«Ани амаалықьи»

Всего осуществлено 10 проектов

Ԥхынгәы амзазы «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» раԥхьатәи апроект «Ани амаалықьи» хәышықәса ахыҵит.  Ари апроект хықәкыс иамоуп ан лыхшара иааӡараҿы ацхыраара лызҭо амаҭәарқәа рыла  леиқәыршәара.  Ас еиԥш  агәырӷьара ахьыҟалаз, асаби дахьиз аҭаацәара, афонд аҟынтәи ироуеит апроект «Ани амаалықьи» аҳамҭа.

Апроект «Ани амаалықьи» асаби -  Гостиев Лаван ианашьан ԥшьнызқьтәи аҳамҭа. Лаван ҳусбарҭа даҭааит иан  Вероника длыцны. Урҭ ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, анасыԥ лаша, аманшәалара.

Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭкарра асоциал-культуратә хаҧшьгаратә фонд ахы аланархәит ҳара ҳапроект «Ани амаалықьи», уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳамҭақәа рзаҳшоит ҿыц ииз ахәыҷқәа.
Пицунда ақалақь, Асоциал-культуратә хаҧшьгаратә фонд аусбарҭаҿы имҩаҧысит фымз иреиҳамкәа ахшара змоу аҭаацәарақәа аҳамҭақәа ранашьара.
Асоциал-культуратә хаҧшьгаратә фонди ҳареи ҳусеицзура иабзоураны еснагьтәи аҟазшьа аҭаны ари апроект аусура иацнаҵоит Гагратәи араион аҿы.

Уарча ақыҭа инхо Шьақаиа Ҭымыри, Габниаҧҳа Светланеи ахшара рацәа змоу аҧсуа  ҭаацәароуп. Иахьа, ари аҭаацәараҿы ҩаҧхьа гәырӷьаран. Диит а-13-тәи асаби, Мадлена хәыҷы.  Мадлена хәҩык аишьцәеи, быжьҩык аиҳәшьцәеи лымоуп: Санта, Саманта, Сабина, Сабрина, Саида, Саид, Сантана, Алексеи, Гудиса, Алмас, Амина, Леон.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго еснагьтәи апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҷыдала арҭ аҭаацәа рзы ирхиан аҳамҭа. Мадлена лыхьӡала еиқәыршәаз ашәыра еиднакылоит лара  лааӡараҿы лан лхы иалырхәаша амаҭәахәқәа, ацәымҳақәа инадыркны ашәҵатәқәа рҟынӡа.

Ҩышықәса раҧхьа аусура иалагеит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" еснагьтәи апроект "Ани амаалықьи". Апроект хықәкыс иамоуп ан лыхшара иааӡараҿы ацхыраара лызҭо амаҭәарқәа рыла леиқәыршәара. Ас еиҧш агәырӷьара ахьыҟалаз, асаби дахьииз аҭаацәараҿы, афонд ҳамҭас ирананашьоит ахәыҷы изы амаҭәа, иара убас ацәымҳа инаркны акосметикатә хархәагақәа рҟынӡа.

Апроект «Ани амаалықьи» аусура иацнаҵоит. Есҽны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭахь иаауеит аҧсуа ҭаацәарақәа, ҿыц зыҩнаҭаҟны ахшара дииз. Урҭ араҟа ирзыҧшуп ан лхәыҷы иааӡараҟны лхы иалырхәаша амаҭәахәқәа зҭоу ашәыра. 2017 ш. алагамҭа инаркны иахьа уажәраанӡа аҧсуа ҭаацәарақәа ҳамҭас ироухьеит 607 шәыра. Ҳара ҳгәырӷьара еизнарҳауеит  урҭ есааира рхыҧхьаӡара иахьацло!

​«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа  ҩынтәуп иаҭаауеижьҭеи  Гәниаа рҭаацәа.  Апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭаацәа реиҳабы Рустам Гәыниа, раҧхьа ииз ихәыҷы изы шықәсык аҧхьа иоухьан аҳамҭа, усҟан афонд аусуцәа ажәа риҭеит шықәсык анаҩс ҩаҧхьа  дшаауа, ус егьыҟалеит.  Иахьа, уи  инапы иаркын Амелиа Гәниаҧҳа хәыҷы лзы аҳамҭа.

 Ҳарҭ даара гәахәас иҟаҳҵоит ҳфонд  аҧсуа ҭаацәарақәа анаҭаауа, ҿыц ииз рыхшара рыхьӡала адныҳәалара аныҟаҳҵо, аҳамҭақәа анранаҳшьо. 

Абар уажәшьҭа, шықәсык ҵуеит апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, афонд, ҿыц ахшара дзауз ан лысаби иааӡараҿы лхы иалырхәаша ашәыра азнархиоижьҭеи.  Аҳамҭақәа заухьо аҧсуа ҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара, иахьа 1000 рҟынӡа инаӡеит. Урҭ аҭаацәа,  Аҟәа ақалақь инхо, Инал  Џьынџьали  Рафида  Амҷыҧҳаи  ракәхеит. Жәамш раҧхьа,  Џьынџьалаа рҭаацәараҿы диит аҵеи, Леон  Џьынџьал. Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҿы, арҭ аҭаацәара ирзыҧшын ирзымдыруаз агәырӷьаратә хҭыс.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа рзы иаҧнаҵаз апроект «Ани амаалықьи», ҳреспублика ахьынӡанаӡааӡо аларҵәара амоуп. Убас, Гәдоуҭа араион афонд ахаҭарнакцәа аҳамҭақәа рыманы иаҭааит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  инанагӡоит ҿыц ахшара зауз аҧсуа ҭаацәарақәа ирызкыу  апроект «Ани амаалықьи» аусура.  Ҩымчыбжьа ирылагӡаны, апроект аусура хацыркыуижьҭеи, Аҟәа араиони, Аҟәа ақалақьи рҟны инхо 70 ҭаацәара рнапаҿы ирыҭан аҳамҭақәа.  Иазгәаҭатәуп, ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны инхо аҧсуа ҭаацәарақәа зегьы ишрыҭахо аҳамҭақәа. Апроект аусура еснагьтәихоит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ихацнаркыз апроект «Ани амаалықьи» аусура иацҵоуп.  Абар уажәшьҭа ҩымшуп афонд ахьӡала, аԥсуа ҭаацәарақәа, ҿыц ахшара зауз,  рымаалықь иааӡараҿы рхы иадырхәаша аҳамҭақәа рнапаҿы ирырҭоижьҭеи.  Апроект иаҵанакуеит фымз ирҭымсыц ахәыҷқәа. Мҩамш!

Subscribe to Syndicate