Сақариа администрациа ахада ихаҭыҧуаҩ Ажьиба Шьенаи Сақал «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» даҭааит

Аҧсны Аиааира амш ныҳәа зхы алазырхәыз Шьенаи Ажьиба, аамҭа ҧшааны «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» даҭааит. Афонд ахада Сенер Гогәуеи иареи реиҧылараҿы ирзааҭгылеит афонд аусушьеи, имҩаҧнаго апроектқәеи ртәы.  Афонд аусура ахә ҳаракны изшьаз Шьенаи Ажьиба, зхы иамыхәо ахәыҷқәа рыцхыраара аҧхьа инаргыланы, афонд имҩаҧнаго асоциалтә проектқәа ацхыраара  рыҭара дшазыхио иҳәеит. Аиҧылара ахыркәшамҭазы, Шьенаи Ажьибеи, уи  иҧшәма ҧҳәыси, Аҧсныи, афонд аусбарҭеи рҟны рбара агәахәа алызхыз Сенер Гогәуа, Сақариа апровинциа аиҳабы Хәсеин Авни  Џьошьи, администрациа ахада Зеқьи Ҭочоглу рыхьӡала аҳамҭақәа риҭеит. Иара убас, ҳаҭыр зқәу агубернатори, администрациа ахадеи, Аҧсны аҧшәмара рзыура ишазыхио азгәеиҭеит. Анаҩс, гәаларшәагас афотосахьақәа еицҭырхит. 

Subscribe to Syndicate