«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҩны абзазаратә мыругақәеи, амедицинатә маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит.
27/06 2016
Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа хада аартын 1953ш. азы. Ахшараиурҭатә ҩны акәзар, иахьа уажәраанӡа аус шауц иауеит. Араҟа аус руеит зҧышәа ҳараку 20-ҩык инарзынаҧшуа аҳақьымтә еилазаара. Иҟоуп аҳҭны қалақь аҟынтәи Тҟәарчалҟа усура ицо ахәыҷтәы ҳақьымцәагьы. Акыр шықәса раахыс ахшараиуҭатә ҩны хеигӡарак ҟамҵакәа хадара азылуеит Елисо Кәарҷиаҧҳа. Аибашьра ашьҭахь, араҟа аҭагылазаашьа аҽамҧсахӡеит. Амедицинатә маҭәахәқәа инадыркны, абзазаратә мыругақәа рҟынӡа зегь ажәит, хымҧада урҭ зегьы ҧсахтәуп.
Сенер Гогәуа хадара ззиуа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, Тҟәарчалтәи ахшараиурҭатә ҩны ҳамҭас ианашьан архьшәашәага, амаҭәаӡәӡәага амашьына, арҧхагақәа, хкы рацәала амедицинатә маҭәахәқәа, иара убас абзазаратә мыругақәа маҷымкәа.
«Сара мышқәак раҧхьа Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа саҭааит ДЦП ачымазара иадҳәалоу азҵаарақәа инарыдҳәаланы. Ҳара ҳфонд уи хықәкыла аус аднаулоит. Убасҟан избеит ахшараиурҭатә ҩны акыр ацхыраара аҭахны ишыҟаз. Ажәагьы рысҭеит иаарласны изласылшо ала, адгылара шрысҭо. Сгәы иаанагоит Тҟәарчал иалҵыз, акры змоу ауаа, аҧхьаҟа ас еиҧш агәыҳалалратә ҟазшьа змоу аусқәа ишырхаҵгыло. Ҳҳәынҭқарра инаҷыданы, досу иҳалшо ала ҳанеидгыла, аус алҵшәа маиурц залшом»-иҳәеит Сенер Гогәуа.
Сенер Гогәуа, иара убас ахшараиурҭатә ҩны аусзуәа ирзеиҭеиҳәеит, ҷыдала ҽыц ахшара зауа анацәа рысабицәа рааӡараҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәа рыла ишеиқәдыршәо. Уи апроект хьӡыс ишамоу «Ани амаалықьи».
Тҟәарчалтәи ахшараиурҭатә хәышәтәырҭа аиҳабы Елисо Кәарҷиаҧҳа, афонд ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, уи аусзуцәа зегьы ҭабуп ҳәа ралҳәеит иаадырҧшыз ахаҵгыларазы. Сенер Гогәуа ицны ахшараиурҭатә ҩны иаҭааит афонд ахаҭарнакцәа, иара абри ахәышәтәырҭаҿы ииз Абессалом Кәарҷиа, Иулиа Гәымҧҳа, Сырма Ашәҧҳа.
«Ақалақь фырхаҵа-Тҟәарчал иахҭнагахьоу рацәоуп. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа, ҳахәышәтәырҭа ианымҧшырц залымшеит. Амыругақәа зегьы ажәызаргьы, реиқәырхара ҳалҳаршеит. Ҳус ҭакҧхықәрала ҳазнеиуеит. Аҧхьаҟа аҿиара ҟалароуп. Мызкы иалагӡаны, араҟа 10-ҩык инарзынаҧшуа аҳәса ахшара роуеит. Ирацәоуп ақыҭақәа рҟынтәи ахшараиура иаҳзаауа аҳәса. Иҟоуп 40 ш. инареиҳаны аус зухьо, иахьагьы ааҧсарак ҟамҵакәа зус бзиа ибаны иназыгӡо аҳақьымцәа, амедеҳәшьцәа»-ҳәа азгәалҭеит Елисо Кәарҷиаҧҳа.
Тҟәарчал имҩаҧысыз агәыҳалалратә ҟазшьа змаз аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Тҟәарчал администрациа анапхгара, ақалақьтә еизара адепутатцәа, афонд ахьӡала Тҟәарчал аус зуа ахаҭарнак. Иазгәаҭатәуп, иара убас «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ааигәа, Тҟәарчалтәи агәыҳалалратә коллеџь акомпиутерқәа рыла ишеиқәнаршәаз.
- Ҭҟәарчал араион азы агәыҳалалратә цхыраара
- Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи ареабилитациатә центрқәа агәманитартә цхыраара рыҭоуп
- Ацхыраара рыҭоуп даҽа хҧа Аҧсны ареабилитациатә центрқәа
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» агәыҳалалратә акциа
- Гәдоуҭатәи Ареабилитациатә Центр "Асаркьал" ацхыраара аҭоуп
- Ареспубликатә реабилитациатә ценр ацхыраара аҭоуп
- Ашықсҿыцтәи акциа ақалақь Гәдоуҭа аҟны
- Очамчыра араион азы ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа
- Ашықәс ҿыц аныҳәа Аҟәатәи ареабилитациатә центр ахәыҷқәа рзы
- Ашықәс ҿыц аныҳәа амҩаԥгара иацырҵоит ақ. Гал аҟны
- Ашықәс ҿыцтәи аныҳәа ақ. Тҟәарчал Ахәыҷқәа рыҿиара ацентр аҟны
- ДЦП ачымазара апроблемақәа рзы аусуратә гәыҧ реилатәара.
- Аҧснынтәи аҳақьым-атравматолог Ермантәылаҟны иҧышәахысра.
- Ермантәылантәи аортопед Аԥсны аоперациақәа мҩаԥигоит
- Ахәыҷтәы реабилитациатә центр «Асаркьал» аҟны арҽеиратә усурақәа хыркәшоуп
- Ареспубликатə хəыҷтəы центр ацхыраара аҭоуп
- Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭазы аҳамҭа
- Ермантәылантәи ареабилитолог Аҧсны лҭаара хыркәшоуп
- Аинвалидцәа рзы арныҟәагақәа
- Аҧсны ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭоуп
- Ермантәылантәи Аҧсны иаан иҟоу ортопед х-операциак мҩаҧигеит
- Ермантәылантәи аҳақьым ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥигоит
- Ермантәылаҟа ишьҭуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа
- Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» зҳәаақәа ҧку аилазаара «Биофармеи» (ақ.Ростов) Ареспубликатә реабилитациатә центр агәыҳалалратә цхыраара рзыҟанаҵеит.
- Ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭоуп
- Аҟәатәи Ареспубликатә Реабилитациатә центр ацхыраара аҭоуп
- Апроект «Агәабзиара» аусура иацнаҵеит Очамчыра ақалақь аҟны
- Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аҧсны иаан иҟоуп
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчалтәи ареабилитациатә центр 100нызқь мааҭ азоунажьит
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҟәатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит
- Еревантәи ахәышәтәырҭаҿы аоперациа анаҩс, ахәыҷқәа ргәабзиара еиӷьуп.
- Ермантәылаҟа ҽыхәышәтәра идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа
- Галтәи ареабилитациатә центр аматериалтә цхыраара азыҟаҵоуп
- Апроект «Агәабзиара» аусура иацнаҵеит Очамчыра ақалақь
- Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыдыркылоит
- Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчалтәи ареабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Галтәи ареабилитациатә центр атренажиор-аҩратә мҩа ҳамҭас ианаҭеит.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Очамчыратәи ареабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит.
- Арҭ амшқәа рзы Аҧснынтә Ермантәылатәи Ареспубликахь ҽыхәышәтәра идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ҧшьҩык ахәыҷқәа.
- ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа раҧхьатәи агәыҧ, иахьа, Ермантәылаҟа амҩа иқәлеит аҽыхәышәтәразы.
- Анела Лакашьиаҧҳа лыхәышәтәразы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» 100 нызқь мааҭ аҧара азоунажьит.
- Ермантәылатәи аҳақьымцәа, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа ргәаҭарақәа мҩаҧыргоит Аҧсны.
- Зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр ацхыраара аҭоуп
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», Гьаргь Торчуа ихәышәтәразы афонд «Ашана» 200 нызқь мааҭ аҧара ахыҧхьанаӡалеит.
- Згәабзиара уашәшәыроу Лиана Догәзиа аҽыхәышәтәразы лассы Москваҟа амҩа дықәлоит.