Маи 21 –Кавказ ажәларқәа ргәаларшәара иамшуп

Иахьа, Аҟәа ақалақь, Ахақәиҭра ашҭаҿы ихацыркын мчымхарыла  ахырҵәара иақәыршәаз ҳауаажәлар ргәаларшәара амш. Уи иалахәын шәҩыла ауаажәларра, урҭ рхыҧхьаӡараҿы Нхыҵ-Кавказынтәи ҳашьцәа, аҳәынҭқарратәи, ауаажәларратәи еиҿкаарақәа, ҳтәыла араионқәа рҟынтәи ашкол хәыҷқәеи, арҵаҩцәеи. Анаҩс, еизаз зегьы абираҟқәеи ашәҭқәеи  рыманы, аҿар иркыз абыкь быжьқәа еигәныҩуа, амшын еиқәа аҿықә ахь шьапыла рҿынархеит. Уаҟа, амҳаџьырқәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аусмҩаҧгатә иалахәын Аҧсны    аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба зхадараҿы дыҟаз ҳтәыла анапхгара. 

Агәаларшәаратә мшы иазкыз амитинг аҟны иқәгылеит Аҧсны аҳәынҭқарра ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа,  И. Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис  Ҷолариа, ҳьынџьуаҩ Мамун  Маан, иара убас ажәеинраала даҧхьеит Иалса Аҭрышҧҳа. Еизаз алшара рыман, амилаҭтә библиотека еиҿнакааз ашәҟәқәа рцәыргақәҵа ахәаҧшра.

Иахьа, асааҭ 16:00 рзы, Аҧсуа хәынҭқарратә драматә театр аҿы иқәыргылахоит Рушьбеи Смыр ипоема «Симра».

Асааҭ 19:00 рзы, абаҟа аҿаҧхьа иалагоит ахәылҧазтәи апрограмма, иара убри аамҭазы раҧхьаӡа акәны иӡыргахоит агәаларшәара амш символра азызуа ацәашьы-Ашьамаҟа.

Асааҭ 20:30 рзы, амшын ихҵахоит ацәашьқәеи, ашәҭқәеи.

Иахьатәи аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаара алнаршеит  ауаажәларратә еиҿқаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», аҿар рхаҧшьгаратә гәыҧи. 

Subscribe to Syndicate