Ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» азы ашәҵатә форма ҿыцқәа

Иахьа, апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Галтәи ашьапылампылтә команда  « Самырзаҟан»   20 комплект инареиҳаны ашәҵатәы формақәа ҳамҭас иананашьеит. Афонд аофис иаҭааз ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» азыҟаҵаҩ, иара  убас Гал ақалақь аҿари аспорти рхеилак анапхгаҩы, насгьы ашьапылампыл асыҩцәа қәыҧшцәа,  афонд ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы уи аусзуцәа зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы, иазгәарҭеит аспорттә иааирақәа ргаразы аҽазышәарақәа  шыҟарҵо.

Ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» еиҿкаан 1999 ш. азы.  Гал араион инхо аҿар гәыҧҩык ари аҭыҧ еиднакылоит, иара убас аспорт  аҿы рымчқәа ҧыршәартә еиҧш аҭагылазаашьа рнаҭоит. Ҳәарада, иахәҭам аусқәа ирыднаҧхьалаӡом.   Апроект  «Агәамч» аусура иацнаҵоит Аҧсны егьырҭ араионқәа рҟны. Гәабзиарала иӷәӷәоу, уи иацназго аҧҟарақәа ирықәныҟәо ажәлар, жәлары наӡоуп. 

Subscribe to Syndicate