Иҧсҭазаара далҵит аклассик хатәра, еицакра зқәым Фазиль Искандер
01/08 2016
87 ш. дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит Фазиль Искандер. Харҭәаашьа змам ацәыӡ, адунеитә культуреи алитературеи зышьҭамҭа ӷәӷәаны иалазгалаз, адунеи зегьы аҿы Аҧсны аӡыргара аҵак ду азҭаз, уи ашәага-зага ҵҩа амам.
Фазиль, аҧхарреи агәыҳалалреи аҵаны ҳҵаси, ҳкьабзи ирызкыз аҩымҭақәа инапы иҵихуан, ҳмилаҭтә ҟазшьа адунеи ажәларқәа ирылаирҵәон. Фазиль ирҿиамҭатә ҩымҭақәа ирыҧхьахьо, Аҧсныҟа ныҟәара амҩа дықәымларц залшом, араҟоуп иҵаӷоу ауаатәыҩсатә еизыҟазаашьатә цәаҳәақәа ахьеиларсу, уи Фазиль даараӡа ибзианы идыруан.
Ҳара агәра ҳгоит, Фазиль иаҳзынижьыз ишьҭа, аҧхьаҟа аҿиара шаиуа, ишыӷәӷәахо. Фазиль ихьӡ, аҳаҭыр ҳаракы иаҧсахахьаз, аҧхьаҟагьы ацхыраара ҳанаҭоит ҳабзазареи ҳкультуреи рыхьчараҿы. Фазиль- ари ахьӡ акырӡа аҵакы амоуп: аҟәыӷара, аламыс,аҳалалра, нҵәара зқәым ауаҩытәыҩса ибзиабара.
Агәалсра ду ааҳарҧшуеит Фазиль Искандер иҧсҭазаара дахьалҵыз. Гәык-ҧсык ала ҳрыдышшылоит уи иуацәеи иҭынхацәеи.














.png)








