Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа федерациа ахантәаҩы Аҳмеҭ Ҳаҧаҭ «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» даҭааит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  даҭааит Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы  Аҳмеҭ Ҳаҧаҭ.  Аиҧылара алагамҭазы  афонд ахада Сенер Гогәуа, Аҳмеҭ Ҳаҧаҭ иирдырит афонд аусзуцәа, ахеилакқәа рнапхгаҩцәа. Инарҭбааны дазааҭгылеит афонд аҿаҧхьа иқәгылоу ахықәкқәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус здыруло апроектқәа.  Иазгәеиҭеит ҳазҭагылоу аамҭазы, ҳтәылаҿы ишынхо    зсоциалтә  ҭагылазаашьа хьысҳау ауаа.  Убарҭқәа зегьы  азгәаҭаны, афонд агәыҳалалреи, ацхыраареи, адгылареи шыҟанаҵо.

«Ҳара ҳазҿу аусқәа зегьы, ҳҳәынҭқарра аҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбараҟны ицхыраагӡоуп. Агәыӷра ҳамоуп, аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи  ҳаимадара аҽарҭбаап, ҳнапы злаку ҳзеиҧш усқәа рҟны аидгылара, аицхыраара ҳарҭап ҳәа. Иара убас,  иазҧхьагәаҭан иҳамоуп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакра,  ҳџьынџьуаа ахьынхо атәылақәа рҿы раартра. Уа  иҟоу ҳауаажәлар  рҧышәеи, рымчи адкылара»-иҳәеит  Сенер Гогәуа.

Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы  Аҳмеҭ Ҳаҧаҭ иҳәеит,  афонд имҩаҧнаго аусурақәа рзы аинформациа хаҭәаан ишимоу, уи ҳауаажәлар ргәы акыр ишышьҭнахуа.  Аҧсуа федерациа иалшо аусқәа рҟны ахы ишамеигӡо. Иара убас, афонд ацхырааразы еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла ажәалагалақәа ҟаиҵеит.

«Аҧсуа федерациеи, Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аиҳабыреи аимадара ҳабжьоуп. Дара рҿаҧхьа ишьҭаҳхуа азҵаарақәа ыҟоуп. Хымҧада, аҧхьаҟа ҳазлацәажәаша, инаҳагӡаша иҵегьы ирацәоуп. Сгәы иаанагоит ҳамчи, ҳҧышәеи, ҳалшареи анеибаҳҭа, ҳаззымиааиуа ус шыҟам»-ҳәа азгәеиҭеит Аҳмеҭ Ҳаҧаҭ.

 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа  ааигәа, усуратә визитла Ҭырқәтәылаҟа  ицараны иҟоуп.  Иазгәаҭоуп уа инхо ҳдиаспореи дареи злаху аизарақәа, аицәажәарақәа мҩаҧысраны ишыҟоу. 

Subscribe to Syndicate