«Ҭырқәтәыла ҧсыуа ҭаҳмадак иҳәоны саҳаит, убра аҧсуара иаҵанакуа зегьы агәылоуп ҳәа сгәы иаанагоит: «Уаҧсыуоума, уҧсы сара сзы иумоума, саҧсыуоуп- сыҧсы уара узы исымоуп». Ауаҩҧсы иара ихы аасҭа, ивагылоу дрызхәыцыр, бзиа ибар, пату рықәиҵар, убарҭгьы ҳара ҳаиҧш рхы ныҟәыргар, иарбанзаалак аимак-аиҿак ҟалаӡом. Ус анакәха, абри ажәа ҳазхәыцып, иара аҧсуара ахаҭаҧсаҭа абри ауп ҳәа сгәы иаанагоит. Бзиа ҳаибабар, ҳаихӡыӡаар, ҳаилибаакар, ишахәҭоу ала ҳаицәажәар, усҟан иахьа иҳамоу ауадаҩра хәыҷқәа ҳариааиуеит.