«Атеатри ахәыҷқәеи»

Всего осуществлено 4 проектов
Embedded thumbnail for Апроект «Атеатри ахәыҷқәеи» аусура иацнаҵеит

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» аҧшьгарала,  Очамчыра араион иаҵанакуа ақыҭақәа Гәыҧ, Акәасқьа, Арасаӡыхь абжьаратә школқәа рҟынтә, Гагратәи абжьаратә  школқәа хҧа рҟынтә  ашколхәыҷқәа, иара убас ҳџьынџьуаа хәыҷқәа  алшара рыман Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҭаара.  Урҭ ирыцын арҵаҩцәеи, афонд ахаҭарнакцәеи.  Ашколхәыҷқәа рхыҧхьаӡара 100-ҩык рҟынӡа инаӡон. Дара ахәаҧшит  Самсон Ҷанба ипиеса иалху «Амҳаџьырцәа» ала иқәыргылоу аспектакль.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Тҟәарчали Гәдоуҭеи рраионқәа рҟынтә, иара убас  Ҭырқәтәылантә, Сириантә, Иорданиантә, Баҭымынтә  зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәыз  абжьаратә школқәа рҟны аҵара зҵо 100-ҩык аҵаҩцәа  ааҧхьара рыҭан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр ахь. Урҭ ирыцын арҵаҩцәеи, афонд ахьӡала араионқәа рҿы аус зуа ахаҭарнакцәеи, «Жәларбжьаратәи афонд» аусзуцәеи. Аҵаҩцәа алшара рыман Самсон Ҷанба ипиеса иалху «Амҳаџьырцәа» ала иқәыргылоу аспектакль ахәаҧшра.

Ахырҵәара иақәыршәаз ҳауаажәлар ирызкыз аусмҩаҧгатәқәа ирыцҵан  С. Ҷанба ихьӡ зху  Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы. Уаҟа, амҳаџьырра атемала ахәаҧшыҩцәа идырбан Аҧсны жәлар рпоет  Рушьбеи Смыр ипоема иалху, арежиссиор Мадина Аргәын  лықәыргыламҭа «Симра».  Уи рхы аладырхәит, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҷыдала ааҧхьара зырҭаз Тҟәарчали, Пицундеи ақалақьқәа рҟынтә абжьаратә школ аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи.

 

Раҧхьаӡа акәны, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Гагра араион Бзыҧҭа аҳабла инхо, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рхәыҷқәа рзы, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы, ҷыдала иқәыргылан Хәыта Џьапуеи, Семион Хәаҭланӡиеи рҩымҭа иалху аспектакль «Аҳ деилазгаз ауаҩы». Аҧсуа театр ахәаҧшыҩцәа, раҧхьаӡа акәны ари ақәыргыламҭа дырбан 1946 ш. азы.  Ҳазҭагылоу аамҭазы, аспектакль режиссиорс дамоуп Мадина Аргәынҧҳа. Аиҭакрақәа алагаланы, аҟазацәа  рбаҩхатәрала ирылдыршеит ахәаҧшцәа рхыхра.

Subscribe to Syndicate