«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» раҧхьатәи аҧсуа ҵарадырратә цәыргақәҵатә салон иаҭааит

Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны  аҵарадырреи аҭҵаарадырреи рминистрра ахантәаҩрала, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаҧысит раҧхьатәи аҧсуа ҵарадырратә цәыргақәҵа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа  ари аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит . Иара убас, уаҟа ицәыргақәҵан Аҧснытәи, Волгоградтәи, Нхыҵ-Кавказтәи ауниверситетқәа, еиуеиҧшым аҵарадырратә усбарҭақәа, аҭҵаарадырратә технологиақәа рыҿиара знапы алаку аилазаарақәа.  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» астенд еиднакылеит афонд аусура атәы зҳәоз аинформациа, ахәҭакахьала, аҵарадырратә проектқәа ирызкыз, афонд  апартниор  аҵарадырратә центр «Академиа» убрахь иналаҵаны. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго аусуреиҧш, ацәыргақәҵа алахәцәеи асасцәеи аинтерес ду рызцәырнагеит «Академиа» иҳәаақәнаҵо аусурагьы.   Ҷыдала иаҳҳәозар, афонд аҧшьгаралеи, ацхырааралеи, аҵарадырратә центр «Академиа» хәыда-ҧсада аҧсуа бызшәа аҵаразы имҩаҧнаго акурсқәа.

Афонд ахаҭарнакцәа еизаз инарҭбааны ирзеиҭарҳәеит ақыҭа школқәа рзы имҩаҧырго апроектқәа русура атәы. Иаҳҳәозар, апроектқәа «Агәамчи», «Адырра ҿыци» ахырхарҭақәа рыла, ашколқәа акомпиутертә техникеи, аспорттә маҭәахәқәеи рыла ишеиқәдыршәо.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» астенд  иаҭааит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба, Приднестровиа Молдаватәи Ареспублика аҵара аминистр Татиана Цивинскаиа. 

Subscribe to Syndicate