Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дранда аҳаблан

 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  имҩаҧнаго ахшара рацәа зааӡо аҧсуа ҭаацәарақәа  ирызку апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Дранда аҳаблан.  31ш. зхыҵуа Маврик Ҧачлиеи,  24ш. ирҭагылоу Илона Габелиаҧҳаи фҩык ахшара рааӡоит, ҩыџьа аҷкәынцәеи, ҧшьҩык аӡӷабцәеи: Марика, Иракли, Ельвира, Моника, Инал, Милена. Урҭ рахьтә иреиҳабу жәшықәса лхыҵуеит, иреиҵбу ҩымз.  Хҩык ашкол ахь иныҟәоит, хҩык аҩны иҟоуп. Аҭаацәа реиҳабы Маврик Ҧачлиа, аргыларақәа рҿы аус иуеит, убри ала ихшара рааӡара иҽазишәоит. Арҭ аҭаацәа рынхара-рынҵыраҿы ирыгу рацәоуп.  Убри азгәаҭаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Асида Инаҧшьҧҳа, Сырма Ашәҧҳа, Симон Агрба, Ҧачлиаа рҭаацәа аҳамҭақәа рыманы ирызнеит. Иаҳҳәозар: ателевизор, ахолодильник,  аӡәӡәага машьына, аҵеџь аҟынтә аӡы злахаргало анасос, ахәы ахьыҟарҵо апечка, ауада зладырҧхо уҳәа абзазаратә маҭәахәқәа маҷымкәа. 

Аҩны аҧшәма дыҟамызт, аусура дыҟан, аҧшәмаҧҳәыс лакәзар, лгәырӷьара ҳәаак амамызт, абас еиҧш агәыҳалалратә цхыраара ҟазҵо «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ахадареи, аусузцәеи ҭабуп ҳәа ралҳәеит.

Апроект «Аҧеиҧш» аус ауеит мызкахьы ҩынтә. 

Subscribe to Syndicate