Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Аҟәа ақалақь

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго, ахшара рацәа змоу, змазара хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа ирызку апроект «Аҧеиҧш» аус ауан иахьа, Аҟәа ақалақь. Алашарбага аҳаблаҿы инхо Гәыралиа Малхази, Қаџьаиаҧҳа Анжелеи фҩык ахшара рааӡоит. Урҭ рахьтә иҟоуп ашкол ахь иныҟәо, дыҟоуп зынӡа ааигәа ииз асабигьы. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Гәыралиаа рҭаацәа аҳамҭақәа рыманы ирҭааит. Урҭ зегьы анхара-анҵыраҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа роуп:афатә зҭарҵо архьшәашәага, аӡәӡәага машьына, аӡы зладырҧхо абак, афатә ахьырӡуа амыруга, ауада зладырҧхо амаҭәахә, афатә-ажәтә уҳәа аҳамҭақәа маҷымкәа.

Аҭаацәа ду акыр уреигәырӷьаратәу иҟоуп. Ԥсыуа ҵасла инхоит-инҵоит, асасдкылара пату ақәырҵоит. Даараӡа ҭабуп ҳәа ахырҳәааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ирзыҟанаҵаз ацхыраара ду. 

Subscribe to Syndicate