Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ацхыраара арҭеит

Адаҧазар, Сақариа еиҿкаау аҧсуаа рхеидкыла аҩныҵҟа иаҧҵоу  аҧсуа ҳәсақәа  реилазаара аҧшьгарала, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ацхыраара аҭоуп. Ааигәа, Ҭырқәтәылантәи афонд аусбарҭа иаҭааз   хџьынџьуаҩ  Зеррин Шамҧҳа, афонд имҩаҧнагоз агәыҳалалратә ҟазшьа змаз апроектқәа рыӡбахә анлаҳа, ажәалагала ҟалҵеит Ҭырқәтәылантәи  изларылшо ала русацхыраара шарҭо.  

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  аусбарҭахь иааган, Сақариантәи, иара убас Измиҭ аҧсуаа рхеидкыла аҟынтә, Аҧсны инхо ахшара рацәа змоу, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа рзы иаашьҭыз ашәҵатәы. Иаарласны урҭ еихшаны ирыҭахоит изыхәҭоу аҭаацәарақәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа рарҳәоит ахаҵгылара ҟазҵаз зегьы.  

Subscribe to Syndicate