Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсуа Федерациа аиҳабы Аҧсны даан дыҟоуп.
07/07 2016
Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культурақәа рхеилак афедерациа а иҳабы Аҳмеҭ Ҳаҧаҭ, Аҧсны иҟазаара иалагӡаны аиҧыларақәа жәпакы ихы рылаирхәит. Иара излаиҳзәо ала, иуаажәлар рҿы игәы раҳаҭны дыҟоуп, иҧсы ишьоит. Абар ихшыҩзышьҭрақәак:
«Сара мышқәак ҵуеит Аҧсны саан сыҟоижьҭеи, сыуаажәлар срылоуп, сыҧсы сшьоит. Анцәа ҳаҧсадгьыл ҳагимыжьааит! Сара сыҷқәын дсыцны сааит, 20 ш. ихыҵуеит, ауниверситет дҭоуп Ҭырқәтәыла, анџьныр изаанаҭ ала аҵара иҵоит. Сара шықәсык анаҩс тәанчара сцоит, нас сгәы иҭоуп хәыҷы-хәыҷла сыҧсадгьыл ахь аара, Аҧсныҟа нхара ахынҳәра.
Ҳажәлар рыгәҭакы наӡартә еиҧш алшара роуааит. Ҳара ҳлеишәа, ҳқьабз, ҳҵас, рыззегьы зыхьчо ҳаҧсадгьыл ауп, даҽа ҳәынҭқаррак ҳахәаӡом ҳхы ҳанақәымгәыӷ. Ҳара ҳабызшәа зыхьчаз ақыҭақәа роуп, ҧсышәала ҳцәажәон, аҭырқәшәала ацәажәара ҳацәыҧхашьон. Уажәы аамҭа аҽаҧсахит, ақыҭаҿы анхар-анҵыра, ауҭраҭых, арахә ааӡара маҷхеит. Усҟан ақыҭа абарақьаҭра ацын. Уажәы азауадқәа, афабрикақәа рацәахеит. Ауаа ақалақьқәа рахь еихеит ахныҟәгаразы. Аҧсуара ӷәӷәазар, адунеи аҿы иҟало аҽыҧсахрақәа ҳҧырхагахаӡом.
Аҧсуа федерациа 13 аҧсуаа ркультуратә центрқәа еиднакылоит. Ҭырқәтәыла, ҳауаажәлар ахьыҟоу акультуратә хеидкылақәа реиҿкаара ҳаҿуп. Уажәы, Синоп, Адана, Измир иҟоу апсуаа рзы адернеқь ашьақәыргылара ҳгәы иҭоуп.
Аҧсуа ихныҟәгара даҽакуп. Абызшәа азҵаара атәы сҳәозар, абызшәа нагӡаны ахьчара зылшо аҧсадгьыл ауп. Атәымџьараҿы уи бжамҽаны иаанхоит. Уи ҧсҭазааратә ҧышәоуп. Ҳара ҳаҧсадгьыл анаҳахьча, хымҧада иаргьы ҳахьчоит. Аҧсадгьыл умазар, аҳәынҭқарра умазар, аҧсышәала ухәыцуазар, уи еиӷьу иарбан?! Ҳаззегьы ҧсыуала ҳхәыцуа ҳаналага, шәарҭара ҳҭагылаӡом.
Арепатриаҵиазы аҳәынҭқарратә еилаки ҳара ҳфедерациеи аиқәышаҳаҭра ҳабжьоуп аусеицуразы. Ҳапрограммаҿы азҵаарақәа зегьы арбоуп ҳҳәынҭқарра ацхыраара аҳҭарц злаҳалшо. Иҟаҳҵаша акырӡа ирацәоуп иҵегьы.
Аиҧылара мҩаҧаҳгеит Сенер Гогәуа напхгара зиҭо ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәеи сареи. Афонд имҩаҧнаго аусурақәа даара ҳгәы иахәоит. Аҧхьаҟа адиаспора ҳганахь ала ацхыраара злаҟаҳҵаша азҵаарақәа ҳарзааҭгылеит, аиҿкааратә усқәа ҳрылацәажәеит.
Аҟәа ақалақь администрациа аиҳабы аҳҭны калақь амш ныҳәахь ааҧхьара сиҭеит. Уи схы аласырхәыр сҭахуп. Нас,Ҭырқәтәылаҟа схынҳәуеит. Аҧсны иҟоу сашьцәа, саҳәшьцәа рыззегьы, гәыла ҧсыла ирасҳәарц сҭахәуп: Ҳаҧсадгьыл ада царҭа ҳамаӡам. Аҧсҭазаара ҧшӡа Анцәа иҳаҭәеишьааит зегьы. Хшыҩла аус еицаҳуп. Ҳҽеидаҳкылар, ҳамч-ҳалшара еидаҳҵар, иҳазмырҽеиуа ус ҟалаӡом. Шәныҳәазааит сыҧсадгьыл иқәынхо сыуаажәлар!»














.png)








