Иун 30 рзы, Аҧсны амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит Омар Беигәаа иҧсҭазаареи, ирҿиаратә ҭынхеи ирызку Астол гьежь.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, аҭоурыхҭҵааҩ, ашәҟәыҩҩы Омар Баирам-иҧа Беигәаа диижьҭеи 115 шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы имҩаҧнагеит Астол гьежь. Уи азкын Омар Беигәаа иҧсҭазаареи, ирҿиартә ҭынхеи. 
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнагаз Астол гьежь ахь ҷыдала Ҭырқәтәылантәи ааҧхьара лыман, Омар Беигәаа хаҭала дыздыруаз, аус ицзухьаз, зуасиаҭ ажәа знапы ианиҵахьаз, ирҿиара аиқәырхара акыр аџьа адызбалахьо Маҳинур Папааҧҳа. Иара убас, Астол гьежь рхы аладырхәит Аҧсны аиҳабыра рхаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуцәа, Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуаа ркультуратә хеидкылақәа рнапхгаҩы Аҳмеҭ Ҳаҧаҭ, Омар Беигәаа ирҿиара абзиабаҩцәа. 
1877-1878ш.ш. рзы, Аҧснынтә Ҭырқәтәылаҟа ихырҵәаз аҧсуаа дрылан Абжьаҟәа ақыҭантәи анхаҩы, Омар Беигәаа иабду Ҳасан. Аҟәантә ихырҵәаз аҧсуаа Ҭырқәтәыла иӡхыҵит Қьефқьен амшын аҧшаҳәаҿы. Зықьҩыла изҭагылаз агәаҟрақәа рызхымгакәа рыҧсҭазаара иалҵуан. Усҟан зыҧсы еиқәхаз аҧсуаа ирылашәеит Омар иани, иаби-Беигәаа Баирами, Шамҧҳа Мкыди. 1901 ш. азы, Ҭырқәтәыла, Ефҭениа, Ҳаџьы-Сулеиман беи иқыҭа ҳәа изышьҭаз, аҧсуаа рацәаҩны иахьынхоз ақыҭаҿы диит ҧсабарала заҧхьаҟа абаҩхатәра ду злалараны иҟаз аҵеи лаша, Омар Беигәаа. Омар Беигәаа акьыҧхь иазирхиаз, аха макьанагьы иҭыжьым иусумҭақәа акыр ирацәоуп. Иҩымҭақәа рзы Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Маҳинур Папааҧҳа, ауасиаҭ лзынижьит: «Сҩымҭақәа Аҧснаа ирдыруа иҟабҵароуп, сызхьымӡазгьы бара ибырхиароуп»-ҳәа. Ааи, инаӡеит Омар Беигәаа иҳәахьа. 
Астол гьежь аартуа афонд ахаҭарнак Оқтаи Ҷкотуа дазааҭгылеит, Омар Беигәаа иҧсҭазаареи, ирҿиаратә мҩеи. Анаҩс, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуа, Астол гьежь зызку Омар Беигәаа игәалашәара ахә ҳаракны ишьо, уи зхы алазырхәыз зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. Афонд ахьӡала агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранеишьеит Маҳинур Папааҧҳаи, Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы Аҳмеҭ Ҳаҧаҭи. 
Астол гьежь аҿы ажәахәқәа рыла иқәгылеит аҧсуа ҭҵаарадырратә институт аусзуцәа, аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа: Маҳинур Папааҧҳа, Альбина Анқәабҧҳа, Џьума Аҳәба, Виачеслав Бигәаа, Нурбеи Ломиа, Арда Ашәба, Анатоли Лагәлаа. 
Иара убас, иӡырган "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахарџьала иҭыжьыз Маҳинур Папааҧҳа авторс дызмоу ашәҟәы "35шықәса Беигәаа Омар иаанда". 

Subscribe to Syndicate