Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран ацхыраара иҭоуп
25/10 2016
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рреспублика уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ирҩыз арзаҳал инақәыршәаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ацхыраара инаҭеит хатә гәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз, Леон иорден занашьоу, Русин Тимофеи Владимир-иҧа. Иара ихала иааӡоит хҩык ахәыҷқәа, урҭ рсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳауп.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аибашьра аветеран ҳамҭас инаҭеит аӡәӡәага машьына. Уи зыршаҳаҭуа ашәҟәы, иахьа афонд аусбарҭаҟны иара инапы иаркын.














.png)








