Иорданиатәи ҳџьынџьуаа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҭааит
26/10 2016
Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа иаҭааит арҭ амшқәа рзы Иорданиантәи Аҧсны иаан иҟоу ҳџьынџьуаа Шамиль Архаӷа, уи иҧа Ҳашьым Архаӷа.
Афонд ахада Сенер Гогәуа, асасцәа «Бзиала шәаабеит»-ҳәа раҳәо дазааҭгылеит афонд хырҳарҭа рацәала имҩаҧнаго аусурақәа рхықәкы.
«Зегь раҧхьа иргыланы ҳара ҷыдала ҳазнеиуеит адемографиа азҵаара, иара убас аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалара. Ҳара ҳфонд ахьӡала ҳдиаспора ахьынхо аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿы ҳхаҭарнакцәа ралхра азгәаҭоуп. Иахьазы урҭ ыҟоуп Египет, Великобританиа, Иорданиа. Иаарласны ҳгәы иҭоуп Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Европа егьырҭ атәылақәа рҿы ралхра. Ашықәс ҿыц нахыс, афонд имҩаҧнаго апроектқәа рымҽхак ҳарҭбаауеит, иара убас ирыцаҳҵоит урҭ рхыҧхьаӡарагьы. Ҳарҭ ҳахьыҟазаалакгьы ҳамчи , ҳахшыҩи, ҳалшареи еилаҵаны аусеицура анҳалша, хымҧада ҳаҧсадгьыл аҿиара мҩа ианымларц залшом»-ҳәа азгәеиҭеит афонд ахада, Сенер Гогәуа.
Иорданиатәи ҳџьынџьуаа ракәзар, даара гәахәала ирыдыркылеит рҭоурыхтә ҧсадгьыл иахьаҭааз, ахәҭакахьала, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ашҟа ааҧхьара ахьрыҭаз.
«Ҳара раҧхьаӡа акәны ҳҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ҳааит. Уажәшьҭарнахыс Аҧсны ҳазлатәылауаҩу ала ашәҟәы ҳамоуп. Ҳгәы дууп ҳазхылҵыз ҳажәлар ахьыҟоу, абызшәа ахьҳамоу, ҳҭоурых аҿахәы ахьаҳәо. Афонд имҩаҧнаго аусура акәзар, адгылара аҳҭоит, ҳарҭгьы аҧхьаҟа излаҳалшо ала ацхыраара ҟаҳҵоит»-иҳәеит ҳџьынџьуаҩ, аҧырҩы, Шамиль Архаӷа.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, Иорданиатәи ҳџьынџьуаа иранашьан агәаларшәагатә ҳамҭақәа.














.png)








