Аҧсышәала иҭыҵыз ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» аӡыргара мҩаҧысит.

Иахьа, Иван Папасқьыр ихьӡ  зху  Аҧснытәи амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит  ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла»  актәи аномер аӡыргара. Аиҧылара аартуа аҵарадырреи акультуреи рхеилак анапхгаҩы Нугзар Логәуа еизаз иреилиркааит ажурнал  ҵакыс иамоу, насгьы уи  аҭыҵра аҧшьгара шыҟалаз.

Аиҧылараҿы ажәа иман дықәгылеит  ажурнал аредактор хада Гәрам Амқәаб.

«Ажурнал хықәкы хадас иамоуп аҳәаанырцә инхо аҧсуааи ҳареи аимадара ҳабжьаҵара. Аҧсуа культура, аҧсуа ҭоурых, аҵас-ақьабз   атәы зҳәо анҵамҭақәа раҧҵара,  ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә  ҧсадгьыл разхьарҧшра.  Ажурнал ахьӡи аҵаки хеибарҭәаауеит. Уи ацәа иану абираҟ зку аҭыҧҳа  лфотосахьа ажурнал аҵакы аанарҧшуеит- «Сара сыҧсадгьыл сара истәуп, иаҭаххаргьы исыхьчоит»-ҳәа азгәеиҭеит ажурнал аредактор хада  Гәрам Амқәаб.  

Анаҩс, ажурнал азы ргәаанагарақәа рҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа, аҵара аминистр Адгәыр Какоба, аҵарауаа: Зураб Аџьапуа, Оҭар Ӡиӡариа, Диана Џьынџьалҧҳа, Цира Габниаҧҳа, Олег Дамениа; ашәҟәыҩҩцәа: Алықьса Гогәуа,  Џьума Аҳәба, Анатоли Лагәлаа, Терент Ҷаниа, Ҳаири  Қәҭарба, амилаҭә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа, аҧсуаразы ахеилак анапхгаҩы Оқтаи Ҷкотуа.

Аиҧылара зҽалазырхәыз зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит «Жәларбжьаратәи афонд ахада» Сенер Гогәуа. 

 «Ҳара ҳхықәкы хадақәа ируакуп ҳажәлар ринтересқәа рыхьчара. Шықәсык аҩныҵҟа афонд иалнаршаз аусқәа реиҿкаара аҟны адгылара сызҭаз сҩызцәа зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит.  Аҧхьаҟа ирацәоуп ҳҳәынҭқарреи, ҳауаажәларреи рыцхыраараҿы имҩаҧаҳгарц ҳгәы иҭақәоу. Ажурнал аҧсышәала аҭыҵра, хымҧада ҳара ҳзы ныҳәак иаҩызоуп»-ҳәа азгәеиҭеит афонд ахада Сенер Гогәуа.

Афонд асаит аҟны ажурнал еиднакыло анҵамҭақәа еиҭагахоит урысшәала, ҭырқәшәала, англыз, араб бызшәақәа рыла. Ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла» шықәсык ахь ҩынтә иҭыҵлоит. Атираж 2000цыра ыҟоуп.

Subscribe to Syndicate