«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусура хацнаркит апроект ҿыц «Агәамч»
08/06 2016
Агәамч- афонд еснагьтәи проектуп, еизҳауа абиҧара аспорт абзиабара рылааӡара иазкуп. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳтәыла ақыҭа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит.
Апроект «Агәамч» раҧхьатәи аусура хацнаркит Даур Сарсаниа ихьӡ зху Гәыҧтәи абжьаратә школ аҿы. Афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Гәынџьиа зхадараҿы дыҟаз аделегациа, Гәыҧтәи ашкол аҵаҩцәа ҳамҭас ирызнаргеит хкы рацәала аспорттә маҭәахәқәа. Афонд ахаҭарнакцәа ирыцны Гәыҧтәи ашкол иаҭааит иара убас, Адунеи иачемпионцәахаз, Аҧсны еизгоу ашьапылампыл асыҩцәа Дмитри Кәартааи, Шабаҭ Лагәуеи. Хымҧада, Гәыҧаа рзы, еиҳаракгьы ашкол аҵаҩцәа рзы уи акры зҵазкуаз хҭыс дуун.
Афонд ахьӡала Очамыратәи ахаҭарнак Демиан Гогәуа, Гәыҧтәи ашкол анапхгара, арҵаҩцәа, аҵаҩцәа, ақыҭа ахада Аинар Гармелиа, ҭабуп ҳәа рарҳәеит Сенер Гогәуа хадас дызмоу «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа ашкол ианаршьаз аспорттә маҭәахәқәа рзы. Мақсим Ӷәынџьиа еизаз ирзеиҭеиҳәеит афонд имҩаҧнаго аусурақәа ртәы. Иҳәеит афонд ахықәкы хадақәа ишреиуоу аҿар еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла адгылара рыҭара. Убри аан азҿлымҳара шарҭо аспорт аус хкы.
Ашьапылампыл асыҩцәа Дмитри Кәартааи, Шабаҭ Лагәуеи Гәыҧ ақыҭан рбара акыр еигәырӷьо, аихьӡарақәеи, аманшәалареи рзеиӷьаршьеит. Ақыҭақәа рҿы аспорт аҿиара ацхыраара аҭара, хымҧада, уаҵәтәи аҧеиҧш лаша иазкуп.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Мықә ақыҭа
- Апроект «Агәамч» аусура иацҵоуп Очамчыратәи аҧшьбатәи ашкол аҟны
- Ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» азы ашәҵатә форма ҿыцқәа
- Апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Гал араион
- Апроект «Агәамч» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Ҷлоу ақыҭа иаҭааит.
- Апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Гагра араион Лӡаа ақыҭан














.png)








