Аутизм чымазара ацәырҵра, уи ахәышәтәра
20/05 2016
Апрел 28 инаркны 30-нӡа, Москва имҩаҧысит жәларбжьаратәи а-4-тәи аконференциа: «Аутизм чымазара ацәырҵра, уи ахәышәтәра» атемала. Аҧснынтә уи иалахәын апсихолог Анна Подоленко, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет апедагогикатә факультет апсихологиа ахырхарҭала аҵара зҵо Ҳанифа Харчлааҧҳа. Урҭ уахь рцара еиҿнакааит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны».
Москва имҩаҧысуаз Жәларбжьаратәи а-4-тәи аконференциа иалахәын Американтә, Нидерландынтә, Урыстәылантә аус азҟазацәа: аневрологцәа, апсихологцәа, адиетологцәа уҳәа еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аспециалистцәа. Аҧснынтә уи иалахәыз излазгәарҭо ала, хымш ирылагӡаны, даара аҧышәа бзиа роуит ирбаз, ираҳаз ажәахәқәеи, ақәгыларақәеи ирыбзоураны. Хымҧада уи ахархәара аиуеит Аҧсны аҩныҵҟа, аутизм чымазара змоу ахәыҷқәа рзы даара ицхыраагӡаны иҟалоит.
Ишдыру еиҧш, Аҟәа ақалақь аус ауеит згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рзы ареабилитациатә центр. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», Аҟәатәи ареабилитациатә центри аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьоуп. Убри инақәыршәаны, аҧхьаҟа ас еиҧш иҟоу ауснагӡатәқәа аҿиара роуеит.














.png)








