Ажурнал "Аҧсынтәыла сара стәыла" аӡыргара мҩаҧысит

Иахьа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" иҭнажьуа ажурнал "Аҧсынтәыла сара стәыла аӡыргара". Уи аҧшьнагеит Аҧсуа литература акафедреи, ажурналистика аҟәшеи. Аиҧылара рхы аладырхәит астудентцәа, арҵаҩцәа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа. Аиҧылара аартуа, Аҧсуа литература акафедра аиҳабы Диана Аџьынџьалҧҳа дырзааҭгылеит ажурнал адаҟьақәа ирнылаз анҵамҭақәа, урҭ акыр рыхә ҳаракны илшьеит, илҳәеит ҳҭоурых иаҿахәҳәаганы ишыҟоу. Иара убас , иазгәалҭеит афонд имҩаҧнаго хырхарҭа рацәала аус зыднауло апректқәа ртәы. 
Ажурнал аредактор хада Гәрам Амқәаб иазгәеиҭеит, ажурналистцәа анҵамҭақәа реизгараан ирыҧгылоз ауадаҩрақәа, аихьӡарақәа ртәы. Зегь раҧхьаӡа иргыланы, ажурнал аҿаҧхьа хықәкы хаданы ишықәгылоу аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ацҳа ҳабжьаҵара. 
Афонд ахада Сенер Гогәуа, аиҧылара иалахәыз инарҭбааны ирзеиҭеиҳәеит напхгара зиҭо афонд имҩаҧнаго аусура ахықәкы, апроектқәа рыӡбахә. 
Ауниверситет арҵаҩцәа Оҭар Ӡиӡариа, Лиудмила Хиба, астудентцәа гәыҧҩык , ажурнал "Аҧсынтәыла сара стәыла" азы ргәаанагарақәа рҳәеит, уи аус адызуло зегьы аҧхьаҟа арҿиаратә еихьӡарақәа рзеиӷьаршьеит.

Subscribe to Syndicate