«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Очамчыратәи ареабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» зхы изамыхәо ахәыҷқәа рзы   Очамчыра араион иҟоу ареабилитациатә центр ҳамҭас иананашьеит акондицеонерқәа хәба.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» зхы иамыхәо ахәыҷқәа рзы   Очамчыра араион иҟоу ареабилитациатә центр ҳамҭас ианаршьеит акондицеонерқәа хәба, иара убас урҭ рышьақәыргыларазы ацентр иахыҧхьараӡалеит  аҧара.

 Ареабилитациатә центр аҧҵоуп  ақәыҧшцәа рыҩны абазаҟны. Уи напхгара алҭоит Селма Занҭариаҧҳа.

Ареабилитациатә центр  еиднакылоит, насгьы аус рыдырулоит  ДЦП, аутизм, Даун ачымазара уҳәа зыхьуа ахәыҷқәа.  Ацентр аҟны аус руеит зҧышәа ҳараку аҧсихологцәа, арҵаҩцәа, амассаж ҟаҵаҩцәа, ахәышәтәразы  афизкультура аҟазацәа,  иара убас асоциалтә усзуцәа, зхы иамыхәо ахәыҷқәа рҭаацәа атехникатә цхыраара рызҭо.

«Ас еиҧш иҟоу акциа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аус аднауылоит   агәабзиарахьчара иазку апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны. Гали Тҟәарчали иҟоу ареабилитациатә центрқәа, афонд ахьӡала аҧхьаҟа ацхыраара рыҭахоит»-ҳәа азгәалҭеит асоциалтә политика ахеилак анапхгаҩы Иулиа Гәымҧҳа.

Афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа иазгәалҭеит,  ари ахырхарҭа аусура афонд аҟны ахадаратә ҭыҧ шааннакыло, избанзар ахәыҷқәа ргәабзиара-ҳмилаҭ аҧхьаҟатәи аҧеиҧш ауп. 

Subscribe to Syndicate