Асоциалтә политика
Гәымба Иулиа Сабри-иҧӽа
Асоциалтә политика иазкыу ахеилак аҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа маҷым. Ҳара иҭаҳҵаауеит ҳҳәынҭқарраҿы ҳауаажәлар рсоциалтә ҭагылазаашьа зеиҧшроу, уи азы иҟоу агәаанагарақәа. Убарҭ инарықәыршәаны, ахеилак ихадароу ахырхарҭақәа алхны, ииашоу аформақәеи аметодқәеи рыла аус анагӡара аҽазнашәоит.
Зегь раҧхьа иргыланы, Аҧсны ақалақьқәеи, ақыҭақәеи рҟны инхо ҳуааҧсыра рыгәҭыхақәа еилаҳкаауеит. Уи шьаҭас иҟаҵаны, асоциалтә проектқәа аус рыдаҳулалоит. Абасала, Жәларбжьаратәи афонд «Аҧсны», ҳауаажәлар рҿаҧхьа иқәгыло ауадаҩрақәа рыӡбара аус аҟны, ахатә лагала аанарҧшуеит, ацхыраара анаҭоит.
- 1 of 3
- ›››