Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гал араион

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ацхыраара рыҭоуп Қьеҭован Тарба лҭаацәа. Лара дынхоит Гал. Қьеҭован лыҧшәма,  Ҭамаз Ԥиҧиа, шықәсқәак раҧхьа длыҧхеит, лхала рааӡара даҿуп хҩык лхәыҷқәа. Лчымазара иахҟьаны, еснагьтәи аусура лымам, аамҭа-аамҭаала илырҳауа ала, лхыҷқәеи лараеи рхы ныҟәыргоит.

Иҳаҩсыз  ашықәс азы, Қьеҭован Ҭарба, ишьақәлыргылеит милаҭла дзеиуаз аҧсуа жәла, дазгәыдуны иаҳлырбеит Аҧсны дызлатәылаҩу ала ашәҟәы. Ахәыҷкәа рыхҩыкгьы ашкол иҭоуп, аҧсуа бызшәа рҵоит, лҧеиҳаб Гьаргь, сынтәа ашкол далгоит, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет дҭаларц азы иҽазыҟаиҵоит.

«Сара сзы даара  акраҵанакуеит сҭоурыхтә жәла ахьышьақәсыргылаз. Схәыҷқәа ара ирызҳауеит, рхатәы бызшәа рҵоит, раҧхьаҟатәи рҧеиҧш рыҧсадгьыл аҿы ирбоит.  Гал араион инхо ауааҧсыра , шәара шәфонд абзоурала,  насгьы уи иҟанаҵо ацхыраарала,  ҳахьынхо  ҳаштәылауаа наӡоу ала ҳхы ҳбоит»-ҳәа азгәалҭеит Кьеҭован Ҭарба.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Ҭараа рҭаацәа  ҳамҭас иранаршьеит аӡәӡәага машьына, агаз-фымцатә плита, амҿтәы печка, аӡы зҭарҭәо абак, ачаиник  ухәа егьырҭ амаҭәахәқәагьы.

 

Subscribe to Syndicate