Error message

Notice: Undefined index: #attached in metatag_hreflang_metatag_metatags_view_alter() (line 79 of /var/www/fondapsny.org/data/www/fondapsny.org/sites/all/modules/metatag/metatag_hreflang/metatag_hreflang.module).

Ахҭысқәа

Иахьа, Гәдоуҭа араион аҟынтәи ашколқәра иаҵанакуа жәаҩык ахәыҷқәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара рыҭан. Аҳҭны қалақь ахь ааҧхьара змаз аҵаҩцәа  ирзаахәан амаҭәақәа, иара убас аҵараҿы ацхыраагӡа рызҭо ашколтә  хархәагақәа.

Апроект «Агәыразра» иаҵанакуеит Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны инхо, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа рхәыҷқәа.

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, Аҟәа ақалақь аус зуа  згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рзы ареабилитациатә центр ҳамҭас ианаҭеит  акомпиутертә техника.  Уи рнапаҿы ирыҭан афонд иаҭааз ареабилитациатә центр аусзуцәа, аҧсихолог-Жанна Харчлааҧҳаи, арҵаҩы-ааӡаҩ Елисо Маланиаҧҳаи.  Афонд ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, ҭабуп ҳәа рарҳәеит згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рзы иаадырҧшуа ацхыраареи, агәыҳалалреи, ахаҵгылареи рзы. 

Иазгәаҭатәуп,  изныкымкәа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  Аҟәатәи ареабилитациатә центр ацхыраара шанаҭахьо. 

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ҩаҧхьа иаҭааит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа, Иамзе Заракәуаҧҳа лҭаацәа. Иамза Заракәуаҧҳа,  лхала быжьҩык ахшара лааӡоит, хәышықәса зхыҵуа инаиркны 16 шықәса зхыҵуа иҟынӡа. Лара хҩык арҧарцәеи, ҧшьҩык аҭыҧҳацәеи дрануп. Лыхшара рааӡараҟны ацхыраара лылҭоит лан.  Иамза, аҭаацәа зегьы рныҟәгара лҟәаҟәа иқәуп, лан-дтәанчаҩуп. Лыҧшәмеи лареи ҩышықәса раахыс еилыҵны иҟоуп, иара иҟынтәи изаҟаразаалак цхыраарак ыҟам. Аусурахь шарҧазы дгыланы дцоит, ианаамҭоу днеирц азы. Аус луеит Кындыӷ ақыҭа, ауҭраҭых ааӡарҭаҿы.

«Ҭырқәтәыла ҧсыуа ҭаҳмадак иҳәоны саҳаит, убра  аҧсуара иаҵанакуа зегьы агәылоуп ҳәа сгәы иаанагоит: «Уаҧсыуоума, уҧсы сара сзы иумоума, саҧсыуоуп- сыҧсы уара узы исымоуп». Ауаҩҧсы иара ихы аасҭа,  ивагылоу дрызхәыцыр, бзиа ибар, пату рықәиҵар, убарҭгьы ҳара ҳаиҧш рхы ныҟәыргар, иарбанзаалак аимак-аиҿак ҟалаӡом. Ус анакәха, абри ажәа ҳазхәыцып, иара аҧсуара ахаҭаҧсаҭа абри ауп ҳәа сгәы иаанагоит. Бзиа ҳаибабар, ҳаихӡыӡаар, ҳаилибаакар, ишахәҭоу ала ҳаицәажәар, усҟан иахьа иҳамоу ауадаҩра хәыҷқәа ҳариааиуеит.

Аҳҭны қалақь Аҟәа-2500ш. ахыҵит!
Ижәытәӡатәиу Аҟәа-ибеиоу аҭоурых. Амра лаша, аҭынч ҧсҭазаара, ажәҩан цқьа, агәырӷьаччаҧшь агымзааит ҳаҳҭнықалақь ҧшӡа Аҟәа!
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахьӡала, Аҟәа ақалақь иазеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, аҿиарамҩа, аинҭәылара!

Ҳаҭырла, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада 
Сенер Гогәуа

Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культурақәа рхеилак афедерациа а иҳабы Аҳмеҭ Ҳаҧаҭ, Аҧсны иҟазаара иалагӡаны аиҧыларақәа жәпакы ихы рылаирхәит. Иара излаиҳзәо ала, иуаажәлар рҿы игәы раҳаҭны дыҟоуп, иҧсы ишьоит. Абар ихшыҩзышьҭрақәак:

«Сара мышқәак ҵуеит Аҧсны саан сыҟоижьҭеи, сыуаажәлар срылоуп, сыҧсы сшьоит. Анцәа ҳаҧсадгьыл ҳагимыжьааит! Сара сыҷқәын дсыцны сааит, 20 ш. ихыҵуеит, ауниверситет дҭоуп Ҭырқәтәыла, анџьныр изаанаҭ ала аҵара иҵоит. Сара шықәсык анаҩс тәанчара сцоит, нас сгәы иҭоуп хәыҷы-хәыҷла сыҧсадгьыл ахь аара, Аҧсныҟа нхара ахынҳәра.

Апроект "Аҧеиҧш" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гәдоуҭа араион Дәрыҧшь ақыҭа инхо, быжьҩык ахшара зааӡо Генади Гәынбеи, Амина Цымцҧҳаи, афонд ахьӡала ацхыраара рыҭан. Ари аҭаацәара ду аҿы ирызҳауеит хәҩык аҭыҧҳацәеи, ҩыџьа арҧарцәеи: Милана, Мариана, Миранда, Минадора, Мадонна, Кадыр, Камыгу. Зегьы иреиҳабу 14 ш. лхыҵуеит иреиҳабу ҧшьышықәса. Гәынаа рҭаацәа аҳамҭақәа рыманы ирҭааит афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, афонд ахьӡала Гәдоуҭатәи ахаҭарнак Саида Кәарацхьелиаҧҳа, Мџьыҭ Гогәуа. Аҭаацәа рхада Гена Гәынба, аофициалла џьаргьы аус иуӡом, аҩнтәи аусқәа ныҟәигоит.

Гәдоуҭа ақалақь акультуратә хан аҿы имҩаҧысит Урыстәылатәи ацирктә  академиа злахәыз  а-6-тәи Жәларбжьаратәи афестиваль «Солнечный круг». Абар, уажәшьҭа хынтәуп ас еиҧш зыҩаӡара ҳараку афестиваль Аҧсны имҩаҧысуеижьҭеи. Уи иалахәуп  ахореографиеи ацирки рҟны абаҩхатәра злоу аҿар. Хымш имҩаҧысуа Жәларбжьаратәи афестиваль иалахәуп Аҧснытәи ахореографиатә коллективқәа.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит, уи аартра амш иалахәыз,   афонд акультуреи аҵарадырреи рхеилак анапхгаҩы Нугзар Логәуа.

Аҧсуаа еснагь ражәа иалоуп  «Аҧсуа иқәра ду  нуҵааит», «Аиҳабы дызмам Анцәа димам»  ҳәа.  Ԥсабарала иуаҩы аамысҭашәоу, ауаҩ нага ҳәа ззырҳәо Илиа Шәлиман-иҧа  100 шықәса ихыҵит. Уи аҳаҭыр азы  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Нугзар Логәуа, Оқтаи Ҷкотуа, Демиан Гогәуа, Мџьыҭ Гогәуа абырг аҳамҭақәа рыманы изнеит. Ҳәарада, ари ахҭыс иара гәахәала идикылеит.   Агәамч-агәабзиара изеиӷьаршьеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, аҭоурыхҭҵааҩ, ашәҟәыҩҩы Омар Баирам-иҧа Беигәаа диижьҭеи 115 шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы имҩаҧнагеит Астол гьежь. Уи азкын Омар Беигәаа иҧсҭазаареи, ирҿиартә ҭынхеи. 

Ауаажәларратә  еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, гәалсра дула ирыдыркылеит,   Иун 28 ауха, Ҭырқәтәыла, Аҭаҭиурк ихьӡ зху аҳаиртә баӷәазаҿы иҟалаз атеррористә акт иахҟьаны, ауааҧсыра рыҧсҭазаара иахьалҵыз. Ацәгьоуцәа идыртҟәацыз абомбақәа ирыхҟьаны, жәаҩыла ауаа ҭахеит, иара  убас ирацәаҩуп ахәрақәа зауз. Урҭ рыбжьара иҟан Ҭырқәтәылатәи Ареспублика атәылауаа реиҧш, егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы.   «Жәларбжьаратәи афонд   Аҧсны»  иҭахаз  рыуацәеи, рҭынхацәеи  рахь гәалсра дула адышшылара ҟарҵоит.

Ауаажәларратә  еиҿкаара  «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны», 10 шықәса зхыҵуа Анела Лакашьиаҧҳа лыхәышәтәразы,  акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» 100 нызқь мааҭ аҧара ахыҧхьанаӡалеит. Уи зырҵабыргуа ашәҟәы лнапы иаркын, афонд исасны иаҭаз   Анела хәыҷы лан Марина Қәҭарҧҳа.

Анела,  лыцламҳәа-хаҿытә  ҧҟара амҩаҧгаразы, афонд «Ашанеи», «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» рымчала еизгоуп 285 нызқь мааҭ. Иаанхаз ахарџь ахахьы иагоит Урыстәылатәи ацхырааратә фонд «Русфонд». Лара аҽыхәышәтәра дахысуеит Москватәи ахәыҷтәы институт ацламҳәа-хаҿытә хирургиаҟны.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  даҭааит Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы  Аҳмеҭ Ҳаҧаҭ.  Аиҧылара алагамҭазы  афонд ахада Сенер Гогәуа, Аҳмеҭ Ҳаҧаҭ иирдырит афонд аусзуцәа, ахеилакқәа рнапхгаҩцәа. Инарҭбааны дазааҭгылеит афонд аҿаҧхьа иқәгылоу ахықәкқәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус здыруло апроектқәа.  Иазгәеиҭеит ҳазҭагылоу аамҭазы, ҳтәылаҿы ишынхо    зсоциалтә  ҭагылазаашьа хьысҳау ауаа.  Убарҭқәа зегьы  азгәаҭаны, афонд агәыҳалалреи, ацхыраареи, адгылареи шыҟанаҵо.

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҩны абзазаратә мыругақәеи, амедицинатә маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит.

Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа хада аартын 1953ш. азы. Ахшараиурҭатә ҩны акәзар, иахьа уажәраанӡа аус шауц иауеит. Араҟа аус руеит зҧышәа ҳараку 20-ҩык инарзынаҧшуа аҳақьымтә еилазаара. Иҟоуп аҳҭны қалақь аҟынтәи Тҟәарчалҟа  усура ицо ахәыҷтәы ҳақьымцәагьы.  Акыр шықәса раахыс ахшараиуҭатә ҩны хеигӡарак ҟамҵакәа хадара азылуеит Елисо Кәарҷиаҧҳа.  Аибашьра ашьҭахь, араҟа аҭагылазаашьа аҽамҧсахӡеит. Амедицинатә маҭәахәқәа инадыркны, абзазаратә мыругақәа рҟынӡа зегь ажәит, хымҧада урҭ зегьы ҧсахтәуп.

Гал араион аҟынтә ашкол аҵаҩцәа, ахореографиатә ансамбль «Ингәыр» алахәцәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ирзеиҿнакааит аҧсшьаратә мшы. Афонд ахада Сенер Гогәуа иааҧхьарала, дара аҭааит Аҧсны аҭоурыхтә ҭыҧ ҧшӡарақәа,  ҷыдала Афон  ҿыцтәи аҳаҧы. Аҵаҩцәа рзы уи акрызҵазкуаз хҭысын.  Иҟан урҭ рахьтә, раҧхьаӡа акәны ас еиҧш иҟаз алшара змаз,  дара ирбаз-ираҳаз ҳәарада ихнамхырц залымшеит. Амш аныҳәатә ҟазшьа аманы имҩаҧысит. Аҵаҩцәа рҟазара, рыкәашара, рышәаҳәара збаз зегьы, еиҳаракгьы  Аҧсны иаҭааз аҧсшьаҩцәа  акыр иџьаршьеит. Амш аҩбатәи азбжазы,  аҵаҩцәа ргәаҳәара нагӡан.

Иахьа, Аҟәа араион иаҵанакуа абжьартә  школ аҵаҩцәа, есымза знык, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго  апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, 10-ҩык ашкол аҵаҩцәа шәҵатәылеи, ашкол маҭәахәқәеи рыла  еиқәнаршәеит. Хәыҷыцыҧхьаӡа ихҭынҵоуп 8000 мааҭ аҧара. Мызкы ари апроект иартәоит 80нызқь мааҭ.

Аҭаацәеи, ахәыҷқәеи рзы хымҧада ари аус агәахәа рызҭо цхыраагӡоуп.

Embedded thumbnail for «Ахьӡ азхьаҧшра»- 8000-ҩык хабарда ибжьаӡыз ҳтәылауаа реилкаара иазкуп.

Аинформациатә маҵзура Спутник апресс-центр аҟны имҩаҧысит «Ахьӡ азхьаҧшра»  апроект аӡыргара. Уи азкуп Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аамҭазы, афашисттә лагерқәа рҟны хабарда ибжьаӡыз Аҧсны атәылауаа рыхьӡқәа рышьақәыргылара, реилкаара. Ари апроект иабзоураны, 320-ҩык хабарда ибжьаӡны иҟаз Аҧсны атәылауаа ҧшаауп. Апроект  «Ахьӡ азхьаҧшра»  анапхгаҩы Григори Скворцов иажәақәа рыла, иара убас еилкаахеит арҭ ауаа рлахьынҵа, анышә иахьамадаз аҭыҧқәа.

Иааидкыланы хабарда ибжьаӡыз Аҧсны атәылауаа рхыҧхьаӡара 8000-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, Гал араион акомпиутерқәа быжьба анашьоуп.

Гал араион абжьаратә школқәа 20 инарзынаҧшуеит. Иҟоуп аҧсуа бызшәа ахьырҵо ашколқәа. Ааигәа, Гал араион аҟны имҩаҧгаз аҧсуа бызшәа адырра иазкыз аицлабраҟны рҽалыркааит фышколк. Урҭ «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахьӡала иранашьан агәаларшәагатә ҳамҭақәа.

И.Папасқьыр ихьӡ зху аҳәынҭқарратә библиотекаҿы имҩаҧысит асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылҧази, ицәыргақәҵеи «Аҵхи амши».  Уи еиҿнакааит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа ииз, абаҩхатәра ду злоу асахьаҭыхҩы, арҿиаҩы Нугзар Логәуа иҟазара, Аҧснеиҧш уи анҭыҵгьы еицырдыруеит.   Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәеи Реидгыла далоуп. Иусумҭақәа ҵәахуп Аҧсны амилаҭтә галереиа аҿеиҧш, Урыстәыла, Англиа, Еиду Америкатәи аштатқәа, Италиа, Сан-Марино, Иапониа, Ҭырқәтәыла уҳәа, акыр аҳәынҭқаррақәа рҿы.

Иун 13 инаркны 16-нӡа, Аҟәатәи ақалақьтә хәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы имҩаҧысуан ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа ргәаҭарақәа. Урҭ рыдыркылон Ермантәылантәи иаан иҟоу зҟазара ҳараку, Ереван иалкаау ахәышәтәырҭатә клиникақәа рҿы аус зуа аҳақьымцәа. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп:  ахәыҷтәы ортопед-атравмотолог хада Овсеп Даниелиан, ахәыҷтәы неврологиатә кафедра аҟәша анапхгаҩы Асмик Даниелиан, ахәыҷтәы реабилитолог Гаиане Захариан. Аделегациа  напхгара алҭоит Ермантәылатәи аҳәса-аусдкылаҩцәа  рыцхырааразы аилазаара ахада Лилиа Геворгиан.

Зхаҭабзиара ҳараку акомпиутерқәа ҧшьба, ааигәа  Тҟәарчалтәи агәыҳалалра-ааглыхратә ҵараиурҭа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала ианашьан. Иахьа,  даҽа ҧшькомпиутерк ари аҵараиурҭа ахьӡала еиҭадәықәҵан.

Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла инхо Гита Смыр, ааҩык ахшара дрануп. Лыҧшәма Уанчка Занҭариа, шықәсқәак раҧхьа иҧсҭазаара далҵит. Лара лҭагылазаашьа уадаҩ азгәаҭаны, 2013 ш. азы, Аҧсны аҳәынҭқарра, Агәӡера аҳабла игылоу аҩнеихагылаҟны, ҧшьуадак змоу ауадақәа лырҭеит. Лыхшара рахьтә иреиҳабу 17 ш. лхыҵуеит, иреиҵбу ҩышықәса, егьырҭ ашкол иҭоуп.

Иун 16, асааҭ 16:00 рзы, И. Папасқьыр ихьӡ зху аҳәынҭқарратә библиотекаҿы имҩаҧысуеит асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа ирҿиаратә хәылҧази, ицәыргақәҵеи «Аҵхи амши».  Уи еиҿнакаауеит ауаажәларратә еиҿкаара   «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны».

Ахәылҧаз шәхы алашәырхәырц шәылшоит аҟазара абзиабаҩцәа зегьы!

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ермантәылатәи Ареспублика аҟынтә Аҧсны иааны иҟоуп иналукааша, зус иазҟазоу аҳақьымцәа.

Иун мза 13, 14, 15, асааҭ 10 инаркны  аҳҭны қалақь Аҟәа имҩаҧысуеит, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа хәыда-ҧсада рыдкылара. Уи иадҳәалоу ахарџьқәа зегьы ахахьы иагоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны».  Уи азы аиқәышаҳаҭра рыбжьоуп аҧсны агәабзиарахьчара аминистрреи дареи.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьатәи  афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, икоммерциатәым анаплакы «Амшынеиқәа-Кавказтәи аҿиара Аҧснытәи амаҵзура »  адиректор хада Леила Ҭаниаҧҳаи, аҧҟаҧҵәа аҧҟарақәа инарықәыршәаны, аҧхьаҟатәи аусеицуразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Уаҟа излазгәаҭо ала, аҩганкгьы еиқәышаҳаҭны,  агәыҳалалратә ҟазшьа змоу ахырхарҭала аусеицура иазааит.  Рхықәкқәа рынагӡаразы, заа еицәажәаны, иазгәарҭараны иҟоу азҵаарақәа ҭҵааны аус анагӡара  нап адыркуеит.

 

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, Очамчыра араион Мықә ақыҭа инхо, 116 ш. зхыҵуа абырг,  Нуца Константин-иҧҳа, аҳамҭақәа рыманы  лҭаацәа ирҭааит. Нуца Адлеиба-Думаа, аҩнаҭа аҧшәма ҧҳәыс Клара Думааҧҳа лан лоуп. Абар, уажәшьҭа 20 ш. инареиҳауп лыҧҳа лҟны дынхоижьҭеи. Нуца Константин-иҧҳа диит иҳаҩсыз ашәышықәса алагамҭазы, Жәабран 15, 1900ш. азы.  Ааи, лара 116ш. лхыҵуеит. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит лдокументқәа.  Аҧсны инхо, қәрала зегьы иреиҳабу лакәны аофициалла иҧхьаӡоуп.

Агәамч- афонд еснагьтәи проектуп, еизҳауа абиҧара аспорт абзиабара рылааӡара иазкуп. Ари апроект  аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳтәыла ақыҭа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит.

Ихьыҧшым ашьапылампылтә ассоциациа аконфедерациа аҧшьгарала, Маи 28 инаркны Иун 5-нӡа, Аҧсны имҩаҧысуан  ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат.  Уи иалахәын 12 команда. Ачемпионат афинал аҟны, Аҧсны еизгоу ашьапылампылтә команда Пенџьаба иахьацыхәмаруаз 7:6 ҳәа Аҧснытәи акоманда  аҧыжәара агеит. Убас ала, ConIFA аверсиала, Аҧсны еизгоу ашьапылампылтә команда ҳтәылаҿы имҩаҧысуаз Адунеи ачемпионат аҿы аҧхьахәтә ҭыҧ иаҧсахеит.

Акыр иаҧсоу ашкол аушьҭымҭацәа! 
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа гәык-ҧсык ала ишәыдырныҳәалоит иахьатәи шәымш ныҳәа! Ишәзеиӷьаршьоит ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа, аҵарадырра бзиа. Ахәыҷра адунеи аҟынтә шәара шәшьаҿақәа ахьеихыжәго аҭакҧхықәра ду зцу аҧсҭазаара амҩа лаша шәзыҧшызааит. Шәҭаацәеи, шәырҵаҩцәеи рџьабаа шәаҧсахааит. Шәыҧсададгьыл шәҵеицәа бзиақәаны, шәыхьӡырҳәаганы шәазгылааит. Мҩамш!

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» адгылара анаҭоит ахәыҷтәы телехәаԥшратә дырраҭара «Мрашҭа».

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» адгылара анаҭоит ахәыҷтәы телехәаԥшратә дырраҭара «Мрашҭа».

Германиа, Миунхен ақалақь, аҧсуаа рхеидкылаҿы имҩаҧысит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуеи, уи ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиеи, уа инхо ҳџьынџьуааи реиҧылара. Сенер Гогәуа, афонд ахьӡала аҧсуаа иранеишьеит аҳамҭақәа. Ирылацәажәан аҭоурыхтә ҧсадгьыл иадҳәалаз азҵааракәа жәпакы. 
Ишәгәалаҳаршәоит, арҭ амшқәа рзы усуратә визитла Европатәи атәылақәа рҿы ишыҟоу Сенер Гогәуеи, Мақсим Ӷәынџьиеи. 

Embedded thumbnail for Ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» аредактор хада Гәырам Амқәаб иҿцәажәара.

Ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» аредактор хада Гәырам Амқәаб иҿцәажәара. 

Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аршба Мераби, Иакәыб-оглы  Аидеи  рҭаацәа ирҭааит. Дара хәҩык ахшара рааӡоит: хҩык ачқәынцәеи, ҩыџьа аӡӷабцәеи. Зегь иреиҳабу 17 ш. ихыҵуеит, сынтәа ашкол далгоит, ҩыџьа аҷкәынцәа Гагратәи алицеи интернат аҿы аҵара рҵоит, иреиҵбу ҧшьышықәса лхыҵуеит.  Ахшара рацәа змоу аҭаацәа Тҟәарчал инхоит. Урҭ рҭагылазаашьа мариам, аҭаацәа рхада Мераб-дтәанчаҩуп, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра инвалидуп, иҧшәма ҧҳәыс Аида, еснагьтәи аусура лымаӡам, акурорттә аамҭазы ак лырҳарц лҽазылшәоит.

Маи 26, 2016ш. азы, Бриуссель имҩаҧысит  иарбам ажәларқәеи амилаҭқәеи реиҿкаареи, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» рнапхгара аҧхьаҟатәи русуеицура ишадгыло азы амеморандум рнапы аҵаҩра.  Амчқәа зегьы еидкыланы, аинтерес зҵоу аусқәа рынагӡаразы ари аиҿкаара иалшо зегьы ҟанаҵоит.  Убри аҟынтә, ари ахҭыс шаҳаҭра ауеит аганқәа русеицуразы азҿлымҳара шыҟоу. Аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит иарбам ажәларқәеи амилаҭқәеи рмаӡаныҟәгаҩ хада Марино Бусдачин,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, иара убас уи ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа.

Есымза знык, Аҧсны араионқәа рҟынтә зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа рҟынтә  жәаҩык ашколхәыҷқәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала ацхыраара роуеит.

Убас еиҧш, иахьа, Гәылрыҧшь араион аҟынтә жәаҩык аҵаҩцәа алшара рыман, Аҟәа ақалақь аҿы, дара рҭахрақәа ирықәшәо ашәҵатәи, ашкол аҿы рхы иадырхәаша амаҭәахәқәеи раахәара. Хәыҷыцыҧхьаӡа ихҭынҵоуп  аанызқь мааҭ аҧара. Иааидкыланы, мызкы апроект «Агәыразра» иақәхарџьуп  80 нызқь мааҭ. Шықәсык иалагӡаны апроект «Агәыразра» иаҵанакуеит 120-ҩык ашколхәыҷқәа.

Ахырҵәара иақәыршәаз ҳауаажәлар ирызкыз аусмҩаҧгатәқәа ирыцҵан  С. Ҷанба ихьӡ зху  Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы. Уаҟа, амҳаџьырра атемала ахәаҧшыҩцәа идырбан Аҧсны жәлар рпоет  Рушьбеи Смыр ипоема иалху, арежиссиор Мадина Аргәын  лықәыргыламҭа «Симра».  Уи рхы аладырхәит, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҷыдала ааҧхьара зырҭаз Тҟәарчали, Пицундеи ақалақьқәа рҟынтә абжьаратә школ аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи.

 

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахада Сенер Гогәуа, ашьапылампылазы еизгоу  Аҧснытәи амилаҭтә команда ахәмарыҩцәа рзы  ҷыдалатәи ашәҵатәы,  азыҟаҵаҩ  хада   Џьума Кәарацхьелиеи, акоманда ахәмарыҩцәа Георги Жанааи, Ҭарашь Ҳагбеи иранеишьеит.

«Ҳара даара гәахәала иҳадаҳкылоит Аҧсны имҩаҧысраны иҟоу жәларбжьаратәи ашьапылампылтә чемпионат CONIFA. Ҳара ҳфонд ахьӡала аҳамҭақәа шәызҳархиарц ҳаӡбеит, агәра ҳгоит  ас еиҧш зыҩаӡара ҳараку ачемпионат аҟны қәҿиара дула шәшықәгыло, Аиааира шышәзыҧшу!»- ҳәа азгәеиҭеит Сенер  Гогәуа.

Иахьа, Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра ашҭаҿы ихацыркын мчымхарыла  ахырҵәара иақәыршәаз ҳауаажәлар ргәаларшәара амш. Уи иалахәын шәҩыла ауаажәларра, урҭ рхыҧхьаӡараҿы Нхыҵ-Кавказынтәи ҳашьцәа, аҳәынҭқарратәи, ауаажәларратәи еиҿкаарақәа, ҳтәыла араионқәа рҟынтәи ашкол хәыҷқәеи, арҵаҩцәеи. Анаҩс, еизаз зегьы абираҟқәеи ашәҭқәеи  рыманы, аҿар иркыз абыкь быжьқәа еигәныҩуа, амшын еиқәа аҿықә ахь шьапыла рҿынархеит. Уаҟа, амҳаџьырқәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аусмҩаҧгатә иалахәын Аҧсны    аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба зхадараҿы дыҟаз ҳтәыла анапхгара. 

Маи 28 рзы, Аҧсны иаатуеит ашьапылампыл асразы адунеи ачемпионат.  Аҧсны еизгоу ашьапылампылтә командазы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ҷыдала  ҳшьапылампыл асыҩцәа рзы Ҭырқәтәыла иаҿарҵеит 44 цыра ашәҵатәы.   Иахьа, Аҧснытәи ашьапылампылтә федерациа ахада Руслан Џьынџьал, аҳамҭақәа ирбан. Уаҵәы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахада Сенер Гогәуа, урҭ ашьапылампыл асыҩцәа иранеишьоит. 

Апрел 28 инаркны 30-нӡа, Москва имҩаҧысит жәларбжьаратәи а-4-тәи аконференциа: «Аутизм чымазара ацәырҵра, уи ахәышәтәра» атемала.  Аҧснынтә уи иалахәын апсихолог Анна Подоленко, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет апедагогикатә факультет апсихологиа ахырхарҭала аҵара зҵо Ҳанифа Харчлааҧҳа. Урҭ уахь рцара еиҿнакааит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны».   

Иахьа, Иван Папасқьыр ихьӡ  зху  Аҧснытәи амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит  ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла»  актәи аномер аӡыргара. Аиҧылара аартуа аҵарадырреи акультуреи рхеилак анапхгаҩы Нугзар Логәуа еизаз иреилиркааит ажурнал  ҵакыс иамоу, насгьы уи  аҭыҵра аҧшьгара шыҟалаз.

Аиҧылараҿы ажәа иман дықәгылеит  ажурнал аредактор хада Гәрам Амқәаб.

Embedded thumbnail for Египетынтә аделегациа Аҧсны иҟоуп

Ауаажәларратә еиҿкаара  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ааҧхьарала, Египетынтә аделегациа Аҧсны иаҭааит. Афонд ахада Сенер Гогәуа усуратә визитла Египети Иорданиеи иҟазаара аан, урҭ арахь рааразы аиҿкааратә усқәа мҩаҧган.  Египет хыҧхьаӡара рацәала инхоит  ҳџьынџьуаа, дара агәаҳәара рымоуп рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь аимадара арӷәӷәара. Египет инхо ҳдиаспора еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла      аус руеит, 20.000 рҟынӡа рхыҧхьаӡара наӡоит. Урҭ еиднакылоит азеиҧш жәла «Абаза».

Сақариатәи аҧсуаа ркультуратә хеидкыла еиҳабыс деиҭалхуп Орал Бганба.

Embedded thumbnail for Гал араион ашкол хәыҷқәа рыбжьара аҧсуа бызшәазы аицлабра мҩаҧысит.

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуа напхгара зиҭоз аделегациа Гал араион иаҭааит. Уи аилазаараҿы иҟан: акультуреи аҵарадырреи рхеилак анапхгаҩы Нугзар Логәуа, аҧсуара ахеилак аиҳабы Оқтаи Ҷкотуа, афонд аменеџьер Сабина Быҭәҧҳа, иара убас афонд ахьӡала Гал араион ахаҭарнак Есма Ҭарҧҳа. 
Аиҧылараҿы Гал араион ахада Ҭемыр Нодараиа дазааҭгылеит араион аҭагылазаашьа зеиҧшроу, еиҳарак зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа ацхыраара шырҭахәу. 

Иахьа, Аҟәа ақалақь аҟны имҩаҧысит анаука-практикатә конференциа абри атемала-«Ахәыҷтәы неврологиа актуалтә зҵаарақәа», ахәыҷтәы церебралтә паралич иадҳәалоу апроблемақәа ирызкны. Аконференциа еиҿкаауп акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи»,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» раҧшьгарала, Аҧсныи Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистрра ацхыраарала.

01 Мша

«Атеатри ахәыҷқәеи» - афонд еснагьтәи проектуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза, Аҧсны араионқәа рҟынтә знык, ахшара рацәа змоу, иара убас зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рҟынтә ахәыҷқәа алшара рымоуп аҳҭны қалақь аҟны иҟоу атеатрқәа руак аҿы аспектакль ахәаҧшра. Ахәыҷқәа ирбоу аҟазара анаҩс, анашанатә дунеи аҧсҭазаарахь ршьаҿақәа еихыргоит, уи хьӡысгьы иамоуп «Атеатр». Хымҧада, ахәыҷқәа рзы уи арызҵазкуа хҭысуп. Аспектакль анаҩс, ахәыҷқәа рзы афонд еиҿнакаауеит ақалақь аҩныҵҟа аныҟәарақәа.

12 Лаҵ to 11 Раш

«Агәабзиара» - афонд еснагьтәи проектуп, ахәыҷқәа ргәабзиарахьчара ахьчара  иазкуп. Апроект хықәкыс иамоуп ачымазара зыцны ииз ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргыларазы ҳҳәынҭқарраҿы аус зуа ареабилитациатә центр адгылара, аматериалтә цхыраара азура.

Pages

Subscribe to Syndicate