Аҧснытәи ахәыҷқәа Шәача имҩаҧысуаз ахоккеитә еицлабра иахәаҧшуан

Абҵарамза 19, асабшаҽны , Аҧснытәи  ашкол хәыҷқәа  Шәача имҩаҧысуаз Салават Иулаев  ихьӡ зху ахоккеитә клуби, Шәачатәи ахоккеитә клуби рыбжьара ицоз  аицлабра иахәаҧшуан. Ахәыҷқәа ас еиҧш иҟаз агәырӷьаратә ҟазшьа змаз аныҳәа рзеиҿнакааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», ҳџьынџьуаҩ Енвер Лисини , уи иацыз ахарџьқәа зегьы иара ихахьы игеит. Енвер Лисин, Салават Иулаев ихьӡ зху ахоккеитә клуб ажәылаҩыс дыҟоуп. Аицлабра цонаҵы, аҧсуа хәыҷкәа, ахоккеитә матч аҿы ихәмаруаз Енвер Лисин изы ргәы былуан, иара идгылан. Иара ицәырҵра зегьы иацын абас еиҧш иҟаз аҿыҭбжьы: «Лисин, Лисин, Лисин».  Ахәыҷқәа рыбла иабаз ахәмарра даара агәалаҟазаара бзиа рнаҭеит.  Ахәмарра ахыркәшамҭазы, Енвер ихаҭа ахәыҷқәа рахь днеит, драцәажәеит, иҭабуп ҳәа реиҳеит иахьааз. Ахәыҷқәа аӡәырҩы Енвер  ихәда иахьынҳалон, амба иҭаиршәыз ашаиба идырныҳәалон. Егьырҭ аспорт иадҳәалаз азҵаарақәа жәпакы ирҭон , насгьы интересс ирыман аспортсмен иҧсҭазаара. Енвер иан,  Иза  Џьуӷьелиаҧҳа, аматч дахәаҧшуан, лара даара гәахәала илыдылкылеит Аҧснытәи ахәыҷқәа уи рхы ахьаладырхәыз. Ахәыҷқәа Аҧсныҟа амҩа ианықәла ирбаз-ираҳаз иазкны ргәаанагарақәа еибырҳәон, урҭ рхы-рҿы иқәыз аччаҧшь еицакра ақәмызт. 

Subscribe to Syndicate