«Аҧсынтәыла сара стәыла»

Ишдыру еиҧш ,  ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла»  хықәкы хадас аҿаҧхьа иқәгылоуп аҧсуа жәла ркультура аиқәырхара, аҿиара ацхраара, амилаҭ реидкылара, абызшәа ахӡыӡаара.  Аҳәаанырцә инхо ҳажәлари ҳареи иҳабжьаларц уасхырла иӷәӷәоу аинформациатә цҳа.

Ажурнал адаҟьақәа ирнылеит Аҩадатәи Кипр инхои, Ҭырқәтәыла иҟоуи  ҳдиаспора рхаҭарнакцәа  ирызку аҭоурыхтә нҵамҭақәа, егьырҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿы инхо  ҳџьынџьуаа рыҿцәажәарақәа, рыҧсадгьыл ахь ирымоу агәаанагарақәа, азеиӷьашьарақәа. Уи ианылеит  аинтерес зҵоу «Ахҳәаа ҟамҵакәа» ҳәа хыс изауз арубрика. Уаҟа иануп аҭоурых амаӡақәа .  Аҩадатәи Кипр, Ааигәа Мрагыларатәи ауниверситет аҵарауаҩ-аполитолог, хылҵшьҭрала иаҧсыуоу Муҳиҭҭин Черқьез, ажурнал  «Аҧсынтәыла сара стәыла» аредақциазы иҳаиҭаз а-XIX-тәи ашәышықәсазы Кавказ ахҵәара иақәшәаз ажәлар рҭоурых иазку Еиду Британиа иаҵанакуа Шотландиа иҭыҵыз агазеҭ « Glasgow Herald»,  Ноиабр 4, 1864ш, иара убас , Зеландиа ҿыц иҭыҵуаз агазеҭ  «Taranaki Herald»,  Иунь 24, 1878ш.  ирнылаз астатиақәа.

Ажурнал иануп аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи, апоетцәеи ирызку анҵамҭақәа, агәалашәарақәа. Уаҟа  икьыҧхьуп 1953 ш. рзы Зиа Барцыц иаҧшьгарала, Ҭырқәтәыла иҭыҵуаз Кавказ ажәларқәа рҭоурых атәы зҳәо ажурнал иазку астатиа. Ажурнал  аҟны икьыҧхьуп еиуеиҧшым атемақәа рыла  Аҟәа имҩаҧгаз Астол гьежьқәа.

Ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» ҭыҵуеит  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала.

Ҳара ҳжурнал

Выпуск #: 6
Ҧхы 2019
Выпуск #: 5
Жәа 2018
Выпуск #: 4
Ажь 2017
Выпуск #: 3
Ҧхы 2016
Выпуск #: 2
Жьҭ 2016
Выпуск #: 1
Лаҵ 2016
Subscribe to Syndicate