Ермантәылатәи аҳақьымцәа, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа ргәаҭарақәа мҩаҧыргоит Аҧсны.
13/06 2016
Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ермантәылатәи Ареспублика аҟынтә Аҧсны иааны иҟоуп иналукааша, зус иазҟазоу аҳақьымцәа.
Иун мза 13, 14, 15, асааҭ 10 инаркны аҳҭны қалақь Аҟәа имҩаҧысуеит, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа хәыда-ҧсада рыдкылара. Уи иадҳәалоу ахарџьқәа зегьы ахахьы иагоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны». Уи азы аиқәышаҳаҭра рыбжьоуп аҧсны агәабзиарахьчара аминистрреи дареи.
Афонд ахада Сенер Гогәа излеиҳәаз ала, хықәкыс ирымоуп ас еиҧш иҟоу агәыҳалалратә ҟазшьа змоу аусқәа реиҿкаара аҟны, ҳауаажәлар ацхыраара, адгылара аарҧшра агәаҳәара рыҭара.
«2016-тәи ашықәс зегьы, иара уи анаҩсгьы ахәыҷқәа ргәабзиарахьчара иадҳәалоу аусқәа ҳхахьы иаҳгеит. Ааигәа, ҳара ҳааҧхьарала, абри ахырхарҭала Урыстәылантәи аҳақьымцәа-аҟазацәа ааны иҟан, аконференциа мҩаҧаҳгеит. Зегь рҧхьа иргыланы ҳара иаҳҭахәуп ҳхәыҷқәа аҭыҧан иахәҭоу ацхыраара роурц, убри азы аҭыҧантәи аҳақьымцәа рҧышәа аизырҳаразы аҳәаанырцәынтәи аҳақьымцәа ааҳаҧхьаларц. Уажәы Ермантәылантәи аҳақьымцәа ара аусурақәа мҩаҧыргоит, ааҧхьаҟа ҳгәы иҭоуп Европа атәылақәа рҟынтәи аҳақьымцәа ааҧхьара раҳҭарц»-иҳәеит Сенер Гогәуа.
Ермантәылантәи Аҧсны иааны иҟоу зыҩаӡара ҳараку аҳақьымцәа аус руеит, Ереван иалкаау ахәышәтәырҭатә клиникақәа рҿы. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп амедициниатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ахәыҷтәы ортопед-атравмотолог хада Овсеп Даниелиан, ахәыҷтәы неврологиатә кафедра аҟәша анапхгаҩы Асмик Даниелиан, ахәыҷтәы реабилитолог Гаиане Захариан.
«Сара 30 ш. ҵуеит ахәыҷтәы неврологс аус суеижьҭеи. Ҳара иаҳдыруеит Аҧсны згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара шырацәоу. Ачымазарақәа еиуеиҧшым. Зегьы дара рхатә азнеишьақәа, ахәышәтәышьақәа рымоуп. Иахьа, асааҭ 10 инаркны сҩызцәеи сареи ахәыҷқәа рыдкылара ҳаҿуп. Урҭ рхыҧхьаӡара акырӡа ирацәоуп. Рыхәышәтәышьа акәзар, ҳара ҳметодқәа иахьрықәымшәо ыҟоуп. аҭыҧантәи аҳақьымцәеи ҳареи иааигәаны ҳаибадырит, хымҧада ҳпышәақәа еимаҳдоит. Агәыҳалалра аазырҧшуа ауаа Аҧсны иахьшәымоу даара гәахәала иҳадаҳкылоит»-ҳәа азгәалҭеит Ермантәылатәи аневролог хада Асмик Даниелиан.
Згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рҭаацәа ракәзар, ас еиҧш ауснагӡатәқәа реиҿкаара алзыршаз «Жәларбжьаратәи афонд» анапхгара ҭабуп ҳәа рарҳәоит.
«Аҭаацәа зегьы рсоциалтә ҭагылазаашьа еиҧшым. Иҟоуп Аҧсны анҭыҵ аҽыхәышәтәра зылшоу, иҟоуп уи аҩыза аҭагылазаашьа змам. Сара телехәҧшрала иансаҳа ажәабжь, Ермантәылантәи аҳақьымцәа аауеит ҳәа, ҩыџьа смоҭацәа сыманы сааит. Аҳақьымцәа агәаҭарақәа мҩаҧыргеит. Уажәшьҭа ҳгәы ҳарҭынчит. Иҟаҵатәу ҳабжьыргеит»-лҳәеит Николи, Данили ранду Раиса Қацәҧҳа.
Афонд аҟны иаҧҵоу асоциалтә политика ахеилак анапхгаҩы Иулиа Гәымҧҳа лажәақәа рыла, акрааҵуеит афонд агәабзиарахьчара иадҳәалоу аусқәа рнапы рылакуижьҭеи, илҳәеит аҧхьаҟа уи аҿиара шаҭахо.
Аҳақьым - апедиатор хада, Ада Абыхәҧҳа излазгәалҭаз ала, ахәыҷқәа рҭаацәа ҭелла адырра рырҭеит, ақалақь хәыҷтәы хәышәтәырҭахь иаарграц, Ермантәылантәи иаан иҟоу аҳақьымцәа рҟны агәаҭарақәа ирхысырц азы. Аҭаацәа ракәзар, ари аҩыза ажәалагала акыр ргәы иахәаны ирыдыркылеит.
Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аҧсны аҧсабара акырӡа ихнахит, аҧсуа исасдкылара акәзар акыр иџьаршьеит. Згәамч ӷәӷәоу, згәабзиара ҭышәынтәалоу ахәыҷқәа-уаҵәтәи аҳәынҭқарра аҧеиҧш ауп. Убри азы агәаҳәара аадырҧшит, ахәыҷқәа рдунеи лаша аҧҵаразы, досу имч-илша адиҵарц.
- Ҭҟәарчал араион азы агәыҳалалратә цхыраара
- Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи ареабилитациатә центрқәа агәманитартә цхыраара рыҭоуп
- Ацхыраара рыҭоуп даҽа хҧа Аҧсны ареабилитациатә центрқәа
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» агәыҳалалратә акциа
- Гәдоуҭатәи Ареабилитациатә Центр "Асаркьал" ацхыраара аҭоуп
- Ареспубликатә реабилитациатә ценр ацхыраара аҭоуп
- Ашықсҿыцтәи акциа ақалақь Гәдоуҭа аҟны
- Очамчыра араион азы ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа
- Ашықәс ҿыц аныҳәа Аҟәатәи ареабилитациатә центр ахәыҷқәа рзы
- Ашықәс ҿыц аныҳәа амҩаԥгара иацырҵоит ақ. Гал аҟны
- Ашықәс ҿыцтәи аныҳәа ақ. Тҟәарчал Ахәыҷқәа рыҿиара ацентр аҟны
- ДЦП ачымазара апроблемақәа рзы аусуратә гәыҧ реилатәара.
- Аҧснынтәи аҳақьым-атравматолог Ермантәылаҟны иҧышәахысра.
- Ермантәылантәи аортопед Аԥсны аоперациақәа мҩаԥигоит
- Ахәыҷтәы реабилитациатә центр «Асаркьал» аҟны арҽеиратә усурақәа хыркәшоуп
- Ареспубликатə хəыҷтəы центр ацхыраара аҭоуп
- Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭазы аҳамҭа
- Ермантәылантәи ареабилитолог Аҧсны лҭаара хыркәшоуп
- Аинвалидцәа рзы арныҟәагақәа
- Аҧсны ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭоуп
- Ермантәылантәи Аҧсны иаан иҟоу ортопед х-операциак мҩаҧигеит
- Ермантәылантәи аҳақьым ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥигоит
- Ермантәылаҟа ишьҭуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа
- Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» зҳәаақәа ҧку аилазаара «Биофармеи» (ақ.Ростов) Ареспубликатә реабилитациатә центр агәыҳалалратә цхыраара рзыҟанаҵеит.
- Ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭоуп
- Аҟәатәи Ареспубликатә Реабилитациатә центр ацхыраара аҭоуп
- Апроект «Агәабзиара» аусура иацнаҵеит Очамчыра ақалақь аҟны
- Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аҧсны иаан иҟоуп
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчалтәи ареабилитациатә центр 100нызқь мааҭ азоунажьит
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҟәатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит
- Еревантәи ахәышәтәырҭаҿы аоперациа анаҩс, ахәыҷқәа ргәабзиара еиӷьуп.
- Ермантәылаҟа ҽыхәышәтәра идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа
- Галтәи ареабилитациатә центр аматериалтә цхыраара азыҟаҵоуп
- Апроект «Агәабзиара» аусура иацнаҵеит Очамчыра ақалақь
- Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыдыркылоит
- Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчалтәи ареабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Галтәи ареабилитациатә центр атренажиор-аҩратә мҩа ҳамҭас ианаҭеит.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Очамчыратәи ареабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит.
- Арҭ амшқәа рзы Аҧснынтә Ермантәылатәи Ареспубликахь ҽыхәышәтәра идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ҧшьҩык ахәыҷқәа.
- ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа раҧхьатәи агәыҧ, иахьа, Ермантәылаҟа амҩа иқәлеит аҽыхәышәтәразы.
- Анела Лакашьиаҧҳа лыхәышәтәразы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» 100 нызқь мааҭ аҧара азоунажьит.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҩны абзазаратә мыругақәеи, амедицинатә маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит.
- Зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр ацхыраара аҭоуп
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», Гьаргь Торчуа ихәышәтәразы афонд «Ашана» 200 нызқь мааҭ аҧара ахыҧхьанаӡалеит.
- Згәабзиара уашәшәыроу Лиана Догәзиа аҽыхәышәтәразы лассы Москваҟа амҩа дықәлоит.














.png)








