Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла.

Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла инхо Гита Смыр, ааҩык ахшара дрануп. Лыҧшәма Уанчка Занҭариа, шықәсқәак раҧхьа иҧсҭазаара далҵит. Лара лҭагылазаашьа уадаҩ азгәаҭаны, 2013 ш. азы, Аҧсны аҳәынҭқарра, Агәӡера аҳабла игылоу аҩнеихагылаҟны, ҧшьуадак змоу ауадақәа лырҭеит. Лыхшара рахьтә иреиҳабу 17 ш. лхыҵуеит, иреиҵбу ҩышықәса, егьырҭ ашкол иҭоуп.

Гита Смыр, лыхшара рацәа рааӡараҟны илыҧгыло ауадаҩрақәа ыҟоуп. Лхәыҷқәа лыдкыланы  дахьынхо аабатәи аихагыла аҟынӡа аӡыхьшәашәа халозаргьы, ирымам аӡыршы, аҽыкәабарҭа, амаҭәа ӡәӡәарҭа  уҳәа. Убарҭқәа зегьы азгәаҭаны,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, арепатриациеи адемографиеи рхеилак анапхгаҩы Сырма Ашәҧҳаи, Мџьыҭ Гогәуеи, абаниа аиқәыршәаразы, Гита Смыр,  иаҭахәу амаҭәахәқәа зегьы лызнаргеит: аӡырҧхага, амаҭәаӡәӡәагатә машьына, иара убас ачаӡыга инаркны, анхара-анҵыраҿы лхы иалырхәаша абзазаратә маҭәахәқәа маҷымкәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, уи ахаҭарнакцәа зегьы, Гита Смыр  ҭабуп ҳәа ралҳәоит, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы иҟарҵо ацхыраарареи, агәцаракреи рзы.  Иазгәаҭатәуп, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ашкол аҵаҩцәа рзы, афонд имҩаҧнаго апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гита Смыр лыхшара ааигәа ацхыраара шрыҭаз. 

Subscribe to Syndicate