Апроект «Атеатри ахәыҷқәеи» аусура иацнаҵеит

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Тҟәарчали Гәдоуҭеи рраионқәа рҟынтә, иара убас  Ҭырқәтәылантә, Сириантә, Иорданиантә, Баҭымынтә  зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәыз  абжьаратә школқәа рҟны аҵара зҵо 100-ҩык аҵаҩцәа  ааҧхьара рыҭан Аҧснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр ахь. Урҭ ирыцын арҵаҩцәеи, афонд ахьӡала араионқәа рҿы аус зуа ахаҭарнакцәеи, «Жәларбжьаратәи афонд» аусзуцәеи. Аҵаҩцәа алшара рыман Самсон Ҷанба ипиеса иалху «Амҳаџьырцәа» ала иқәыргылоу аспектакль ахәаҧшра.  Аспектакль ианыҧшуеит а-19-тәи ашәышықәсазы Кавказтәи ажәларқәа зегьы реиҧш, аҧсуа жәларгьы атрагедиа ду шырхыргаз,  аҭоурыхтә мзызқәа ирхырҟьаны атәым ҳәынҭқаррақәа рахь  ишахнагаз.  Ҟазара ҳаракыла иқәыргылоу аспектакль ахәаҧшҩы акыр дазнархәыцуеит, еснагь аҧсҭазаараҿы агәаҽанызаара инаҭоит,  амилаҭ жәларык аҳасабала ахыхьчара  шырҭахәу ранаҳәоит,  аҧхьаҟатәи рҧеиҧш лашазы ақәҧара иазыхиазар шакәу агәра днаргоит.

Аҵаҩцәа даараӡа ибзианы ирыдыркылеит актиорцәа инарыгӡаз арольқәа. Урҭ ргәаанагарала, апиесаҿы иаарҧшу ахаҿсахьақәа актиорцәа ирылдыршеит афилософиатә ҵак ду аманы аарҧшра.

Аспектакль гәахәарыла издызкылаз ахәаҧшцәа-қәыҧшцәа адәахьы иандәылҵ, абжьгаратә жәала раҧхьа дықәгылеит апроект аидеиа автор, акыр шықәса раҧхьа Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа ихынҳәыз, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа. Уи иазгәеиҭеит апиеса «Амҳаџьыр» автор Самсон Ҷанба иааирҧшыз аҵакы хада-Аҧсадгьыл иацәдырӡыз рыхынҳәра иара изҩыз имбазаргьы,  игәыӷра иахьа ишынаӡаз. Уи агәра ҳнаргоит иахьа аспектакль иахәаҧшуа зегьы, урҭ рхыҧхьаӡараҿы ҳшыҟоу аиҳабацәеи, ахәыҷқәеи, зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз.

Аспектакль ахәаҧшра иаҭааз асасцәа-қәыҧшцәа, аҧсуара ишаҵанакуа еиҧш, афонд ахарџьала акакал дыркын аресторан «Нарҭаа» аҟны.

 Апроект  «Атеатри ахәыҷқәеи» аусура иацҵоуп есымза. Убас, декабр мзазы иазгәаҭоуп егьырҭ араионқәеи ақыҭақәеи рҟынтәи апроект анагӡара. 

Subscribe to Syndicate