Асоциалтә

Всего осуществлено 124 проектов

Иахьа, Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ацхыраара рнаҭеит ақыҭақәа Баслахә, Лашькьындар, Тамшь, Кәачара, Ачгәара иара убас ақалақь Очамчыра иқәынхо 57 ҭаацәара. «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахь ацхырааразы аҳәара ҟалҵеит «Очамчыратәи ақәыԥшцәа рыҩны» анапхгаҩы Селма Занҭариаԥҳа. Зыԥшра ҟамҵакәа, зыӡбахә ҳәоу ацхырааразы аҭак ҟарҵеит ҳфонд алахәылацәа -  аилахәыра «Биофарма». Афонд ахь инашьҭыз арзаҳал инақәыршәаны, аҭаацәарақәа рзы иаарышьҭит иаҭаху ахәшәқәа, иара убас аинвалидтә рныҟәага, ақыҭа Ачгәара инхо, ДЦП ачымазара змоу Ԥачлиа Лука изы.

Ԥхынгәы амзазы «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» раԥхьатәи апроект «Ани амаалықьи» хәышықәса ахыҵит.  Ари апроект хықәкыс иамоуп ан лыхшара иааӡараҿы ацхыраара лызҭо амаҭәарқәа рыла  леиқәыршәара.  Ас еиԥш  агәырӷьара ахьыҟалаз, асаби дахьиз аҭаацәара, афонд аҟынтәи ироуеит апроект «Ани амаалықьи» аҳамҭа.

Апроект «Ани амаалықьи» асаби -  Гостиев Лаван ианашьан ԥшьнызқьтәи аҳамҭа. Лаван ҳусбарҭа даҭааит иан  Вероника длыцны. Урҭ ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, анасыԥ лаша, аманшәалара.

Иахьа «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусзуҩцәа, апроект «Аԥеиԥш» аусура ацҵо, иаҭааит ақыҭа Ҭхьына инхо, ааигәа  афонд ахь ацхырааразы аҳәара ҟазҵаз, ахшарарацәа змоу Рамаза Зингашьвилии Гәында Ԥаԥасқьырԥҳаи рҭаацәара, избан акәзар аҭаацәара нхоит иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рҿы.  Зынӡа Рамази Гәындеи быжьҩык ахшара рымоуп, аиҳабацәа анхамҩаҟны рҭаацәа ирыцхраауеит, избанзар инахароу ақыҭараҟны аусура ҳәа акгьы узыԥшаауам.

Ахшарарацәа змоу аҭаацәара ахьынхо баны иӡбан, зегь раԥхьаӡа иргыланы аҩны  аӡыржәтә амамзаара апроблема арҽеира.

Иахьа  «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аусзуҩцәа, апроект «Аԥеиԥш» аҳәаақәа ирҭагӡаны иаҭааит Абгархықә ақыҭан инхо, ахшара рацәа змоу Зыхәаа рҭаацәара.

Ааигәа, аҭаацәара аиҳабы Ахреи, иԥшәмаԥҳәыс Камаҷыҷи ацхырааразы афонд ахь аҳәара ҟарҵеит.

2018 шықәса рзы аҭаацәараҟны арыцҳара ҟалеит, рыҩны амца акит. Аҭаацәеи, андуи, хәҩык ахәыҷқәеи хыбрада иаанхеит. Иахьцоз-иахьаангылоз ахьрымамыз иахҟьаны, аҭаацәара иблыз, зыбжа хырбгалоу аҩны аҟны иаанымхар ада ԥсыхәа рмоуит.

Ацхырааразы адгылара рырҭеит рыуацәеи, иара убас атәым рыцҳара ахь агәыразра аазырԥшыз ауааԥсыра.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» агәыҳалалратә цхыраара анаҭеит ахәыҷтәы реабилитациатә центр « Ҭҟәарчал Аҿар Раԥшьгара». Афонд ала иаахәан Ҭҟәарчал араион иатәу ақыҭақәа рҟны инхо ахәыҷқәа рымҩангаразы автомҩанысга азы агьежьхарԥақәа реизак, избан акәзар иҟоуп ацентр аҟынӡа анеира алшара змам аҭаацәарақәа. 
Иара убас, ацентр ахь ҳамҭас инашьҭын абзазаратә химиа аизга, ашьаҵахарԥақәа, ацқьаразы ахархәагақәа, уҳәа уб. иҵ.

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира амшныҳәа аламҭалаз, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа даҭааит «Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа Рҳәынҭқарратә Еилазаара». Ари аибашьра хлымӡаах аҟны еибашьуаз зегьы ирыдиныҳәалеит  Аиааира амш. Аҧсны аҩнуҵҟа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны еибашьуаз аветеранцәа 44-ҩык ыҟоуп. Урҭ рыцыпхьаӡа рзы афонд ирызнархиеит афатәқәеи, абзазаратә химиеи рыла ишьақәгылоу аизгатәқәа.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҧсны ареабилитациатә центрқәа ҩба агәманитартә цхыраара рзынанашьҭеит. Акыраамҭа ҵуеит Ареспубликатә хәыҷтәы реабилитациатә центр аӡҭарчы ишахәҭоу еиҧш аусуразы иҷыдоу амаҭәахә рымамижьҭеи. Иахьа, ҳфонд алахәыла - аилахәыра «Биофарма» абзоурала иаахәан зыхә ҳараку аӡҭарчы азы аҳауа аҭарбага. Иара убас, Гәдоуҭатәи ацентр «Асаркьал» ахь ҳамҭас инашьҭын ацентр ахәмарратә уада аиқәыршәаразы ауарҳал хҟьақәеи, афитнес мпылқәеи.

Иахьа, Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны» Тамшь ақыҭан инхо 18, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа ацхыраара рнаҭеит. 18, афатәқәеи, ахәшәқәеи иара убас абзазаратә химиеи реизгақәа  раҳасабала иҟаз ацхыраара нашьҭын «Очамчыратәи ахәыҷтәы агәыҳалалратә ҩны» анапхгаҩы Селма Занҭариаԥҳа лахь. Лара лганахьала ари ацхыраара 18 ҭаацәара ирзыналышьҭуеит.

Зыӡбахә ҳәоу, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рыцхыраара иазку акциа ҳфонд аусура иацнаҵоит, иагьымҩаԥысуеит ҳфонд алахәылацәа, ақалақь  Ростов аҟны иҟоу аилахәыра «Биофарма» ацхыраара абзоурала.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнагеит изаамҭанытәу, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рзы ахәшәтә препаратқәа раҳасабала  агәыҳалалратә акциа. Ацхыраара рыҭан Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи,  Ҭҟәарчалтәи ареабилитациатә центрқәа. Урҭ рганахьала ари ацхыраара нарышьҭуеит изхылаҧшуа ахәыҷқәа ахьызҳауа, еиҳа ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа рахь.

Зыӡбахә ҳәоу ацхыраара амҩаҧгара алшара аиуит ҳфонди, ростовтәи аилахәыра «Биофармеи» русеицуру иабзоураны.

Иахьа, Иҧшьоу аныҳәа Рамадан инамаданы, арепатриантцәа рҭаацәарақәа рыцхырааразы агәманитартә акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳфонд афатәқәеи абзазаратә химиеи реизга аҳасабала ацхыраара рнаҭеит 16 Иорданиантә арепатриантцәа рҭаацәарақәа.

Зыӡбахә   хәоу акциа амҩаԥгараан ацхыраара ҳаиҭеит арепатриант Амир Гечба.

Pages

Subscribe to Syndicate