵаз ахәыҷқәа, аҳақьым урҭ рылҵшәақәа дреигәырӷьеит.

Ҳаҭыр зқәу, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телехәаҧшра анапхгара, аусзуцәа!

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны»  аусбарҭаҿы имҩаԥысит ДЦП ачымазара иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәаразы аусуратә гәыԥ алахәцәа реиԥылара. Уи рхы аладырхәит Аԥсны иҟоу ареабилитациатә  центрқәа зегьы.

Ахәҭакахьала ирзааҭгылан ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭара азҵаатәқәа,  иара убас ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа рыцхырааразы  хра злоу абаза аԥҵара.

Аматериалтә уадаҩрақәа инарҷыданы, иҟоуп апроблема зыҩаӡара ҳараку атерапевтцәа рыҟамзаара аганахь алагьы. Лассы-лассы ас еиԥш ачымазара змоу ахәыҷқәа Аԥсны анҭыҵ рҽырхәышәтәуеит,  уи иацуп ахарџьқәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» имҩаԥнаго апроект  «Атехнологиа ҿыцқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр оргтехника ҳамҭас иананашьеит.

Акыр шықәса раахыс «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи» Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театри аусеицура рыбжьоуп. Атеатр ацхыраарала ҳапроектқәа ираԥхьагылоу  «Атеатри ахәыҷқәеи» қәҿиарала имҩасуеит.

 Аиԥылараҿы «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахада Сонер Гогәуа, атеатр адиректор ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аусеицзуразы, иара убас иазгәеиҭеит аԥхьаҟагьы аусуреи ацхыраареи ишазыхиоу, атеатр-ҳажәлар ркультуратә хәышҭаара хатәрақәа ируакуп.

Ҳарҭ зегьы гәалсра дула иҳадаҳкылеит Керчтәи атехникум аҿы иҟалаз атрагедиа. Акагь зхарамыз ауаа рҭархара ари хлымӡаа хцуп.

Гәалсра дула ҳрыдышшылоит иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи.

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахы аланырхәит аҿартә Арт-Фестиваль "Аҧшаҳәалп аныҟәара", уи мҩаҧысуеит И.Г.Папасқьыр ихьӡ зху   Аҧснытәи Амилаҭтә шәҟәыҧхьарҭа аиҿкаарала.
Афестиваль рхы аладырхәуеит Аҧсны ашәҟәыҧхьарҭақәеи амузеиқәеи, иара убас арҵаратә усбарҭақәеи ауаажәлрратә еиҿкаарақәеи. Астендқәа рыбзоурала аҭааҩцәа алшара рымоуп Аҧсны акультуреи, аҭоурыхи, алитературеи реилкаара.

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" имҩаҧнаго  апроект "Агәыразра" аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара рнаҭеит ахшара рацәа змоу,  Мыркула ақыҭа инхо Ҧачкориаа рҭаацәа.

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны"  гәалсрадула адышшылара ҟанаҵоит  цәыббрамза 2018ш.рзы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны  зыҧсҭазаара иалҵыз  Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа  иуацәеи иҭынхацәеи рахь.
Геннади Леонид-иҧа иҧсҭазаара зегьы ижәлари иҧсадгьыли рымаҵ аура иазикит. Иналукааша политикатэ усзуҩын, атәыла аамҭа уадаҩ ианҭагылазгьы  ипринципқәа дрыцәхьаҵуамызт.

Ҭырқәтәыла, Каисери ақалақь аҿы нанҳәа 23 инаркны 25-нӡа имҩаҧысит 50-тәи Жәларбжьаратәи афестиваль.  Уи азкын аҧсуа-дыгатә еилазаара ари арегион аҿы иаҧҵоижьҭеи амш ныҳәа азгәаҭара.
Ас еиҧш иҟаз акультуратә ҧсҭазаараҿы аҳра руан ацәыргақәҵақәа,  аконцерт. Хәсааҭк ицоз аконцерт рхы аладырхәит Аҧснынтә, Урыстәылантә ашәаҳәацәа, уи еиднакылеит 50 000-нызқьҩык ауаа. "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни" ҳџьынџьуаҩ Мансур Ашәанбеи ирыбзоураны, афестиваль аҿы аҧсышәала ашәа иҳәеит Ерик Миқаиа, ахәаҧшцәа рыбзиабарагьы даҧсахеит.

Цэыббрамза 2 рзы  "Жэларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа рхы аладырхәит агәыҳалалратә акциа "Абзиараз аҧхын, мамзаргьы акарпыжәтә фреш". Уи еиҿнакааит акультура -гәыҳалалратә фонд "Ашана". Ахҭыс ҵакыс иаман хәыҷгьы-дугьы ашәҵаҭәымаҭәақәа еиуеиҧшым аҧшшәқәа рыла акарпыжә асахьа рыҭаны ашәра. Амастер-классқәа даара алҵшәа бзиа рыманы имҩаҧысит, насгьы еизгаз аҧарақәа  ӷәӷәала ичмазҩу ахәыҷқәа ирыхҭынҵахоит.

Нанҳәамза 20 инаркны 23-нӡа Аҧсны имҩаҧысуеит аҧшьбатәи жәларбжьаратәи атурнир зхы иақәиҭу ақәҧаразы. Уи еиднакылеит аспортсменцәа қәыҧшцәа  Урыстәылатәи Афедерациеи Аахыҵ- Уаҧстәылеи рҟынтә.
"Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны" аспорт ахырхарҭала имҩаҧнаго  апроект инамаданы, атурнир афинанстә цхыраара анаҭеит.

Нанҳәа14, 1992 шықәса рзы, Қырҭтәыла анапхгара рыдҵала, аҳәынҭсовет ар, ҳгәаҳҽанӡамкәа ҳтәыла иақәлеит.  Ҧшьышәи жәаха ҵхи-мши ицоз аибашьра, аҧсуа жәлар риааирала ихыркәшан  Сентиабр 30, 1993 шықәса рзы.

Зықьҩыла аибашьцәа рхы ақәырҵеит Аҧсны, зықьҩыла ахәрақәа роуит, иҟоуп хабарда ибжьаӡқәаз… Аҧсуаа иҳадгыланы  еибашьуан Нхыҵ-Кавказынтә ҳаешьаратә  жәларқәа, Ҭырқәтәылантә, Сириантә, Аҷарантә уҳәа аҳәаанырцә инхоз ҳдиаспора  рхаҭарнакцәа,  Алада Урыстәыла арегионқәа  рҟынтә хатәгәаҧхарала иааз аибашьцәа.

Ҳара даара гәалсра дула иҳадаҳкылеит Лев Аҩӡба иҧсҭазаара дахьалҵыз, зыжәлари зыҧсадгьыли рзы зылша рацәоу, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл адыҧхьалара еснагь иазҿлымҳаз.
Аҳҭнықалақь Аҟәа аамҭаказы напхгара азҭоз Лев Аҩӡба, даара бзиа ибон иуаажәлари иҧсадгьыли.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахьӡала, Лев Арзабеи-иҧа иуацәеи иҭынхацәеи ҳрыдышшылоит.

Сонер Гогәуа
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны"
ахада

Абызшәатә центр аҟны зықәрақәа 4-14 шықәса рыбжьара иҟоу 124 ҩык аҵаҩцәа аҵара рҵоит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» зхылаҧшуа ахәыҷқәа Амир Џьигаеви, Амина Бигәааҧҳаи, иахьа, рҽыхәышәтәра иацырҵац Ермантәылаҟа ицеит.

Амири Аминеи изныкымкәа Ермантәыла аҽыхәышәтәреи ареабилитациеи ирхысхьеит, узықәгәыӷша алҵшәақәагьы аадырҧшуеит. Хымҧада, ас еиҧш иҟоу аҭагылазаашьа аҭаацәа агәалаҟазаара бзиа рнаҭоит.

Рашәара 24, акрыфарҭа «ДЕМ» аҟны, ауаажәларратә еилазаара «Иҭабуп Аиааиразы» захьӡу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны,  агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз» еиҿнакааит агәыҳалалратә аукцион. Уаҟа еизгаз аҧара, зҭагылазаашьа уадаҩу  Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ирзеихшахоит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит иҧшьоу амсылман ныҳәа-Рамазан. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара! Ҳазшаз дышәзылҧхааит!

Иахьа, рашәарамза 6 рзы, имҩаҧысит Аҧсны икоммерциатәым аиҿкаарақәа рассоциациа изаамҭанытәиу аизара. Уаҟа  далхын Ассоциациа адиректор ҿыц,  Алхас Ҭҳагәышь.

 Уаанӡа Ассоциациа напхгара азиуан Сонер Гогәуа.

Алхас Ҭҳагәышь, ауаажәларратә еиҿкаара «Ассоциациа «Инва-Содействие» еиҳабыс дамоуп, иара убас Аҧсны икоммерциатәым аиҿкаарақәа рассоциациа ашьақәыргылаҩцәа дыруаӡәкуп.

Сириатәи Арабтә  Республика Аҧсны Ахьыҧшымра ахьазханаҵаз инамаданы, арепатриациеи адемографиеи  рминистрраҿы имҩаҧсыз аҭынчратә митинг рхы аладырхәит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахаҭарнакцәа.

 Амитинг еиднакылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, ҳтәыла анапхгара, ауаажәларратә усзуцәа, ҳџьынџьуаа.  Иқәгылоз зегьы аџьшьара рырҭеит Сириа иқәынхо ауааҧсыреи, атәыла анапхгареи, ҳхьыҧшымра азхаҵара иахьадгылаз азы.

«Жәларбжьаратәи  афонд Аҧсны», Аҧсынтәылеи Сириеи ирықәынхо ауаажәларра рахь адныҳәалара ҟанаҵоит атәылақәа рыбжьара аофициалтә еизыҟазаашьақәа ахьышьақәгылахаз.

Аҧсны, еснагь агәҭынчымра аанарҧшуеит Сириатәи Арабтә Республика аҟны имҩаҧысуа ахҭысқәа рзы. Агәаҳәара амоуп уи адгьыл аҿы аҭынчреи аизҳазыӷьареи шьақәгылахарц азы.  Сириа, аҩбатәи ҩнхеит уа инхо ҳауаажәлар рзы,  насгьы егьыҟанаҵеит даара аҵакы змаз ашьаҿа ӷәӷәа ҳаиҩызареи ҳусеицуреи рырӷәӷәараҿы.

Ҳарҭ агәра ганы ҳаҟоуп, аҩтәылак рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа, ҳажәлар аҧхьаҟа  алҵшәа шырзаанаго.

Сергеи Уасил-иҧа, агәаӷьра злаз, иҟәыӷаз уаҩын. Ауаажәларратә, политикатә усзуҩын, итәыла дапатриот дуун. Иара ҳхәынҭқарра анапхгара аҭара анаҩсгьы, ажәлар реидкылара дақәшәон, иуаажәлара бзиа ибон.

Сергеи Багаҧшь хаҭала дыздыруаз зегьы иазгәарҭоит иара иразра, игәыҳалалра. Аполитикатә аренаҿы даныҟазгьы, дарбанызаалак зегьы рзы даартын, зегь разнеишьа дақәшәон.

Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада, Владислав Арӡынба ихыҵуазаарын 73 шықәса.  Ауаҩы, зыжәлар аиааиреи ахьыҧшымреи рзаазгаз, наунагӡа   ҳажәлар рҭоурых аҿы  ишьҭа еицакра ақәымкәа иаанхоит. Иара, ҧызак иаҳасаб ала, ҳарҭ зегьы, иара убас еизҳауа абиҧарақәа, аҧсҭазаареи аҿиареи рҭагылазаашьа ҳзаҧиҵеит.  Ҳаҧсадгьыл хазына шәҭыкакаҷларц азы, имчи-илшеи, иҵарадырреи, игәабзиареи ахҭниҵеит. Ихьӡ лаша есиуа ирыциуеит-Владислав Григори-иҧа Арӡынба!

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, Аҧсуа радио амш рыдысныҳәалоит уи аиреи ашьақәгылареи аҟны игылаз, зџьабаа аду, иахьагьы ааҧсарак ҟамҵакәа уи амаҵ азызуа, арҿиара знапы алаку зегьы. Аҧсуа радио, хымҧада, ҳажәлар ирҿахәҳәагоуп. Нхыҵи-Аахыҵи, нырцәи-аарцәи еимаздо, цҳас ирыбжьоу, аҧсышәала зыбжьы ҿацаӡа иго, адырраҭара шьахәқәа рыла ҳажәлар шьыжьы инаркны хәлаанӡа ргәы зырҿыхо Аҧсуа Радио аихьӡарақәа азеиӷьасшьоит! Ҳажәлар знысхьоу аҭоурыхтә мҩаҿы Аҧсуа Радио ашьҭа еицакра амамкәа иануп.

Ицәажәоит Аҟәа! Наунагӡа Аҧсынра иқәыҩлааит Аҧсуа Радио абжьы!

Ҳаҭырла,

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, адунеи иқәынхо Ачерқьесқәа зегьы  Адыга абираҟ амш рыдаҳныҳәалоит. 12 хылҵшьҭра реидкылара иасимволуп. Ачерқьесқәа ахьыҟазаалакгьы ркультура аиқәырхара иашьҭоуп, рыҧсадгьыл абзиабара рылоуп.

Аҧсны аамҭа уадаҩ ианҭагылаз, ари абираҟ ҳажәлар адгылара рнаҭеит.

Ҳаешьаратә жәларқәа  аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаҳшьоит. Абираҟ еицакра ақәымлааит! Ҽааныбзиала!

Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, «Ахьӡ-Аҧша» аорден а-2-тәи аҩаӡара занашьоу Адилле Абасс-оглы, ҳтәыла аҭоурых аҿы лышьҭамҭа анымҵуа иануп. Сталинтәи арепрессиақәа рнаҩс, Нестор Лакоба иҭаацәа рҟынтә, зыҧсы ҭаны иаанхаз лара лоуп. 1938 шықәса рзы, Адилле Абасс-оглы, Лакоба дахьиҭынхаз азы, «Жәлар драӷоуп» ҳәа ахара лыдҵаны, арепрессиа лызун. 1953 шықәса рзы, дахьҭакыз аҭыҧ аҟынтә лхы дақәиҭтәын, дагьыхынҳәит Аҟәаҟа. Лара дызнысыз лыҧсҭазааратә мҩа шьахәла ианыҧшуеит лгәалашәарақәа еидызкыло ашәҟәы «Не могу забыть».

Уарча ақыҭа инхо Шьақаиа Ҭымыри, Габниаҧҳа Светланеи ахшара рацәа змоу аҧсуа  ҭаацәароуп. Иахьа, ари аҭаацәараҿы ҩаҧхьа гәырӷьаран. Диит а-13-тәи асаби, Мадлена хәыҷы.  Мадлена хәҩык аишьцәеи, быжьҩык аиҳәшьцәеи лымоуп: Санта, Саманта, Сабина, Сабрина, Саида, Саид, Сантана, Алексеи, Гудиса, Алмас, Амина, Леон.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго еснагьтәи апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҷыдала арҭ аҭаацәа рзы ирхиан аҳамҭа. Мадлена лыхьӡала еиқәыршәаз ашәыра еиднакылоит лара  лааӡараҿы лан лхы иалырхәаша амаҭәахәқәа, ацәымҳақәа инадыркны ашәҵатәқәа рҟынӡа.

Аҵарадырра аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни», Ҭырқәтәыла иҟоу ҳдиаспореи рыбзоурала, Аҧсны иҟоу ашкол  интернатқәа ирызшан аҳамҭақәа. Очамчыратәи, Аҟәатәи, Калдахәаратәи ашкол интернатқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа рзы 500 цыра ацәарҭамаҭәа ааган Ҭырқәтәылантәи. Урҭ рахьтә,  Очамчыратәи ашкол интернат ианашьан 200 цыра,  Аҟәатәи-200, Каладахәаратәи-100. Изныкымкәа асеиҧш иҟоу агәыҳаларатә  цхыраара аадырҧшхьеит ҳдисапора.

Гәдауҭа араион Дәрыҧшь ақыҭа инхо Мери Барцыц-Агрба, лықәрахь днеихьеит.  Лҧа Романи, лҭаца Таниеи  ирыхьыз ачымазара иахҟьаны рыҧсҭазаара иалҵхьеит. Лара иааӡатәны илзынхеит ҩыџьа лмаҭацәа, Ивани, Дианеи. Дара абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит.  Рҭаацәа рдунеи анырыҧсахуаз ихәыҷқәан, рыхшара рааӡара иахьымӡеит. Зшьапы ркхьаз рыҩны акәзар, аргылаха рмаӡеит. Аха, ауацәа аҭынхацәа ирыбзоураны  аҩны ахыбра ргыланы иалгеит. Уажәшьҭа ҩнымаҭәахәыла архиароуп иаҭахәу.

Убри инамаданы, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер  Гогәуа адныҳәалара ҟаиҵеит. Уаҟа иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа!
Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, ишәыдысныҳәалоит шәымш ира. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа. Ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәлари рҧеиҧш лашазы имҩаҧыжәго шәусқәа нагӡара рықәзааит. Иахьа, адунеи аҿы имҩаҧысуа аполитикатә еибарххарақәа Аҧсны ианымыҧшырц залшом. Уи ицәырнагоит анапхгаразы ауадаҩрақәа. Убарҭ риааираҿы аманшәалара шәыцзааит. Аҧсуа милаҭ ргәы ҭызго аусқәа рынагӡараҟны амчи алшареи Анцәа ишәиҭааит!  
Ҳаҭырла,
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»
Ахада Сенер Гогәуа

Embedded thumbnail for Хәажәкыра 13, 2018ш, рзы, Аҟәа имҩаҧысит раҧхьатәи Жәларбжьаратәи  икоммерциатәым аиҿкаарақәа рфорум.

Хәажәкыра 13, 2018ш, рзы, Аҟәа имҩаҧысит раҧхьатәи Жәларбжьаратәи  икоммерциатәым аиҿкаарақәа рфорум. Афорум ахықәкы:   ауаажәларратә еиҿкаарақәа рзы  ихаҭәаау аинформациа  ажәлар рыҭара, икоммерциатәы аиҿкаарақәа русура аҧхьаҟатәи апланқәа разҧхьагәаҭара, ауаажәларреи аҳәынҭқаарреи рыбжьара азҵаарақәа рылацәажәаразы аҭыҧ аҧҵара, асоциалтә хырхарҭала аусқәа рҳәаақәҵара, адемократиатә ҳәынҭқараа иахәҭакны аҟалара.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҭааит Иорданиатәи апарламент аделегациа.

Аделегациа аилазаараҿы иҟан: Мансур Сижьажь, Халед Алабдалла, Халед Албаккар.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа асасцәа ирзеиҭеиҳәеит афонд имҩаҧнаго асоциалтә проектқәа инарҷыданы, жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҿиара аус рнапы шалаку.

Ахәҭакахьала, Иорданиатәи апарламент адепутатцәа Аҧсныҟа раҧхьаӡа акәны раара уи иабзоурахеит.

Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқараа ахада Рауль Ҳаџьымба идикылеит Иорданиа иҟоу Хашимиттәи Акралра апрламент адепутатцәа Мансур Сижьажь, Халед Алабдалла, Халед Албаккар. Аиҧылара иалахәын Аҧсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа, апарламент адепутат, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» алахәыла Асҭамыр Логәуа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Гәынџьиа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, Иорданиатәи аделегациа ҳтәылаҿы рыҟазаара гәахәала идикылеит.

Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра  аҳҭнықалақь аҿы ихацырхын аофициалтә ҟазшьа моу Иорданиатәи Ахашамиттә кралра иатәу апарламенттә делегациа  злахәыз аиҧылара. Аҧсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа идикылаз асасцәа реилазаараҿы иҟан: Мансур Сижьажь, Халед Алабдалла, Халед Албаккар.

Аҧсны Жәлар реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа адепутатцәа хаҭала ианидикыла анаҩс,  имҩаҧысит адепутатцәа зегьы злахәыз инарҭбааз аилатәара. 

Иорданиатәи  апарламент  адепутатцәа Аҧсныҟа раҧхьаӡа акәны иааит, уи хымҧада ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рҳәаақәа арҭбаауеит.

Убри инамаданы, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахада Сенер Гогәуа адныҳәалара ҟаиҵеит. Уаҟа иазгәаҭоуп:

«Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахьӡала, ишәыдысныҳәалоит напхгара зышәҭо, аԥсуа жәлар рзы иҵаулоу аҭоурых ду змоу агазеҭ «Аԥсны» аиреи ашьақәгылареи 99 шықәса ахыҵра.  Ишәзеиӷьасшьоит имеицакӡо арҿиаратә гәазыҳәара, шәнапы злаку иԥшьоу аус аҿы аихьӡарақәа!

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, аҧсышәала  иҭыҵит ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» ахҧатәи аномер.

Дырмит Гәлиа-иналукааша аҧсуа литература аклассик, апоет, апрозаик, аҭоурыхдырҩы, аетнограф, афольклорист, абызшәаҭҵааҩы.

Аҧсуа литература ашьаҭа зкыз, ауасхыр азышьҭазҵаз ари ауаҩ ду  илагала акырӡа иӷәӷәоуп. Аҧсуа анбан аҧҵарала, адунеи зеиӷьыҟам аҧҵамҭақәеи, арҿиамҭақәеи, ажәеинраалақәеи, апоемақәеи  ҳамҭас иаиҭеит. Иаҳҳәозар, «Атәым жәҩан аҵаҟа», «Камаҷыҷ», «Аповестқәа хҧа» уҳәа егьырҭгьы, аҧсуа жәлар ркультура, рҭоурых, рқьабзқәа ганрацәала иаанарҧшуеит.

Иахьа, шьыжьнаҵы «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусбарҭахь фҩык лхәыҷқәа лыцны дааит ан.  Лара лыхшара рзы ашәҵатәи ашьапымаҭәеи  даҳәеит. Қәрала иаҳгозар, еиуеиԥшым: иҟоуп ашкол ахь имцақәац, ашкол иҭоу. Зегь иреиҳабу иакәзар, Аҟәа ақалақь ацхыраагӡатә школ ахь дныҟәоит. Угәы ирыцҳанашьон ахәыҷкәа уахьрыхәаԥшуаз, дара ааԥынтәи амаҭәақәа рыла  еилаҳәан.

Pages

Subscribe to Syndicate