Адемографиеи, арепатриациеи
Ашәба Сырма Павел-иҧӽа
Адемографиеи, арепатриацеи рхеилак аусура шьақәнарӷәӷәоит абарҭ ахырхарҭақәа рыла: адемографиа иадҳәалоу азҵаарақәа рыла; аҧсуа милаҭтә культура, иара убас, аҧсуа ҵас, ақьабз, атрадициақәа, аҳәынҭқарратә- зинтә шьаҭа роурц. Аҧсуара иазкны есхымз астол гьежь амҩапгара.
Аҭаацәара аҧызҵо 30 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҿар рыцхырааразы апрограммақәа реиҿкаара, урҭ адгылара рыҭара.
Арепатриациа азҵаарала апроект ҿыц аҧҵара(быжьшықәса зхыҵуа ахәыҷқәа аҳәаанырцәынтәи Аҧснытәи ашкол-интернатқәа рҿы аҵара радыҧхьаларазы агәыҧқәа реиҿкаара). Уи иазкны ахеилак апроект аус адулара иаҿуп.
Ахеилак ишьҭнахуа азҵаарақәа рыла ателерадиодырраҭарақәа разырхиара.
«АҦЕИҦШ» - ҭаацәарақәа дуу рыцхырааразы.
01/10 2015 to 30/09 2021

Ауаажәларраатә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рыцхырааразы, апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит. Ӽфонд хықәкқы хадас ируакыуп Аҧсны адемографиа ҭагылазаашьа аҧсахра. Апроект "Аҧеипш" аусура иацлоит, еснагьтәихоит.
«Ани амаалықьи»
09/07 2015 to 31/01 2021

«Жәлабжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала апроект ҽыц аусура иалагеит. Уи хьӡыс иамоуп «Ани амаалықьи». Апроект аҧсуа ҭаацәарақәа рҿы ҿыц ииуа ахәыҷқәа ирызкыуп. Даара агәырӷьара зцу хҭысуп, аҭаацәараҿы ахәыҷы иира. Уи ҳара ҳфонд адгылара анаҭоит. Убри азыҳәан иҳархиеит аҳамҭақәа, ан лымаалықь иааӡараҿы ацхыраара лнаҭоит ҳәа хықәкыс иҟаҵаны. Уи еиднакылоит ахәы зҭарҵо аҧаҭлыкақәа, ацәымҳа, ашоурашәага, акремқәа уҳәа. Убри инаҷыданы, ахәыҷы ииашаны иааӡараҿы ан лхы иалырхәо ашәҟәы, ахәыҷқәа рзы аҧсуа шәҟәқәа, ахәыҷқәа рашәақәа зну адиск. Урҭ зегьы рхаҭабзиара ҳаракыуп, ан лзы ихәарҭоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит.
Ҳапроект иаҵанакуеит фымз рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа змо аҧсуа ҭааҵәарақәа. Аҟәа ақалақьи, Аҟәа раион инхо, ҿыц ахшара зауз аҭаацәарақәа, ас еиҧш иҟоу аҳамҭа роурц рылшоит афонд аофис аҟны. Ҳара ҳҭыӡҭыҧ: Аҟәа ақалақь, Пушкин имҩа 16, «Гәдоу-плаза» ахыбра, ахәбатәи аихагыла. Ҳреспублика егьырҭ араионқәа рҟны инхақәо рзы, афонд ахаҭарнакцәа, дара зҵазкуа араионқәа радминистрациақәа рахь инаргоит, апроект зықәныҟәо аҧҟарақәа заа иреилыркааны, нас аҭыҧаҟны ирзеихыршоит. Ҭаацәацыпхьаӡа уи роурц рылшоит ахәыҷы ииразы Аршаҳаҭгала.