Маи 15 рзы, Адаҧазар имҩаҧысит Сақариатәи аҧсуаа ркультуратә хеидкыла.

Сақариатәи аҧсуаа ркультуратә хеидкыла еиҳабыс деиҭалхуп Орал Бганба.
Маи 15 рзы, Адаҧазар имҩаҧысит Сақариатәи аҧсуаа ркультуратә хеидкыла аҩбатәи аизара ду. Уи иалахәын Ҭырқәтәыла аҳәынқарра анапхгара рхаҭарнакцәа, Ҭырқәтәылатәи апарламент адепутат, хылҵшьҭрала иаҧсыуоу Енгин Ҭасқәач-иҧа, адиаспора ахаҭарнакцәа, аҧсуаа ркультуратә хеидкылақәа рфедерациа анапхгара, акультуратә центрқәа реиҳабацәа, Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакра абжьгаҩ Алиас Асабуа. Иара убас, Аҧснынтә аизара рхы аладырхәырц ааҧхьара рыҭан "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа. Аделегациа аилазаараҿы иҟан Аҧсны ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа, аҧсуара ахеилак анапхгаҩы Оқтаи Ҷкотуа, арепатриациеи адемографиеи рхеилак аиҳабы Сырма Ашәҧҳа.
Иазгәаҭатәуп, Сақариатәи аҧсуаа ркультуратә хеидкыла шаҧҵаз 2014ш. азы. Абри аамҭа иалагӡаны уи имҩаҧнагаз аусурақәа реихшьаала ҟаиҵеит ахеидкыла ахада Орал Бганба.
"Сақариатәи аҧсуаа рхеидкыла иалоуп 2000-ҩык аҧсуаа. Аҧхьаҟа ҳгәы иҭоуп 5000-ҩык рҟынӡа еизҳарҳарц. Урҭ зегьы Аҧсны атәылауаҩшәҟәы роуртә еиҧш аҭагылазаашьа рзаҧҵара ҳашьҭоуп. Иаҳҭахәуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада Ҭырқәтәылаҟа иааҧхьара. Ҳара ҳнапы злаку аусқәа зегьы, аҿар рыхдырра аҟынӡа анагара ҳҽазаҳшәоит. Урҭ ирдырроуп ҳабацәа, ҳабдуцәа имырӡкәа иахьа уажәраанӡа иаҳзааргаз аҧсуара, ҳкультура, ҳҵас, ҳқьабз закәу. Ҷыдала ҳрызҿлымҳауп Аҧснынтә ара аҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәа. Аҧсуаа политикала, економикала ҳаӷәӷәазароуп. Ҳаҧсадгьыл иазеиӷьу аусқәа рзы ҳамч-ҳалша еибаҳҭароуп"-иҳәеит Орал Бганба.
Анаҩс, ажәа змаз Ҭырқәтәылатәи апарламент адепутат Енгин Ҭаскәач-иҧа иқәгылраҿы дазааҭгылеитҬырқәтәыла инхо аҧсуаа, изланхо атәым милаҭ пату шрықәырҵо. Аҧсны ахьыҧшымра Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иазханаҵарц азы рыҽшазыршәо.
"Ҳарҭ аҧсуаа, иаҳхаҳгахьоу агәаҟра акырӡа ирацәоуп. Аҭоурых акыр ҳкыднаҟьахьеит. Аӡәы изы ацәгьара ҳашьҭам. Аҧсны, аҧсадгьыл, аҧсуа, аҧсшәа, аҧсуара-арҭ ажәақәа рыхшыҩҵак зегьы аеҵәақәа реиҧш алашара рхылҵуеит. Ҳарҭ доуҳала иӷәӷәоу жәларуп. Ҳҭоурыхтә ҧсадгьыл Аҧсны ҧшӡахь еснагь ҳалаҧш хоуп"-ҳәа азгәеиҭеит Енгин Папба.
Аизара иалахәыз Аҧсны Аҳәынҭқарра ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа, атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба ихьӡала, еизаз зегьы аизара нага рыдиныҳәалеит. Ирзеиӷьеишьеит агәамч, агәабзиара, аихьӡара дуқәа. Ирзеиҭеиҳәеит Аҧсны егьа аамҭа уадаҩ иҭагылазаргьы, аизҳазыӷьара амҩа ишану.
"Шьахәла иаадыруеит шәара шәыгәҭыхақәа, шәгәыӷрақәа зегьы шәыҧсадгьыл Аҧсынтәыла алахьынҵа, уи аҧеиҧш ишадышәҳәало. Шәара аҭоурых аӡыблареи, ахҭысқәа рыҧшатлакәи ирылганы иаажәгеит, ҳазегьы ҳаиларҵәаны ҳазмоу ҳаҧсуара абираҟ! Шьарда иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иаашәырҧшуа аҟәыӷаразы! Ирацәоуп ҳаҧхьаҟа ишьҭоу аусқәа, аҧсуа ҳәынҭқарра економикала, культурала ашьҭыхра, шәаргьы, ҳаргьы иаҳуалҧшьоуп. Нагӡара ақәзааит ҳаҧсадгьыл Аҧсынтәыла! Нагӡара ақәзааит Владислав Арӡынба ҳазқәиҵаз амҩа!"-ҳәа азгәеиҭеит Владимир Занҭариа иқәгылараҿы.
Владимир Занҭариа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуа ихьӡала, Сақариатәи аҧсуаа рхеидкыла ахада Орал Бганба аҟама ҳамҭас
ианеишьеит. Иара убас, Сенер Гогәуа, Сақариатәи ахеидкыла ахьӡала иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы еизаз дырзаҧхьеит, Аҧснынтә Сақариатәи ауниверситет аҿы аҵара зҵо Мрамза Ҷкотуаҧҳа.
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнак Оқтаи Ҷқотуа иқәгылараҿы дазааҭгылеит аҧсуаа ацәажәара зымҩа инышьҭаҵаны, аус ҩнапык ала иаҳкыр шакәу. Инарҭбааны еизаз иреилиркааит афонд имҩаҧнаго аусурақәа ртәы. Иҳәеит, Ҭырқәтәыла инхо аҧсуаа шаҟа еидгыло аҟара, Аҧсны иҟоу аҧсуаа убриаҟара рымч шыӷәӷәахо. Сақариатәи аҧсуаа рхеидкыла анапхгара, алахәцәа ҩышықәсатәи рус ахә ҳаракны ишьо, аҧхьаҟа ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит.
Аизара зхы алазырхәыз Ҭырқәтәылатәи апарламент адепутат Али Иҳсан Иауз иазгәеиҭеит, Ҭырқәтәыла инхо Кавказ ажәларқәа, ахәҭакахь ала аҧсуаа, изланхо ажәлар рҟны акыр пату шрықәу. Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы аҧхьагылара шаадырҧшыз.
"Сара хаҭала Аҧсны сцахьеит. Избахьеит аҧсуаа рынхашьа-рынҵышьа, рысасдкылара. Урҭ ирымоу абзиарақәа зегьы ус ажәала исзеиҭаҳәом. Шәара шәзықәшәаз ахҵәара даара иус бааҧсны ишәзыҟалеит. Аҭырқәа иҳәынҭқарра ашьақәыргыларзы ибзиахеит. Аҧсуаа ахаҵара рылоуп, еибашьцәа ӷәӷәақәоуп. Уи аҭоурых иадыруеит. Пату ҳазшәықәуп"-иҳәеит аҭырқәа депутат.
Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсны ахаҭарнак Инар Гыцба, Сақариатәи ахеидкыла ахьӡала, Анкарантәи иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы даҧхьеит ахаҭарнакра абжьгаҩ Алиас Асабуа.
Аизараҟны иқәгылеит иара убас, Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуаа ркультуратә центрқәа еидызкыло аҧсуа федерациа аиҳабы Аҳмеҭ Хапаҭ, ахеидкылақәа рнапхгаҩцәа, адиаспора ахаҭарнакцәа.
Аизара ахыркәшамҭаз иҟаҵан аихшьаала. Иаартыз абжьыҭирала, ҩаҧхьа Сақариатәи аҧсуаа ркультуратә хеидкыла еиҳабыс деиҭалхын Орал Бганба.
Аизара иалахәыз ҧсыуа ҵасла аишәа чара рзыҟаҵан, аҧсуаа ахьынхо Каиалар ақыҭан, Барцыцаа ргәараҭаҿы.

Subscribe to Syndicate