Иахьа «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусзуҩцәа, апроект «Аԥеиԥш» аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҭааит Абгархықә ақыҭан инхо, ахшара рацәа змоу Зыхәаа рҭаацәара.
Ааигәа, аҭаацәара аиҳабы Ахреи, иԥшәмаԥҳәыс Камаҷыҷи ацхырааразы афонд ахь аҳәара ҟарҵеит.
2018 шықәса рзы аҭаацәараҟны арыцҳара ҟалеит, рыҩны амца акит. Аҭаацәеи, андуи, хәҩык ахәыҷқәеи хыбрада иаанхеит. Иахьцоз-иахьаангылоз ахьрымамыз иахҟьаны, аҭаацәара иблыз, зыбжа хырбгалоу аҩны аҟны иаанымхар ада ԥсыхәа рмоуит.
Ацхырааразы адгылара рырҭеит рыуацәеи, иара убас атәым рыцҳара ахь агәыразра аазырԥшыз ауааԥсыра.