"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аусбарҭаҿы аиҧылара мҩаҧысит
07/10 2016
Иахьа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аусбарҭаҿы имҩаҧысит ауаажәларратә еиҿкаара "Амра 2014" ахаҭарнакцәеи, афонд аусзуцәеи реиҧылара. Ари аиҿкаара аус аднаулоит аҿкы чымазара ахэышэтэра иадҳәалоу апроектқәа, иара убас ацхыраара рынаҭоит Тҟәарчали Аҟәеи рраионқәа рҟы инхо зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау абыргцәа.
"Ҳара рыхәышәтәра ҳнапы рылакуп ӷәӷәала аҿкы чымазара зыхьуа ауаа. Егьырҭ ачымазцәа инарҷыданы урҭ рхыҧхьаӡара 40-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Иара убас, фатәылеи хәшәылеи еиқәҳаршәоит ҭынха дызмам 38-ҩык абыргцәа"-ҳәа азгәалҭеит "Амра 2014" адиреқтор Инга Гагәылиа.
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" асоциалтә ҟазшьа змоу апроектқәа аус рыднаулоит, ҷыдалаа амамзаара змоу ауаа. Аҧхьаҟа шәареи ҳареи аусеицура ҳазыхиоуп"-иҳәеит афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа.














.png)








