«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, Гал араион акомпиутерқәа быжьба анашьоуп.
20 Раш
Гал араион абжьаратә школқәа 20 инарзынаҧшуеит. Иҟоуп аҧсуа бызшәа ахьырҵо ашколқәа. Ааигәа, Гал араион аҟны имҩаҧгаз аҧсуа бызшәа адырра иазкыз аицлабраҟны рҽалыркааит фышколк. Урҭ «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала иранашьан агәаларшәагатә ҳамҭақәа.
Иахьа, афонд ахада Сенер Гогәуеи, акультуреи, аҵарадырреи рхеилак анапхгаҩы Нугзар Логәуеи, Гал араион аҧсуа бызшәа иазку ауадақәа рзы акомпиутерқәа 6 ҳамҭас ирызнаргеит. Иара убас, Галтәи апедагогикатә коллеџь компиутерк анаршьеит. Гал еиҿкаау ахәыҷтәы хареографиатә ансамбль «Ингур» , «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала афинанстә цхыраара азыҟаҵан. Сенер Гогәуа излеиҳәаз ала, ҳазҭоу амчыбжь азы, ансамбль «Ингур» алахәцәа, Аҧсны аҭоурыхтә ҭыҧ ҧшӡарақәеи, аҧсшьареи рзеиҿкаахоит.
- Аҧсуаҭҵааратә институт ацхыраара аҭоуп
- «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» Аԥсуа драматә театр аҳамҭа ананашьеит
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»ахаҭарнакцәа «Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи» рзы Аҟәатәи аҟәша Аиаара амш рыдырныҳәалеит
- Аҟәатәи ақәыҧшцәа рыҩны апроект «Апрофориентациа ацентр» афинанстә цхыраара аиуит афонд аҟынтә
- Аҟәа ақалақь абжьаратә школ №8 аматериалтә цхыраара аҭоуп
- Маркәылатәи абжьаратә школ ацхыраара аҭоуп
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Гәдоуҭа араион ҳамҭас иарҭеит акомпиутерқәа ҧшьба.
- Аҟәатәи ареабилитациатә центр акомпиутертә техника анашьоуп.
- Тҟәарчалтәи агәыҳалалра-ааглыхратә ҵараиурҭа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала акомпиутерқәа ҧшьба, ҳамҭас еиҭанашьоуп.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал араион ҳамҭас ианаҭеит акомпиутерқәа хәба
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҟәатәи араионтә библиотека акомпиутер ҿыц ҳамҭас ианаҭеит.
- Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ахәыҷқәа рреабилитациатә центр акомпиутертә комплектқәа ҩба ҳамҭас ианаршьеит.
- "Иҟәышу аклассӷәы" Аҧсны аҵареи аҭҵаареи рминистрра ианашьан.