Адемографиеи Арепатриациеи

Всего осуществлено 30 проектов

Иорданиа имҩаҧысит апринц Асым Бин Наифи, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»   ахаҭарнакцәеи реиқәшәара.

Анаҩс, Аҧснытәи аделегациа рыдыркылеит Иорданиатәи апарламент ахада Атиф  Тарауни, иара убас апарламент  алахәыла, ҳџьынџьуаҩ Менсур Абазеи. Ирылацәажәан хырхарҭа рацәала азҵаарақәа.

Арҭ амшқәа рзы Иорданиа аҳҭны қалақь Амман иаҭааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа напхгара ззиуа аделегациа. Уи аилазаараҿы иҟоуп: «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим  Ӷәынџьиа, афонд аҟны аус зуа аҿартә политиака ахеилак анапхгаҩы,  Аҧсны аекономика аминистрраҿы иаҧҵоу аинвистициатә маҵзура аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Симон Агрба, аусдкылаҩ Дмитри Аргәын. 

Аҧснытәи аделегациа Иорданиаҟа  рцара  хықәкыс иамоуп уаҟа имҩаҧысуа  аекономикатә  форум аҽалархәра.

Embedded thumbnail for Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа Аиааира амш азгәарҭеит

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира амш 24 ш. ахыҵра аҳаҭыразы, Иорданиа аҳҭны қалақь Амман имҩаҧысит ҳџьынџьуаа  злахәыз аныҳәатә хәылҧазы.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» амилаҭ дыгатә телерадиоеилахәыра «Нарҭи» русеицуразы Аҧсны ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, раҧхьатәи апроект хацыркын  Иорданиа,  Аиааира амш ныҳәа ду амҩаҧгарала. Аныҳәатә хәылҧазы  аҧсышәала иаалыртит афонд аусзуҩ Жанна Леиҧҳа.

Ателерадиоеилахәыра Нарҭ-ТВ, аиҿкаара «Кәбан», «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» раҧшьгарала, Иорданиа инхо ҳџьынџьуаа рзы аныҳәатә концерт мҩаҧгахоит.  Ари аусмҩаҧгатә еиднакылоит ҩнызқьҩык инарзынаҧшуа ауаа.  Аныҳәа азгәаҭоуп цәыббра 30рзы, ихацыркхоит асааҭ 20:00.

Ишиашоу атранслиациа еиҿкаахоит асоциалтә ҳа феисбуки, иутуби рҿы, иара убас иазгәаҭоуп Аҧсуа телехәаҧшра ишиашоу ицоу аефир ахь ацәырҵра. Аспутниктә телерадиоеилахәыра Нарҭ ТВ, иара ахатә канал аҿы имҩаҧнагоит ишиашоу ицо аефир. https://www.youtube.com/user/nart56789

Аиҧылара ааиртит ҳџьынџьуаҩ Аадем Махариа. Уи иқәгылараҿы дазааҭгылеит Аҧснынтә аделегациа раара хықәкыс иамоу, иара убас еизаз идирдырит урҭ хаҭа-хаҭала афонд аусураҿы рнапы злаку. Анаҩс, ажәа иҭан афонд ахада Сенер Гогәуа. Сенер  Гогәуа инарҭбааны далацәажәеит афонд аусура атәы, уи аҳәынҭқарра аргылараҿы ҵакыс иамоу, иара убас афонд злашьақәгылоу ахарџь ахьынтәаауа. Ажәахә ҟазҵаз Сенер Гогәуа агәыӷра  ааирҧшит афонд аҿиара амҩа иадгылап ҳәа ҳџьынџьуаа.

Иахьа ашьыжь асааҭ жәаба рзы, "Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны" аделегациа аҭааит Сҭампыл мызқәак раҧхьа афонд еиҿнакааз аусбарҭа.

Ҭырқәтәыла афонд ахьӡала хаҭарнакс аус зуа Џьенгиз Ашәба аделегациа ахаҭарнакцәа идирбеит ахыбра, иара убас еиҭеиҳәеит аусура шеиҿкаау.

"Ҳара излаҳалшо ала, акультуратә еимадара аҳәаақәа ҳарҭбаароуп, уи ҳара ҳхықәкқәа раҧхьа игылоуп"- иҳәеит Aшәба.

Аҧсны аҳәынҭқарра, аҧсуа телерадиоеилахәыра,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» русеицурала еиҿкаау  апроект «Ацынҵәарах» аҧхьара  мҩаҧысуан Ҭырқәтәыла. Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, ароман «Ацынҵәарах» автор   Баграт Шьынқәба шәышықәса ихыҵра инамаданы,  ҳтәыла араионқәа зегьы рҟны ихацыркуп ароман хәҭа-хәҭала аҧхьара. Маи 10 инаркны 14-нӡа,  ари ауснагӡатә иацҵан    хдиаспора ахьынхо Ҭырқәтәыла.  Адаҧазар, Сақариа,   Сҭампыл, Қьефқьен,   Џьгьарда-Сауксу  аҭыҧқәа рҟны еиҿкаан   ҳџьынџьуаа злахәыз  аҭыхрақәа. Ԥшьымш ирылагӡаны  «Ацынҵәарах» иаҧхьеит жәиҧшьҩык.  

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ҳџьынџьуаа аԥсуа бызшәа арҵара акурсқәа рзеиҿнакааит Ҭырқәтәыла.

Ҭырқәтәыла, Адаԥазар Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ашҟа ааԥхьара ҟанаҵеит аԥсуа бызшәа  дзырҵо арҵаҩы дырзаарышьҭырц. Ари аус иаразнак рыбжьы ақәдыргеит Сенер Гогәуа хадара ззиуа афонд. Оқтаи  Ҷкотуа  иаразнак ҭелла сиԥшааит, исарҳәеит  ҳџьынџьуаа иҟарҵаз аҳәара атәы .

Ҭырқәтәыла, Адаԥазар Сақараиа ақалақь иҟоу  аԥсуаа рхеидкыла  аҭаххара инақәыршәаны, Аԥсны аҵараеи аҭҵаарадырреи рминистрра ақәшаҳаҭхарала, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахарџьала,  Ҭырқәтәыла,  аԥсуа бызшәа дырҵаразы   Ҭырқәтәылаҟа дышьҭуп Аза Шамԥҳа.

Арҭ амшқәа рзы Иорданиа иҟаз Аҧснытәи аделегациа аҭааит Кавказтәи адиаспора аҵаҩцәа аҵара ахьырҵо  апринц Хамза ихьӡ зху  ачерқьес школ. Акыр шықәса ари ашкол ахәыҷкәа ахьырааӡоз, аҵара ддырҵарц рҽахьазыршәоз ҭыҧын. Ас еиҧш  Иорданиатәи апринц Хамза иан ианылба, илыӡбеит аҭагылазаашьа бзи рзаҧылҵарц аҵаҩцәеи, ааӡаҩцәеи, арҵаҩцәеи. Убри аҟынтә аҳкәажә иаҧшьылгеит ахыбра ҿыц лыргыларц, анаҩс  уи официалла бжьаратә ҵараиурҭаны иҟалеит. Ахыбра  анаадыртуаз амш аҽны, аҳкәажә ҿыц ииз лысаби Хамза длыманы дааит, аҳәарагьы ҟалҵеит апринц хәыҷы ихьӡ ахырҵарц.

​Иорданиа имҩаҧысуаз алхрақәа инарықәыршәаны, ачерқьесқәа рцентр еиҳабыс далхуп Зухди Џьамбачыҟәа.  Иорданиа,  Хашимиттәи акралра иаҭааз Сенер Гогәуа Хадара ззиуаз Аҧснытәи аделегациа русура аҳәаақәа ирҭагӡаны  рхы аладырхәит ачерқьесцәа рцентр аиҳабы иалхра иазкыз аусмҩаҧгатәқәа.

Ажьарныҳәамзазы имҩаҧысыз алхрақәа рышҟа иааит Амман ақалақь аҟынтә еиҧш, Иорданиа егьырҭ араионқәа рҟынтә ачерқьес диаспора.  Маӡалатәи абжьыҭира инақәыршәаны, ачерқьесцәа рцентр аиҳабыс далхын Зухди Џьамбачыҟәа.

Pages

Subscribe to Syndicate