"Академиа" - Арҵаратә центр

Всего осуществлено 6 проектов

Абызшәатә центр аҟны зықәрақәа 4-14 шықәса рыбжьара иҟоу 124 ҩык аҵаҩцәа аҵара рҵоит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ааҧхьарала,  Ҭырқәтәылантәи аҵарадырра аганахь ала ҳтәыла иаҭааит  ҳџьынџьуаа  Фиген Ашьхарааҧҳаи Иасемин Оҭырҧҳаи. Фиген Ашьхарааҧҳа,  Адаҧазар ақалақь аҿы абызшәа ашкол аҟны аус луеит, Иасемин Оҭырҧҳа, Сҭампылтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа дырдокторуп.

Иахьа, арҵаратә центр «Академиа» аҟны имҩаҧысит хатәгәаҧхарала аҧсуа бызшәа арҵаразы хәыда-ҧсада еиҿкааз апроект аихшьаала. Фымз иалагӡаны акурсқәа ирхысуан 50-ҩык.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, афонд аҟны иаҧҵоу аҧсуаразы ахеилак анапхгаҩы Оқтаи Ҷкотуеи иазгәарҭеит, аҧсуа бызшәа арҵаразы еиҿкаау акурсқәа алҵшәа бзиа шааарышьҭуа. Абызшәа ззымдыруаз астудентцәа, уажәшьҭарнахыс алшара рымоуп рхатәы бызшәала ацәажәара.

Иахьа, аҵарадырратә центр «Академиа»,   Ермантәылантәи аделегациа аднакылеит. Аделегациа  хадара азиуан атуризми, асервеси, афатә ааглыхреи Еревантәи аҳәынҭқарратә коллеџь аиҳабы Артур Варданиан. Аделегациа мҩаҧигон «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа. Ацентр «Академиа» анапхгаҩы Ирина Ҷкадуаҧҳа, Ермантәылатәи асасцәа «Бзиала шәаабеит»-ҳәа раҳәо инарҭбааны ирзеиҭалҳәеит аҵара процесс шымҩаҧысуа атәы. Еревани Аҟәеи рҵаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алацәажәеит аҧхьаҟатәи русеицура иадҳәалаз азҵаатәқәа.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», изыцҵоу аҵаразы иҳәынҭқарратәым арҵаратә усҳәарҭа «Арҵаратә центр  «Академиеи», аҧхьаҟатәи русеицуреи реиҩызареи рзы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Иазгәаҭоу аҧҟарақәа инарықәыршәаны, аҵарадырреи, акультуреи ирызкыу еицырзеиҧшу апроектқәеи апрограммақәеи аус рыдырулалоит.

Арҵаратә центр «Академиа» адиректор Ирина  Ҷкадуаҧҳа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа ҭабуп ҳәа иалҳәеит, аханатә ари ацентр аҧҵараҟны ацхыраареи, адгылареи ахьеиҭаз.

Subscribe to Syndicate