Error message

Notice: Undefined index: #attached in metatag_hreflang_metatag_metatags_view_alter() (line 79 of /var/www/fondapsny.org/data/www/fondapsny.org/sites/all/modules/metatag/metatag_hreflang/metatag_hreflang.module).

Ахҭысқәа

Аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадараеи, ҳусеицзуреи рырӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, Великобританиа  хаҭарнакс дҟаҵоуп  Иешьым Аҭрышҧҳа. Иешьым Аҭрышҧҳа, Англиа  иҟоу аҧсуа-дыга жәлар ркультуратә хеидкыла напхгара алҭоит. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, раҧхьаӡа акәны Ҭырқәтәылантәи лҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь дааит. Аибашьраҿы иаалырҧшыз агәаӷьразы иланашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Агәымшәаразы  амедал».

 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакрақәа реиҿкаара азгәаҭоуп ҳдиаспора ахьынхо егьырҭ атәылақәа рҟны. 

Ааигәа  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, уи ахаҭарнакцәеи  Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳча  иаҭааит. Ахәыҷбаҳча аиҭашьақәыргыларатә усқәа шазугьы, ахәыҷқәа ихаҭәааны рымаҵ ауразы иагу-иабзоу ыҟоуп. Уи аҭагылазаашьа збаз афонд ахада, дук хара имгакәа, Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳча афонд ахьӡала  ҳамҭас иаиҭеит  хкы рацәала  ахәмаргақәа. 

 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  имҩаҧнаго ахшара рацәа зааӡо аҧсуа ҭаацәарақәа  ирызку апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Дранда аҳаблан.  31ш. зхыҵуа Маврик Ҧачлиеи,  24ш. ирҭагылоу Илона Габелиаҧҳаи фҩык ахшара рааӡоит, ҩыџьа аҷкәынцәеи, ҧшьҩык аӡӷабцәеи: Марика, Иракли, Ельвира, Моника, Инал, Милена. Урҭ рахьтә иреиҳабу жәшықәса лхыҵуеит, иреиҵбу ҩымз.  Хҩык ашкол ахь иныҟәоит, хҩык аҩны иҟоуп. Аҭаацәа реиҳабы Маврик Ҧачлиа, аргыларақәа рҿы аус иуеит, убри ала ихшара рааӡара иҽазишәоит.

Октиабр 7 инаркны 12-нӡа, Ермантәылатәи Ареспублика иаҭааит Аҧснытәи аделегациа. Уи аилазаараҿы иҟан ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, асоциалтә поилитика аилак анапхгаҩы Иулиа Гәымҧҳа. Урҭ рхы рхы рыладырхәит Ермантәыла аҳҭны қалақь Ереван 2798 ш. ахыҵра иазкыз аныҳәа, иара убас хырхарҭала еиуеиҧшымыз аиҧыларақәа жәпакы. Ааҧхьара рыман   ақыҭанхамҩатә аалыҵ иазкыз ацәыргақәҵахь, Аҧсныи Ермантәылеи рекономикатә еимадарақәа рырҿиаразы ахәаахәҭра-ааглыхратә палатахь.

Иахьа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аусбарҭаҿы имҩаҧысит ауаажәларратә еиҿкаара "Амра 2014" ахаҭарнакцәеи, афонд аусзуцәеи реиҧылара. Ари аиҿкаара аус аднаулоит аҿкы чымазара ахэышэтэра иадҳәалоу апроектқәа, иара убас ацхыраара рынаҭоит Тҟәарчали Аҟәеи рраионқәа рҟы инхо зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау абыргцәа.
"Ҳара рыхәышәтәра ҳнапы рылакуп ӷәӷәала аҿкы чымазара зыхьуа ауаа. Егьырҭ ачымазцәа инарҷыданы урҭ рхыҧхьаӡара 40-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Иара убас, фатәылеи хәшәылеи еиқәҳаршәоит ҭынха дызмам 38-ҩык абыргцәа"-ҳәа азгәалҭеит "Амра 2014" адиреқтор Инга Гагәылиа.

Еицырдыруа Америкатәи Урыстәылатәи ақәҧаҩ Џьеффри Монсон, Иахьа, Аҧсны имҩпаҧысраны иҟоу еилаҧсоу аиқәҧаразы  аиндаҭлара иалагаанӡа,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа даҭааит  еицырдыруа  Америкатәи Урыстәылатәи ақәҧаҩ Џьеффри Монсон. «Аҧсны Аҳәынҭқарра ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ» Џьеффри Монсон, ҳтәылеи уи иқәынхо ҳауаажәлари ацхыраара рыҭара дшазыхио ала ажәа иҳәеит.   Аҟыбаҩ ҷыда змоу аспорт азҟаза Џьеффри, ҟазшьала ауаҩы дизааигәоуп. Иара агәыҳалалратә усқәа инапы рылакуп, занааҭла хәыҷтәы ҧсихологуп.

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахаҭарнакцәа аҭааит Гәдоуҭа араион, есымза афонд имҩаҧнаго апроект «Агәамч» анагӡаразы. Ҳазҭоу амзазы афонд ахьӡала,  аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәыршәахеит Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә школ.  Аҳамҭақәа рыманы ари ашкол иаҭааит афонд ахада ихаҭыҧуаҩ  Мақсим   Ӷәынџьиа, афонд аусзуцәа  Роман Қапба, Симон Агрба, Саида Кәарацхьелиаҧҳа.

Аҧсны Аиааира амш ныҳәа зхы алазырхәыз Шьенаи Ажьиба, аамҭа ҧшааны «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» даҭааит. Афонд ахада Сенер Гогәуеи иареи реиҧылараҿы ирзааҭгылеит афонд аусушьеи, имҩаҧнаго апроектқәеи ртәы.  Афонд аусура ахә ҳаракны изшьаз Шьенаи Ажьиба, зхы иамыхәо ахәыҷқәа рыцхыраара аҧхьа инаргыланы, афонд имҩаҧнаго асоциалтә проектқәа ацхыраара  рыҭара дшазыхио иҳәеит.

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, уи ихаҭыҧуаҩ  Мақсим Ӷәынџьиеи, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ  Семион Григоривеи  злахәыз аиҧылара мҩаҧысит.

 Афонд ахадара, Семион Григориев изеиҭарҳәеит афонд  имҩаҧнаго аусурақәа ртәы, иара убас Урыстәылатәи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи дареи аҧхьаҟатәи русеицзура.

  «Аиҩызареи аусеицзуреи рганахь ала ҩҳәынҭқаррак рыбжьара иаашәырҧшыз шәлагала акырӡа ирацәоуп, ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит аҭакҧхықәра ду зцу шәмаҵзура аҟны шәусура»-иҳәеит Сенер Гогәуа. 

​Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа инхо Адлеиаа рҭаацәа ацхыраара рыҭан. Аҭаацәа реиҳабы Нарсоу Адлеиба, 30 ш. дырҭымсыц, хәҩык ахшара драбуп.  Иҧшәма қәыҧш Кристинеи иареи ирааӡоит хҩык арҧарцәеи, ҩыџьа аҭыҧҳацәеи, хымз инаркны хәышықәса зхыҵуа рҟынӡа.  Дара дрыцынхоит Нарсоу иашьеиҵыбгьы.  Арҭ аҭаацәара  џьаргьы аус руам, ауалафахәы роуам, адгьыл иқәаарыхны рхы ныҟәыргоит, ашәыр-ақәыр рҭиуеит, арахә рааӡоит.

Сентиабр 21 инаркны 24-нӡа, Китаитәи Ареспублика  Уцзиациуи ақалақь аҟны имҩаҧысит ЕКСПО Оазисттә индустриа ахҧатәи аекономикатә цәыргақәҵа. Абизнес-консалтингтә структура «Huahe International» аиҿкааратә хеилак ааҧхьарала, Аҧснынтә уи рхы аладырхәит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, «АбхазМорпром» аиҳабы Ҭимур Логәуеи.     Урҭ уахь рцара хықәкыс иаман атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рырҿиареи, аҧышәақәа реимадара аизырҳареи.

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», А. Џьонуа ихьӡ зху Маркәлатәи абжьаратә школ №2, ҳамҭас акомпиутерқәа анаршьеит. Убри инамаданы иаарласны уаҟа иаартхоит акомпиутертә зал.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҭааит Маркәыла ақыҭа ахада Анри Хәырхәрмал, Маркәылатәи абжьаратә школ адиректор Рауль Кәакәасқьыр, ақыҭа ахаҭарнак Гиви Хәырхәмал.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Ақәранҵыра» 100ш. инареиҳаны инызҵыз абыргцәа ирызкуп.

10 Раш to 16 Абҵ

Апроект «Ақәранҵыра» акыр шықәса зхыҵуа  абыргцәа ирызкуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны шәышықәса иреиҳау ауаа ацхыраара рынаҭоит. Ақәра ду нызҵуа ауаа, ҳҭоурыхи ҳқьабзқәеи  иузырҟәымҭхуа ирыдҳәалоуп.  Ас еиҧш иҟоу абыргцәа, ирхыргахьоу ауадаҩрақәа азгәамҭакәа, адоуҳатә беиареи ақьиареи еиқәдырхоит.  

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала иаҧҵоу апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи рыбжьаратә школқәа рҟны аҵара зҵо, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҵаҩцәа ацхыраара рынаҭоит. Убас еиҧш иахьа, афонд ахаҭарнакцәа, Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа рҟынтә жәаҩык ахәыҷқәа  маҭәа-ҩыҭәалеи, аконцелиартә хархәагақәеи рыла еиқәдыршәеит.

Апроект «Агәыразра» аус ауеит есымза. 

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аҧшьгарала, арҵаратә центр "Академиа" аҟны иаартуп аҧсуа бызшәа арҵаразы хәыда-ҧсадатәи акурсқәа. 
"Ас еиҧш иҟоу апроектқәа, хымҧада, аҧсуа бызшәа аҵареи, аҿиареи, ахьчареи ацхыраара рынаҭоит. Аҧхьаҟагьы ари аус ҷыдала ахаҵгылара аҳҭоит"-ҳәа азгәеиҭеит афонд ахада Сенер Гогәуа. 
Аҧсуа бызшәа арҵара иазку акурсқәа раартра, ҳауаажәлар рыҩныҵҟа аинтерес ду цәырнагеит. Анаҩсгьы, афонд хықәкыс иамоуп абызшәа аҿиара иазку егьырҭ апроектқәа рынагӡара.

 

Аиҧылара рхы аладырхәит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуа, асоциалтә политика ахеилак анапхгаҩы Иулиа Гәымҧҳа, акультуреи аҵарадырреи рхеилак аиҳабы Нугзар Логәуа. 
Афонд ахаҭарнакцәа, Адгәыр Ҳаразиа инарҭбааны изеиҭарҳәеит афонд имҩаҧнаго аусуракәа ртәы, ҳауаажәлар ирзыҟарҵо агәыҳалалратә цхыраара. 
Ахәҭакахьала, Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа, афонд ахаҭарнакцәа идирдырит ақалақь аинфраструктура аиӷьтәразы ирзарбоу апланқәеи, иааидкыланы асоциалтә ҭагылазаашьа иадҳәалоу азҵаарақәеи.

Гәдоуҭа араион   Ҟәланырхәа ақыҭа инхоит Аҩӡба Гәдисеи Аҧшьыцба Мирандеи рҭаацәа.  Урҭ ирааӡоит хәҩык ахәыҷқәа: хҩык аҷкәынцәеи, ҩыџьа аӡӷабцәеи. Аҭаацәа ақалақь иазааигәаны иахьынхо аҟынтә, уахь усура ицеит. Ахәыҷқәа , шықәсык инаркны  быжьшықәса рҟынӡа рхыҵуеит.  Ранду Замира Чукба илыбзоураны, ахәыҷқәа ран аус луеит, анду ахәыҷқәа дрыцынхоит, илааӡоит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада  Сенер Гогәуа,  афонд аҟны иаҧҵоу аҵарадырреи акультуреи рхеилак анапхгаҩы  Нугзар Логәуа, афонд аспонсор хада «Абхазморпром»  аиҳабы  Ҭемыр Логәуа Ҷлоу ақыҭа иаҭааит. Раҧхьа урҭ неит Б. Шьынқәба ихьӡ зху  Ҷлоутәи абжьаратә школ ахь.  Афонд имҩаҧгнаго апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашкол ҳамҭас ианаршьеит аспорттә маҭәахәқәа. Ҷлоутәи ашкол аҭагылазаашьа збаз  афонд ахада Сенер Гогәуеи,  «Абхазморпром» аиҳабы Ҭемыр Логәуеи,  ашкол анапхгара агәыӷра рырҭеит, ашкол аҧхьаҟагьы ацхыраара шарҭо.

Арҭ амшқәа рзы Аҧсны иааны иҟоуп Иорданиа инхо ҳџьынџьуаҩ Ашьраф Абаза-Чқәуа иҭаацәеи иареи. Иахьа, урҭ идикылеит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа. Иорданиа инхо ҳдиаспора рахьтә иҟоуп маҷк иадымхаргьы зхатәы бызшәала ицәажәо, аус ауеит дара еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара «Диван-абаза». Еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҿы аус руеит  хылҵшьҭрала иаҧсацәоу аинралцәа, апарламент адепутатцәа, абизнесменцәа уҳәа еиуеиҧшым азанааҭқәа змоу ауаа.

Абар уажәшьҭа, шықәсык ҵуеит апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, афонд, ҿыц ахшара дзауз ан лысаби иааӡараҿы лхы иалырхәаша ашәыра азнархиоижьҭеи.  Аҳамҭақәа заухьо аҧсуа ҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара, иахьа 1000 рҟынӡа инаӡеит. Урҭ аҭаацәа,  Аҟәа ақалақь инхо, Инал  Џьынџьали  Рафида  Амҷыҧҳаи  ракәхеит. Жәамш раҧхьа,  Џьынџьалаа рҭаацәараҿы диит аҵеи, Леон  Џьынџьал. Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҿы, арҭ аҭаацәара ирзыҧшын ирзымдыруаз агәырӷьаратә хҭыс.

Иахьа, Аҟәа, асасааирҭа «Атриум-Викториа» аконференц зал аҟны имҩаҧысит «Аҧснытәи аҳәса-аусдкылаҩцәа» реидгыла аизара. Уи аиҿкаара раҧхьаӡа акәны иаҧҵан 2002 ш. азы. Усҟан 11-ҩык аҳәса рыла ишьақәгылазтгьы, иахьа уи иалахәу рхыҧхьаӡара наӡоит 400-ҩык аҳәса рҟынӡа.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахшара рацәа змоу зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа ацхыраара рынаҭоит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны афонд ахаҭарнакцәа Асида Инаҧшьҧҳаи, Сырма Ашәпҳаи, Мџьыҭ Гогәуеи,  ахшара рацәа змоу Беслан Воубеи Фатима Кәыҵниаҧҳаи рҭаацәа ирҭааит. Дара нхоит Аҟәа ақалақь, Ахабла ҿыц иҟоу аҩнеихагылақәа руак аҟны. Афонд аусзуцәа ари аҭаацәара аҳамҭақәа рызнаргеит, урҭ рхыҧхьаӡараҿы  иҟан «Ани амаалықьи» ашәыра. Мышқәак раҧхьа Воуаа рҭаацәараҿы иҟалеит ахҭыс гәырӷьахә, диит афбатәи ахәыҷы, хьӡысгьы ирҭеит Алан.

Апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» афинанстә цхыраара рынаҭеит зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуаа ҭаацәарақәа рхәыҷқәа ашкол ахь реиқәыршәаразы. Иахьа, 20-ҩык аҵаҩцәа рҭаацәа рыцны афонд аусбарҭахь иааит. Анаҩс, афонд ахаҭарнакцәа рыцны,  Аҟәа ақалақь иҟоу адәқьанқәа руак иаҭааит, аҵаҩцәа ашкол ахь иршәырҵаша амаҭәақәеи, аканцелиартә маҭәахәқәеи раахәаразы.

Кавказ Аҧсны адгыларазы Ҭырқәтәылатәи аилак аиҳабы, Ирфан Аргәын, Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа ишьҭамҭа ӷәӷәала ианиҵеит. Аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы илшара дуқәа, анаҩс ҳҳәынҭқарра аҿиара аус аҟны еицакра зқәымыз илагалақәа уҳәа, ирацәоуп ҳаҭыр ду зқәыз, зажәеи зуси акрыҧхылнадоз Ирфан Аргәын дызнысыз аҧсҭазааратә мҩа. Иара иҧышәеи, ихдырра ҳараки ирыбзоураны, Аҧсны анҭыҵ инхо ҳауаажәлари ҳареи ҳаимадара иазышьҭеиҵаз ауасхыр еицакра ақәлом...

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи", Пицунда ақалақь аҧсшьарҭатә ҩнқәа реидгылеи ирыбзоураны, Аҧсны араионқәа рҟынтә згәабзиара ҧку ахәыҷқәа, Пицунда иҟоу "Адельфинариахь" аныҟәарақәа рзеиҿкаан. 

Иахьа, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рыцхыраара иазку апроект "Аҧеиҧш" аҳәаақәа ирҭагӡаны, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа Тҟәарчал ақалақь иаҭааит. Хәҩык ахәыҷқәа зааӡо Руслан Ҳаџьымбеи, уи иҧшәмаҧҳәыс Маринеи ҳамҭас ирызнаргеитанхараҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа: аӡәӡәага машьына, ахәы зҭарҵо архьшәашәага, аӡы зладыршуа абак. 
"Ҳара ҳзы ари хәы змаӡам цхыраароуп. Тҟәарчал аҭагылазаашьа уадаҩуп, ахныҟәгара цәгьахеит. Сыҧшәма ирҳауа ахәыҷқәа рхәы мацароуп изызхо. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит"-лҳәеит Манана Ҳаџьымҧҳа. 

Иахьа, “Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа,  афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим  Ӷәынџьиеи, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи,   афонд аусзуҩ Симон Агрбеи, Гәдоуҭа араион ахадеи реиҧылара мҩаҧысит.  Афонд ахаҭарнакцәа ҳамҭас Гәдоуҭаҟа инаргеит акомпиутерқәа ҧшьба (аноутбукқәа). Ари аусмҩаҧгатә еиҿкаан афонд апроектқәа руак аҳәаақәа  ирҭагӡаны, Аҧсны араинтә еиҿкаарақәеи ашколқәеи компиутертә техникала реиқәыршәара инамаданы.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа Тҟәарчалтәи реабилитациатә центр, хыҧхьаӡара рацәала аҳамҭақәа рыманы иаҭааит. Акондиционерқәеи, абзазаратә маҭәахәқәеи, хымҧада ацентр аҭагылазаашьа аиӷьтәра иацхраауеит.  Ацентр аҿы аус зуа зегьы, ахәыҷкәа иҷыдоу ахаҵгылара рырҭоит, рус бзиа ибаны иазнеиуеит. Араҟа иаҧҵоуп хыҧхьаӡара рацәала акружокқәа. Ахәыҷқәа ракәзар, ари аҭыҧ зегь реиҳа бзиа ирбо акакәны иҟалеит.

Арҭ амшқәа рзы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, аекономикатә  ҿиареи аинвистициақәеи рзы ахеилак анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиеи, усуратә визитла Урыстәылатәи Афедерациа иаҭааит. Урҭ рхы рыладырхәуеит ари амчыбжь азы Москва ақалақь аҿы имҩаҧысуа Индиа ахьыҧшымра амш ныҳәа азгәаҭара иазку аусмҩаҧгатәқәа. Уи апрограмма акыр ихаҭәаауп.  Аныҳәа рхы аладырхәуеит Индиатәи Урыстәылатәи артистцәа, амузыкантцәа, акәашацәа. Ицәыргақәҵахоит Индиатәи амилаҭтә чысхкқәа,  уҳәа индиаа ркультура ӡырызго  амаҭәахәқәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гагра араион Лӡаа ақыҭан абжьаратә школ 70 нызқь мааҭ рыхә аспорттә маҭәахәқәа анашьан. Иаҳҳәозар:  аҧкьаҭымпылтә стол, аракеткақәа, анапылампылқәа, ашьапылампылқәа, амҵәышәымпылқәа, анапылампылтә сеҭкақәа  уҳәа хкы рацәала аспорт аусхк аҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәа.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, афонд аусзуҩ Мџьыҭ Гогәуа Тҟәарчал ақалақь ахәыҷбаҳч

Иахьа, зхы изамыхәо ахәыҷқәа Галтәи рреабилитациатә центр иаҭааит Сенер Гогәуа хадас дызмоу «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа. Ареспублика ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭара иазку апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, афонд аусзуцәа Галтәи ареабилитациатә центр ҳамҭас ианаршьеит атренажиор-аҩратә мҩа, иара убас 25 нызқь мааҭ аҧара, ацентр ауадақәа руак аиҭашьақәыргыларазы.

Ажурнал "Аҧсынтәыла сара стәыла " аусзуцәа Гәрам Амқәаби, Сырма Ашәҧҳаи аҭааит адунеи жәларбжьаратәи азхаҵара змам Аҩадатәи Кипр аҳәынҭқарра. Ажурналистцәа араҟа ирҧылеит Кавказ ихҵәаз амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. Ара урҭ зегьы ачерқьесцәа ҳәа ирышьҭоуп. Аҭоурыхҭҵааҩ ишиҳәаз ала, Кипр инхоит даараӡа ирацәаҩны Кавказаа, аха рхыҧхьаӡара еилкаам. Иара убас иазгәеиҭеит, абырзенцәа хылаҧшра ззыруа Аладатәи Кипр аҿы ишыҟоу ачерқьесқәеи адыгааи рқыҭақәа. Аҭоурыхҭҵааҩ игәаанагарала, уаҟа инхо Кавказаа, Аҩадатәи Кипр аҟны аасҭа акыр еиҳауп.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» зхы изамыхәо ахәыҷқәа рзы   Очамчыра араион иҟоу ареабилитациатә центр ҳамҭас иананашьеит акондицеонерқәа хәба.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» зхы иамыхәо ахәыҷқәа рзы   Очамчыра араион иҟоу ареабилитациатә центр ҳамҭас ианаршьеит акондицеонерқәа хәба, иара убас урҭ рышьақәыргыларазы ацентр иахыҧхьараӡалеит  аҧара.

 Ареабилитациатә центр аҧҵоуп  ақәыҧшцәа рыҩны абазаҟны. Уи напхгара алҭоит Селма Занҭариаҧҳа.

Август 4, Аҟәа ақалақь, асасааирҭа «Атриум-Викториа» аконференц зал аҟны имҩаҧысит Астол гьежь, абри атема ала: «Урыстәыла-Аҧсны: Амшынеиқәа Кавказтәи арегион аҟны акоординациатә политика априоритетқәа». Уаҟа аҧсуа аурыс експертцәа рылацәажәеит Аҧсныи Урыстәылеи русеицзура азҵаарақәа, иара убас ҳазҭагылоу аамҭазы аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицзура амҩақәа рырҭбаара.

Астол гьежь аусура рхы аладырхәит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, адепутатцәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа, иара убас амассатә информациа ахархәагақәа русзуцәа.

Август 4, 2016 ш. рзы имҩаҧысуеит Астол гьежь «Урыстәыла-Аҧсны: Амшынеиқәа Кавказтәи арегион аҿы акоординациатә политика априоритетқәа».

87 ш. дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит Фазиль Искандер. Харҭәаашьа змам ацәыӡ, адунеитә культуреи алитературеи зышьҭамҭа ӷәӷәаны иалазгалаз, адунеи зегьы аҿы  Аҧсны аӡыргара аҵак ду азҭаз, уи ашәага-зага ҵҩа амам.

Фазиль,  аҧхарреи агәыҳалалреи аҵаны ҳҵаси, ҳкьабзи ирызкыз аҩымҭақәа инапы иҵихуан, ҳмилаҭтә ҟазшьа адунеи ажәларқәа ирылаирҵәон. Фазиль ирҿиамҭатә ҩымҭақәа ирыҧхьахьо, Аҧсныҟа ныҟәара амҩа дықәымларц залшом, араҟоуп иҵаӷоу ауаатәыҩсатә еизыҟазаашьатә цәаҳәақәа ахьеиларсу, уи Фазиль даараӡа ибзианы идыруан.

Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнак Мџьыҭ Гогәуеи, Гагра араион  аус зуа афонд ахаҭарнак Слава Сақаниеи, Гагра араион Колхида ақыҭа инхо ахшара рацәа змоу Бигәаа рҭаацәа ирҭааит. Афонд ахьӡала арҭ аҭаацәа ҳамҭас ирызнаган афатә ахьҭарҵо архьшәашәага, агазтә плита, аӡыршыга абак. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧхьаҟагьы ацхыраара рырҭалоит ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа» - ҳәа азгәеиҭеит Слава Сақаниа,  Бигәаа рыхшара рааӡараҿы аманшәалара рзеиӷьашьауа.

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҟны имҩаҧысит «Индиатәи абизнес Алианс» ахада Семми Котвани, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи  аҧхьаҟатәи русеицуразы    аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра. Аганқәа еиқәышаҳаҭрала иазнеит ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаара-техникатә , агәыҳалалратә, акультуратә хырхарҭқәа рыла  аусзеицура, еицырзеиҧшу апроектқәеи, апрограммеи  реицынагӡара. 

Embedded thumbnail for «Аҧсны - шьаҿак ҧхьаҟа» - «Жәларабжьаратәи афонд Аҧсны» аекономикатә форум.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала,  иахьа, Аҟәа ақалақь, асасааирҭа «Атриум-Викториа» аконференц зал  аҟны имҩаҧысит  «Аҧсны-шьаҿак ҧхьаҟа» захьӡу аекономикатә форум. Уи рхы аладырхәит Аҧсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба,  ҳтәыла аекономикеи, ақыҭанхаамҩеи рминистрцәа, иара убас егьырҭ аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.   Афорум  ахь ааҧхьара  рыман Урыстәылантәи, Ҭырқәтәылантәи, Индиантәи, Нхыҵ-Кавказынтәи асасцәа,    абизнес –лидерцәа,  аекспертцәа.

Аҧсны Афырхаҵа - Аполлон Шьынқәба,  ҳтәылаҿы деицырдыруеит зыхьӡ нагоу, зажәа акрыҧхылнадо уаҩык иаҳасаб ала. Иара иџьабаа рацәоуп аҧсуа милаҭ-хақәиҭратә  қәҧара аус аҟны. Активла  дрылахәуп аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә  усқәа. 

Иахьа, Ермантәылатәи Ареспублика зыхьӡ нагоу  амедецинатә центр «Святая Богоматерь» аҳақьым хада Николаи Огонес-иҧа Долокиан, Аҧснытнтә инеиз ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа идикылеит. Аҳақьым хада иҩызцәеи иареи ахәыҷқәа  азеиҧш медицинатә гәаҭарақәа ирыхрыжьит. Иҟарҵаз азгәаҭарақәа инарықәыршәаны, ҧшьҩык ахәыҷқәа рахьтә аӡәы аҧҟара иқәшәоит, хҩык аортез рзыҟарҵоит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа зхадараҿы дыҟаз аделегациа Гәдоуҭа араион иаҭааит. Уи аилазаараҟны иҟан афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, акультуреи аҵарадырреи рхеилак анапхгаҩы Нугзар Логәуеи. Имҩаҧысит Гәдоуҭа араион администрациа ахада Руслан Ладариеи афонд ахаҭарнакцәеи реиҧылара. Иара убас, аизара лхы алалырхәит Гәдоуҭа араион аҿы иҟоу афонд ахаҭарнак Саида Кәарацхьелиаҧҳа.

Иуль 28, асааҭ 11:00, Аҟәа ақалақь, асасааирҭа «Атриум-Викториа» аконференц зал аҟны имҩаҧысуеит «Аҧсны –шьаҿак ҧхьаҟа» захьӡу аекономикатә форум. Афорум рхы аладырхәуеит аиҳабыра рхаҭарнакцәа, абизнес-лидерцәа, аекспертцәа.Уи хықәкыс иамоуп хҭәылаҿы аекономикатә ҭагылазаашьа аҿиара амҩа иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара, урҭ рымҩақәҵара. Афорум шьақәгылоуп хыхәҭакны: ақыҭанхамҩа, атуризм, аҳәаахәҭра. Афорум еиҿкаауп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарарла.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи»  акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи», Аҧснынтә Ермантәылаҟа аоперациа аҟаҵара  идәықәырҵеит  ДЦП ачымазара зыхьуа ахәыҷқәа раҧхьатәи агәыҧ:. Уи аилазаараҟны иҟоуп:  Асҭамыр Занҭариа-8ш,  Амина Бигәааҧҳа-12ш,  Азамаҭ Ҷкотуа-12ш, Лиана Гәдалиаҧҳа-21ш. Ахәыҷқәа рыхәышәтәразы аҧҟара мҩаҧигоит Ермантәылатәи Ареспублика ахәыҷтәы ҳақьым-травмотолог.

Ас еиҧш иҟоу ауснагӡатә  еиҿкаауп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» еицырзеиҧшу апроект инақәыршәаны.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» еснагь адгылара анаҭоит ҭынч мҩала аимакқәа рызҵаара аӡбара, иара убас аҩныҵҟатәи аполитикатә еиҿагыларақәа хшыҩзышьҭла разнеира. Убри инамаданы, ҳара агәҭынчымра ҳазцәырнамгар залшом Ҭырқәтәыла имҩаҧысыз аҳәынҭқарра ахырбгалара аҽазышәара. Ҭырқәтәыла-Аҧсны иазааигәоу гәылоуп. Уаҟа инхоит хыҧхьаӡара рацәала ҳдиаспора. Ҭырқәтәыла-Аҧсны аҩбатәи економикатә партниоруп.

Аҧсны агәҭынчымра рызцәырнагеит Ницца иҟалаз атеракт. Ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәыму ари аҩыза ахымҩаҧгара бааҧс, рыҧсҭазаара иалнахит 84-ҩык ауааҧсыра, ирацәаҩуп ахәрақәа зауз. Ас еиҧш угәы ҭызшьаауа ахҭыс даҽазныкгьы агәра ҳнаргоит, атерроризм иаҿагыланы ақәҧара ада ҧсыхәа шыҟам. Аҧсны инхо ауаажәларра хаҭала ирхыргахьеит агрессиа, рыҧсадгьыл аҿы аҭыҧ змаз атерракттә актқәа. Аҧсуа жәлар ибзианы еилыркаауеит аҭынчреи, ашәарҭадареи рҵакы. Арҭ амшқәа рзы, ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит агәаҟра иақәшәаз, атерракт иахҟьаны иҭахаз рҭаацәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»

Pages

Subscribe to Syndicate