«Аҧеиҧш»

Всего осуществлено 30 проектов

Иахьа «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусзуҩцәа, апроект «Аԥеиԥш» аусура ацҵо, иаҭааит ақыҭа Ҭхьына инхо, ааигәа  афонд ахь ацхырааразы аҳәара ҟазҵаз, ахшарарацәа змоу Рамаза Зингашьвилии Гәында Ԥаԥасқьырԥҳаи рҭаацәара, избан акәзар аҭаацәара нхоит иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿы.  Зынӡа Рамази Гәындеи быжьҩык ахшара рымоуп, аиҳабацәа анхамҩаҟны рҭаацәа ирыцхраауеит, избанзар инахароу ақыҭараҟны аусура ҳәа акгьы узыԥшаауам.

Ахшарарацәа змоу аҭаацәара ахьынхо баны иӡбан, зегь раԥхьаӡа иргыланы аҩны  аӡыржәтә амамзаара апроблема арҽеира.

Иахьа  «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусзуҩцәа, апроект «Аԥеиԥш» аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҭааит Абгархықә ақыҭан инхо, ахшара рацәа змоу Зыхәаа рҭаацәара.

Ааигәа, аҭаацәара аиҳабы Ахреи, иԥшәмаԥҳәыс Камаҷыҷи ацхырааразы афонд ахь аҳәара ҟарҵеит.

2018 шықәса рзы аҭаацәараҟны арыцҳара ҟалеит, рыҩны амца акит. Аҭаацәеи, андуи, хәҩык ахәыҷқәеи хыбрада иаанхеит. Иахьцоз-иахьаангылоз ахьрымамыз иахҟьаны, аҭаацәара иблыз, зыбжа хырбгалоу аҩны аҟны иаанымхар ада ԥсыхәа рмоуит.

Ацхырааразы адгылара рырҭеит рыуацәеи, иара убас атәым рыцҳара ахь агәыразра аазырԥшыз ауааԥсыра.

Гәдауҭа араион Дәрыҧшь ақыҭа инхо Мери Барцыц-Агрба, лықәрахь днеихьеит.  Лҧа Романи, лҭаца Таниеи  ирыхьыз ачымазара иахҟьаны рыҧсҭазаара иалҵхьеит. Лара иааӡатәны илзынхеит ҩыџьа лмаҭацәа, Ивани, Дианеи. Дара абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит.  Рҭаацәа рдунеи анырыҧсахуаз ихәыҷқәан, рыхшара рааӡара иахьымӡеит. Зшьапы ркхьаз рыҩны акәзар, аргылаха рмаӡеит. Аха, ауацәа аҭынхацәа ирыбзоураны  аҩны ахыбра ргыланы иалгеит. Уажәшьҭа ҩнымаҭәахәыла архиароуп иаҭахәу.

11-ҩык ахшара рҭаацәа Жьиба Кумачи, Мархолиаҧҳа Иулиеи,  Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭа инхоит.  Ахшара ран «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭахь илҩыз арзаҳал инақәыршәаны, афонд анапхгара аҳасабырба рыдыркылеит ари аҧсуа ҭаацәара ацхыраара рзыҟарҵарц. Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Жьиаа рҭаацәа  ҳамҭас ирыҭан ателевизор, афатә зҭарҵо архьшәашәага, ауадақәа зладырҧхо амаҭәар, аӡәӡәага машьына, аӡы хазгало анасос, афатә злаҟарҵо афымцатә  плита,  иара убас абзазараҿы рхы иадырхәаша амаҭәахәқәа рацәаны.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьоу Иури Воуба, ҧшьҩык ахшара драбуп. Дынхоит Дранда аҳаблан.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, афонд ахаҭарнак Сырма Ашәҧҳа аҭааит Очамчыра араион Аҭара ақыҭа инхо Кәыҵниаа рҭаацәа.

Аҟәа ақалақь, Ажәытә ҳаблаҿы инхо Маланӡиа Беслани, Ҵәыџьҧҳа Марҭеи хәҩык ахшара рааӡоит, ҧшьҩык арҧарцәеи, ӡӷабки: Давид, Дамир, Амир, Самир,  Самира. Давид быжьшықәса ихыҵуеит, сынтәа актәи акласс далгеит. Ԥшьҩык аишьцәа раҳәшьа хәыҷы Самира шықәсык лхыҵуеит, ҩыџьа ахәыҷбаҳчахь иныҟәоит. Аҭаацәа реиҳабы Беслан, еснагьтәи аусура имаӡам, аха изакәызаалак ихы деигӡом, ихшара амла иамкырц азы уахгьы-ҽынгьы аус иуеит. Аҧшәмаҧҳәыс  излалҳәаз  ала, есымза ахәыҷқәа рзы аҳәынҭқарра фнызқь мааҭ аҧара азоунажьуеит,  аха уи рхы рзаланыҟәгом.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. Ари ақыҭаҿы инхо 35 шықәса зхыҵуа Омар Гындиа, иҧшәмаҧҳәыс Ирина Ҵәыџьҧҳаи иареи ирааӡоит  ааҩык ахшара: Рада, Радха, Ренат, Руслана, Расита, Регина, Растислава, Раиана. Иреиҳабӡоу илхыҵуеит 16 шықәса, зегь иреиҵбу асаби ҩымз. 

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго, ахшара рацәа змоу, змазара хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа ирызку апроект «Аҧеиҧш» аус ауан иахьа, Аҟәа ақалақь. Алашарбага аҳаблаҿы инхо Гәыралиа Малхази, Қаџьаиаҧҳа Анжелеи фҩык ахшара рааӡоит. Урҭ рахьтә иҟоуп ашкол ахь иныҟәо, дыҟоуп зынӡа ааигәа ииз асабигьы. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Гәыралиаа рҭаацәа аҳамҭақәа рыманы ирҭааит.

​Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҳәаақәа ирҭагӡаны, уи ахаҭарнакцәа Асида Инаҧшьҧҳа, Роман Қапба, Мџьыҭ Гогәуа, Тҟәарчал ақалақь инхо, ахшара рацәа змоу Лагәлаа Лерики Чаабал Иринеи рҭаацәа ирҭааит. Уаҟа ирызҳауеит быжьҩык ахшар-Леуан, Леон, Гена, Еснаҭ, Лионелла, Иасмин, Аинар. Урҭ рахьтә ҧшьҩык ашкол ахь иныҟәоит, аиҵбацәа ахәыҷбаҳчахь.

Аҩнаҭа аҧшәма Лерик Лагәлаа, еснагь аус ахьиуа имам, иҧшәма ҧҳәыс лакәзар, аҩны дыҟоуп, ахәыҷқәа лааӡоит. Ас еиҧш аҭаацәара ду ахьыҟоу, ҳәарада, абзазаратә маҭәахәқәа рыгымхар алшома?

Pages

Subscribe to Syndicate