Апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Гагра араион Лӡаа ақыҭан

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гагра араион Лӡаа ақыҭан абжьаратә школ 70 нызқь мааҭ рыхә аспорттә маҭәахәқәа анашьан. Иаҳҳәозар:  аҧкьаҭымпылтә стол, аракеткақәа, анапылампылқәа, ашьапылампылқәа, амҵәышәымпылқәа, анапылампылтә сеҭкақәа  уҳәа хкы рацәала аспорт аусхк аҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәа.

Лӡаатәи абжьаратә школ ҩышықәса рнаҩс 120 ш. ахыҵуеит, Аҧсны ижәытәӡатәиу ашколқәа иреиуоуп.  Ашкол аҟны 64-ҩык аҵаҩцәа аҵара рҵоит, 11 класс хаҭәаан иҟоуп, маҭәарцыҧхьаӡа арҵаҩцәа аус руеит.  Убарҭқәа зегьы азгәамҭакәа, ашкол ашә аркра амҩа ихықәгылан, аха арҵаҩцәеи ақыҭауааи ирыбзоураны, уи залыршамхеит. Ашкол ахыбра акапиталтә ремонт аҭахуп, акәша-мыкәша иҟоу ашҭа ҭбаауп,  анападкылара аҭахуп, ахәыҷқәа аспорттә дәы рымам.

«Ҳара ҳашкол аҭоурых ду амоуп, убри аҟынтә уи  аиқәырхара ҳашьҭоуп.  Аҵаратә процесс иреиҳау аҩаӡараҟны имҩасуеит, арҵаҩратә еилазаара акәзар,   аҧышәа ҳаракы амоуп.  Ақыҭа администрациа ҳацхраауеит, аха уи азхом. Ҭабуп ҳәа раҳҳәарц ҳҭахуп Сенер Гогәуа хадас дызмоу «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа, ҳашкол азҿлымҳара ахьарҭо, изызҳауа ҳхәыҷқәа ргәабзиареи , рааӡареи иахьадгыло»-ҳәа азгәалҭеит ашкол адиреқтор Еныкь Мимоза Шамел-иҧҳа.

«Ҳара ҳапроект «Агәамч» еизҳауа ҳҿар ргәабзиара ашьақәыргылара иазхоуп. Уи ашкол аҟынтә иалагатәуп, избанзар ахәыҷқәа раамҭа еиҳарак уоуп иахьырхырго. Убри аҟынтә ашколқәа ишақәнаго еиқәыршәазароуп.  Ҳара иаҳбоит шәышкол аҭагылазаашьа шаҟа иуадаҩу, убри азгәаҭаны 100 нызқь аҧара афонд ахьӡала ишәанаҳшьоит»-иҳәеит Сенер Гогәуа.

Subscribe to Syndicate