«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Галтәи ареабилитациатә центр атренажиор-аҩратә мҩа ҳамҭас ианаҭеит.
11/08 2016
Иахьа, зхы изамыхәо ахәыҷқәа Галтәи рреабилитациатә центр иаҭааит Сенер Гогәуа хадас дызмоу «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа. Ареспублика ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭара иазку апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, афонд аусзуцәа Галтәи ареабилитациатә центр ҳамҭас ианаршьеит атренажиор-аҩратә мҩа, иара убас 25 нызқь мааҭ аҧара, ацентр ауадақәа руак аиҭашьақәыргыларазы.
Галтәи ареабилитациатә центр еиҿкаан хәышықәса раҧхьа, жәларбжьаратәи аиҿкаара World Vision ацхыраарала. Ҩышықәса инеиҧынкыланы ари ацентр аныҟәгара аиҿкаара ахахьы иагеит. Аҵыхәтәантәи хышықәса, ацентр аусура ахәҭак иадгылеит аҭыҧантәи администрациа. Ари ацентр аҟны ареабилитациа иахысуеит 96-ҩык ахәыҷқәа, ДЦП, аутизм, адаун чымазара змоу. Ахәыҷқәа аус рыдырулоит зҧышәа ҳараку аус азҟазацәа-аҧсихологцәа, алогопедцәа, абаҩырҵәыра дзырҟаҵо, амассажҟаҵаҩцәа.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, ареабилитациатә центр аусзуцәа агәра диргеит аҧхьаҟагьы ацхыраара шырзыҟарҵо.
«Афонд азҿлымҳара рынаҭоит згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа, аҧхьаҟагьы хымҧада ацентр излаҳалшо ала ахаҵгылара, адгылара аҳҭоит. Иаарласны ахәыҷқәа рыхәышәтәразы Ермантәылаҟа рышьҭра аҭагылазаашьа ҟалоит, ацентр аусзуцәа ракәзар, рҧышәа аизырҳаразы аҳәаанырцәҟа рдәықәҵара»-ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа.
Галтәи ареабилитациатә центр аиҳабы Маиа Кәакәасқьырҧҳа, афонд ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа ралҳәеит иаадырҧшыз агәыҳалалразы.
«Ҳарҭ ҳзы даараӡа аҵакы амоуп иҟашәҵаз ацхыраара. Жәларбжьаратәи аиҿкаара World Vision ареабилитациатә центрқәа ирызкны имҩаҧнаго аусура хнаркәшоит шықәсык анаҩс. Ҳара ацентр аусура аанымкылахарц азы, излеиқәҳархаша ахыҵхырҭақәа ҳаҧшаароуп, ирацәаҩуп уи ада ҧсыхәа змам, ацхыраара знаҭо ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара»-ҳәа азгәалҭеит Маиа Кәакәасқьырҧҳа.
- Ҭҟәарчал араион азы агәыҳалалратә цхыраара
- Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи ареабилитациатә центрқәа агәманитартә цхыраара рыҭоуп
- Ацхыраара рыҭоуп даҽа хҧа Аҧсны ареабилитациатә центрқәа
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» агәыҳалалратә акциа
- Гәдоуҭатәи Ареабилитациатә Центр "Асаркьал" ацхыраара аҭоуп
- Ареспубликатә реабилитациатә ценр ацхыраара аҭоуп
- Ашықсҿыцтәи акциа ақалақь Гәдоуҭа аҟны
- Очамчыра араион азы ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа
- Ашықәс ҿыц аныҳәа Аҟәатәи ареабилитациатә центр ахәыҷқәа рзы
- Ашықәс ҿыц аныҳәа амҩаԥгара иацырҵоит ақ. Гал аҟны
- Ашықәс ҿыцтәи аныҳәа ақ. Тҟәарчал Ахәыҷқәа рыҿиара ацентр аҟны
- ДЦП ачымазара апроблемақәа рзы аусуратә гәыҧ реилатәара.
- Аҧснынтәи аҳақьым-атравматолог Ермантәылаҟны иҧышәахысра.
- Ермантәылантәи аортопед Аԥсны аоперациақәа мҩаԥигоит
- Ахәыҷтәы реабилитациатә центр «Асаркьал» аҟны арҽеиратә усурақәа хыркәшоуп
- Ареспубликатə хəыҷтəы центр ацхыраара аҭоуп
- Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭазы аҳамҭа
- Ермантәылантәи ареабилитолог Аҧсны лҭаара хыркәшоуп
- Аинвалидцәа рзы арныҟәагақәа
- Аҧсны ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭоуп
- Ермантәылантәи Аҧсны иаан иҟоу ортопед х-операциак мҩаҧигеит
- Ермантәылантәи аҳақьым ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥигоит
- Ермантәылаҟа ишьҭуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа
- Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» зҳәаақәа ҧку аилазаара «Биофармеи» (ақ.Ростов) Ареспубликатә реабилитациатә центр агәыҳалалратә цхыраара рзыҟанаҵеит.
- Ареабилитациатә центрқәа ацхыраара рыҭоуп
- Аҟәатәи Ареспубликатә Реабилитациатә центр ацхыраара аҭоуп
- Апроект «Агәабзиара» аусура иацнаҵеит Очамчыра ақалақь аҟны
- Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аҧсны иаан иҟоуп
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчалтәи ареабилитациатә центр 100нызқь мааҭ азоунажьит
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҟәатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит
- Еревантәи ахәышәтәырҭаҿы аоперациа анаҩс, ахәыҷқәа ргәабзиара еиӷьуп.
- Ермантәылаҟа ҽыхәышәтәра идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа
- Галтәи ареабилитациатә центр аматериалтә цхыраара азыҟаҵоуп
- Апроект «Агәабзиара» аусура иацнаҵеит Очамчыра ақалақь
- Ермантәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рыдыркылоит
- Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчалтәи ареабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Очамчыратәи ареабилитациатә центр ацхыраара анаҭеит.
- Арҭ амшқәа рзы Аҧснынтә Ермантәылатәи Ареспубликахь ҽыхәышәтәра идәықәҵоуп ДЦП ачымазара змоу ҧшьҩык ахәыҷқәа.
- ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа раҧхьатәи агәыҧ, иахьа, Ермантәылаҟа амҩа иқәлеит аҽыхәышәтәразы.
- Анела Лакашьиаҧҳа лыхәышәтәразы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» 100 нызқь мааҭ аҧара азоунажьит.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҩны абзазаратә мыругақәеи, амедицинатә маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит.
- Ермантәылатәи аҳақьымцәа, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа ргәаҭарақәа мҩаҧыргоит Аҧсны.
- Зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә центр ацхыраара аҭоуп
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», Гьаргь Торчуа ихәышәтәразы афонд «Ашана» 200 нызқь мааҭ аҧара ахыҧхьанаӡалеит.
- Згәабзиара уашәшәыроу Лиана Догәзиа аҽыхәышәтәразы лассы Москваҟа амҩа дықәлоит.














.png)








