Ҭырқәтәылантә ҳџьынџьуаа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» азы иаарышьҭыз аҳамҭақәа еихыршоит
24/11 2016
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа, Сақариеи Измиҭи ақалақьқәа рҿы иҟоу аҧсуаа рхеидкылақәа рҟынтә, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго агәыҳалалратә усуразы ацхыраара ҟарҵеит. Ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы урҭ иаарышьҭыз ашәҵатәы афонд аусбарҭаҟны еихыршоит. Иаци иахьеи ирылагӡаны имаҷҩым урҭ знапаҿы изоухьоу аҭаацәарақәа. Ҳџьынџьуаа иҟарҵаз ацхыраара гәахәала ирыдыркылеит афонд ахаҭарнакцәа реиҧш, уи ззыҟаҵаз ауааҧсыра. Ишырҳәо еиҧш: «Анапеилаҧса уаҩ дааӡоит, алабеилаҧса уаҩ дашьуеит». Ҳазхәыцып уаҵәтәи ҳамш, ҳрызхәыцып ҳтәылаҿы ҳацхыраара зҭаху изызҳауа ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара шмаҷым. Шәааи нас, ҳамчқәеи ҳалшарақәеи еидаҳҵап!














.png)








