Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гагра араион Бигәаа рҭаацәа рҿы

Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнак Мџьыҭ Гогәуеи, Гагра араион  аус зуа афонд ахаҭарнак Слава Сақаниеи, Гагра араион Колхида ақыҭа инхо ахшара рацәа змоу Бигәаа рҭаацәа ирҭааит. Афонд ахьӡала арҭ аҭаацәа ҳамҭас ирызнаган афатә ахьҭарҵо архьшәашәага, агазтә плита, аӡыршыга абак. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧхьаҟагьы ацхыраара рырҭалоит ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа» - ҳәа азгәеиҭеит Слава Сақаниа,  Бигәаа рыхшара рааӡараҿы аманшәалара рзеиӷьашьауа.

Subscribe to Syndicate