Апроект «Агәыразра» аусура иацҵоуп
14/07 2016
Иахьа, Гәдоуҭа араион аҟынтәи ашколқәра иаҵанакуа жәаҩык ахәыҷқәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара рыҭан. Аҳҭны қалақь ахь ааҧхьара змаз аҵаҩцәа ирзаахәан амаҭәақәа, иара убас аҵараҿы ацхыраагӡа рызҭо ашколтә хархәагақәа.
Апроект «Агәыразра» иаҵанакуеит Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны инхо, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа рхәыҷқәа.
Гәдоуҭа араион аҟынтә ацхыраара зыҭаз аҵаҩцәа ироуз аҳамҭақәа даара ргәы иахәеит. Аҭаацәеи, ахәыҷқәеи ҭабуп ҳәа рарҳәоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» хадара азызуа Сенер Гогәуеи, ари апроект аус адызуло афонд ахаҭарнакцәеи зегьы.
- Ҩажәаҩык аҵаҩцәа ацхыраара рыҭоуп
- Ҧачкориаа рҭаацәа ацхыраара рыҭоуп
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» есымзатәи апроект «Агәыразра» аусура иацҵоуп.
- Апроект «Агәыразра» аусура иацнаҵеит Очамчыра араион
- Апроект «Агәыразра» аусура иацнаҵеит Аҟәа араион.
- Апроект «Агәыразра» аҵарашықәс ҿыц аҽазыҟанаҵоит
- Апроект «Агәыразра» аусура иацнаҵеит Аҟәа араион.
- Апроект «Агәыразра» ацхыраара рынаҭеит Гәылрыҧшь араион аҟынтә жәаҩык ашколхәыҷқәа.
- Апроект «Агәыразра» аусура иацҵоуп.
- Апроект «Агәыразра» аусура иацҵоуп.
- "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" апроект ҿыц "Агәыразра" аусура хацнаркит.